Филиппаа рахь 4:1—23

  • Акзаара, агәырӷьара, ииашоу азхәыцра (1—9)

    • «Акгьы хьаас иҟашәымҵалан» (6, 7)

  • Павел филиппаа изыҟарҵаз аҳамҭақәа рзы ҭабуп ҳәа реиҳәоит (10—20)

  • Иажәа хиркәшоит, асаламқәа риҭоит (21—23)

4  Гәык-ԥсыкала бзиа избо сашьцәа, гәырӷьарас, ҳамҭас исымоу шәара шәоуп, даараӡа шәыгәхьаазгоит. Иҳақәиҭу* иҵаҩцәа реиԥш шәҽырӷәӷәаны шәыҟаз, акыр исзаԥсоу сашьцәа.  Ево́диагьы Синти́хиагьы срыҳәоит ирымоу аилибамкаарақәа рыӡбарц, Иҳақәиҭу имаҵзуҩцәа ишрықәнагоу еиԥш.  Гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ сыцызуа сашьа, суҳәоит, абарҭ аҳәса урыцхраа. Климе́нти егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи сывагыланы ажәабжь бзиа азы аџьабаа сыцырбон, урҭ рыхьӡқәа аԥсҭазаара ашәҟәы иануп.  Иҳақәиҭу имаҵ аныжәуа, еснагь шәгәырӷьала. Еиҭа исҳәоит: шәгәырӷьала!  Аҽанраалашьа шыжәдыруа* зегьы ирбарҭазааит. Иҳақәиҭу дааигәахеит.  Акгьы хьаас иҟашәымҵалан, Анцәа шәиҳәала. Иҭабуп ҳәа иаҳәо, гәҭыхас ишәымоу зегь аартны изеиҭашәҳәала, шәӷьаҵәыӷьаҵәуа шәиҳәала.  Усҟан ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра Христос ила шәгәи шәыхшыҩи* ахьчоит.  Убри аҟынтә, сашьцәа, еснагь шәазхәыцла иҵабыргу, ихадоу, ииашоу, ицқьоу, бзиа ибатәу, ибзианы изыхцәажәо, ибзиоу, арҽхәара иаԥсоу.  Сара сыла ишәҵаз, ишәыдышәкылаз, ишәаҳаз шәықәныҟәала, усҟан аҭынчра Анцәа дшәыцзаауеит. 10  Сара даараӡа сеигәырӷьоит еиҭа шәсызхәыцуа шәахьалагаз. Уи азы Иҳақәиҭу иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Шәара уаанӡагьы хьаас сшәыман, аха хьаас сышшәымоу сшәырбартә еиԥш алшара шәымамызт. 11  Акы саргәаҟуеит ҳәа акәым уи зысҳәо, сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит. 12  Амамзаарагьы закәу здыруеит, меигӡарахда ианумоугьы закәу здыруеит. Сзықәшәозаалакгьы, исымоу сзырхашьа сҵеит, сгәы анҭәугьы, амла санакуагьы, зегь ансымоугьы, акгьы ансымамгьы. 13  Амч сызҭо ибзоурала сара зегь схызгар сылшоит. 14  Аха шәара сгәаҟрақәа сыцеиҩышәшеит, уи азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. 15  Шәара, филиппаа, ижәдыруеит ажәабжь бзиа аншәаҳа, саргьы Македониантәи санца, шәара шәыда даҽа еизарак шысмыцхрааз, сара сыцхыраарагьы аӡәгьы ишидимкылаз. 16  Фессало́ника саныҟаз, шәара сзызгәаҟуаз знык акәым, ҩынтәгьы исзынашәышьҭит. 17  Аҳамҭақәа сырзыԥшуп ҳәа акәӡам, аха исҭахуп шәус бзиақәа еиҳагьы шәдырбеиарц. 18  Уажәы исҭаху зегь сымоуп, иагьымцхәуп. Епафроди́т ила иаашәышьҭыз соуит, акы саргәаҟуа сыҟам. Исзыҟашәҵаз зегьы афҩы хаа змоу Анцәа игәы иахәо акәырбан иаҩызоуп. 19  Амазара ду змоу Сынцәа иакәзар, Христос Иисус ила ишәҭаху зегь шәиҭоит. 20  Хьӡи-ԥшеи имазааит Ҳаб Ҳанцәа наӡаӡа, наунагӡа. Амин. 21  Асалам сызрышәҭ Христос Иисус иԥшьоу иҵаҩцәа зегьы. Исыцу аишьцәагьы асалам шәырҭоит. 22  Асалам шәырҭоит иԥшьоу зегьы, еиҳарак ацезарь иҩны иатәу. 23  Шәара аҟазшьа бзиақәа шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Албаагақәа

Ари ажәеинраалеи ажәеинраалақәа 2, 4, 5, 10 рҿи зыӡбахә ҳәоу Иисус иакәзар ауеит, ма Анцәа иакәзар ауеит.
Ма «Шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам».
Ма «шәхәыцрақәеи».