Римаа рахь 5:1—21

  • Христос ила Анцәеи ҳареи ҳаинышәеит (1—11)

  • Адам ила — аԥсра, Иисус ила — аԥсҭазаара (12—21)

    • Агәнаҳаи аԥсреи зегьы ирыхьӡеит (12)

    • «Уаҩ иашак иҟаиҵаз» (18)

5  Уажәшьҭа Анцәа ҳхаҵаразы ҳуаа иашақәаны ҳаниԥхьаӡа, Иҳақәиҭу Иисус Христос иаҳзыҟаиҵаз абзоурала Анцәеи ҳареи иҳабжьоу аҭынчра ҳалагәырӷьалар ҳалшоит.  Иисус иахь ахаҵара ахьааҳарԥшыз абзоурала ҳара иҳалшоит Анцәа ҳиҳәалар, насгьы иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ҳалагәырӷьалар. Ҳара ҳгәырӷьалоит, избанзар Анцәа аҳаҭыр ҳаҭәеишьоит ҳәа ҳгәыӷуеит.  Ҳара ҳгәырӷьалоит, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәогьы, избанзар ауадаҩрақәа ачҳара аарԥшны зегь ахгара иҳацхраауеит.  Ачҳара аарԥшны зегь анаҳхаҳго, Анцәа дҳаргәырӷьоит, Анцәа данҳаргәырӷьо, агәыӷра ҳауеит.  Ҳара уи агәыӷра шҳамаҵәҟьоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Анцәа иԥшьоу идоуҳала бзиа ҳшибо ааирԥшуеит.  Ҳара ҳанԥсыҽыз Анцәа иазалихыз аамҭазы Христос ауаа цәгьақәа рзы дыԥсит.  Аӡәы ауаҩ иаша ихы иқәҵара изымгәаӷьыр ҟалап, аха ауаҩ бзиа зхы иқәызҵо дҟаларгьы ауеит.  Аха Христос ихы анҳақәиҵаз ҳара агәнаҳа ҳаҵан. Убри алагьы Анцәа бзиа ҳшибо ҳирбеит.  Христос ишьа ҳара ҳзы икеиҭәеит, убри аҟынтә Анцәа уажәшьҭа ҳуаа иашақәаны ҳиԥхьаӡоит. Убри азы Анцәа игәыԥжәара анааирԥшуа амш ҳшацәынхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. 10  Ҳара Анцәа ҳиаӷацәан, аха Иԥа ҳара ҳзы данԥсы, Анцәеи ҳареи ҳаинышәеит. Уажәшьҭа, Иисус иԥсы анҭоу, ҳшеиқәхо еиҳагьы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар Анцәа ҳаинышәеит. 11  Иҳақәиҭу Иисус Христос ила Анцәа иаҳзыҟаиҵаз агәырӷьара ду ҳзаанагоит, избанзар уи ала Анцәеи ҳареи ҳаиҩызцәахеит. 12  Аӡәы заҵәык ихҟьаны адунеи агәнаҳа иаҵалеит, агәнаҳа аԥсра ахылҿиааит, убасала ауаа зегьы аԥсра рыхьӡеит, избанзар зегьы агәнаҳа иаҵалеит...* 13  Ауаа азакәан роуаанӡагьы адунеи аҿы агәнаҳа ыҟан. Аха азакәан аныҟам, ауаа агәнаҳазы ахарагьы рыдлом. 14  Ус шакәугьы, Адам инаиркны Моисеи иҟынӡа, Адам иҟаиҵаз агәнаҳа аҩыза ҟазымҵаз рҿгьы аԥсра аҳра ауан. Адам ԥыҭрак ашьҭахь иаараны иҟаз диеиԥшын. 15  Аха Анцәа иҳамҭа Адам игәнаҳа иеиԥшӡам. Аӡәы игәнаҳа иахҟьаны имаҷҩымкәа ауаа ԥсит. Аха аӡәы — Иисус Христос — ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз абзоурала Анцәа ҳара ҳахь ҳзыԥсам ақьиара ааирԥшит, аҳамҭагьы ҳаиҭеит. Уи аҳамҭа Адам игәнаҳа аасҭа акырӡа еиҳауп. Уи ала Анцәа ацхыраара зиҭо рацәаҩуп! 16  Анцәа иҳамҭеи аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳаи злеиԥшым даҽакгьы ыҟоуп. Гәнаҳак иахҟьаны зегьы ахара рыдлеит, аха Анцәа иҳамҭа иабзоураны, агәнаҳа шырацәазгьы, ауаа ахара здым ракәны иԥхьаӡахеит. 17  Аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳа иахҟьаны аԥсра аҳра аура иалагазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, аӡәы — Иисус Христос — ила Анцәа ҳзыԥсам ақьиара ззааирԥшыз, насгьы уаа иашақәаны иԥхьаӡахарц азы аҳамҭа зиҭаз шынхало, аҳрагьы шыруло! 18  Аӡәы игәнаҳа иахҟьаны ауаа зегьы ахара рыдуп ҳәа иԥхьаӡахазар, уаҩ иашак иҟаиҵаз иабзоураны еиуеиԥшым ауаа* уаа иашақәаны иԥхьаӡахоит, аԥсҭазаарагьы роуеит. 19  Аӡәы Анцәа дахьизымӡырҩыз азы, агәнаҳа иаҵалаз рацәаҩхазар, аӡәы Анцәа дахьизыӡырҩыз азы, уаа иашақәаны иԥхьаӡахо рацәаҩхоит. 20  Анцәа ауаа азакәан зриҭаз шаҟа игәнаҳаз дирбарц азоуп. Аха ауаа агәнаҳақәа рацәаны ианыҟарҵоз, Анцәа еиҳагьы изыԥсам ақьиара ааирԥшуан. 21  Избан? Агәнаҳаи аԥсреи аҳра шыруаз еиԥш, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарагьы аҳра ауларц азы, насгьы Анцәа ауаа уаа иашақәаны иԥхьаӡарц азы. Уи зегь зыҟаҵаз ауаа Иҳақәиҭу Иисус Христос ила наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азоуп.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәнаҳа ҟарҵеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ауаа зегьы».