2 Тимофеи иахь 2:1—26

  • «Сара сҟынтә иуаҳаз... узықәгәыӷыртә иҟоу ауаа идырҵа» (1—7)

  • Павел ажәабжь бзиа азы агәаҟрақәа ихигоит (8—13)

  • Аҵабырг ажәа ауаа ииашаны идырҵала (14—19)

  • «Ақәыԥшра иацу агәаҳәарақәа уҽырцәыхьчала» (20—22)

  • Павел Тимофеи аҿагылаҩцәа рҿаԥхьа ихы шымҩаԥигалаша иеиҳәоит (23—26)

2  Сыҷкәын, Христос Иисус иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиарала анаҩсгьы уҽырӷәӷәала.  Сара сҟынтә иуаҳаз, имаҷҩымкәа ашаҳаҭцәа ишьақәдырӷәӷәаз, узықәгәыӷыртә иҟоу ауаа идырҵа. Усҟан даргьы уи егьырҭ иддырҵартә иҟалоит.  Христос Иисус ируаҩ бзиа иеиԥш ауадаҩрақәа рыхгара уазхиаз.  Аруаҩ аԥара арҳара* далагаӡом, избанзар иара ииҭаху арратә маҵзурахьы дыздызкылаз игәы аҟаҵара ауп.  Аицлабра иалахәугьы аҳамҭа* иоуӡом, аԥҟарақәа дрықәымныҟәозар.  Имаашьаӡакәа адгьыл иқәаарыхуа анхаҩы илеиҵаз иаанаго аҽаҩра агьама раԥхьа иара ибароуп.  Есымша сажәақәа урызхәыцла. Иҳақәиҭу уи зегьы аилкаара дуцхраауеит.  Иухоумыршҭын Иисус Христос иԥсы шҭалаз, насгьы Давид ишьҭра дшатәыз, убри ауп ауаа ирыласҳәо ажәабжь бзиа зызкугьы.  Уи ажәабжь азоуп агәаҟрақәа зысхызго, насгьы ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш абахҭа сызҭаку, аха Анцәа иажәа зынџьырла* иузышьаҳауам. 10  Убри азы сара Анцәа иалихыз раҳаҭыр азы ачҳара аарԥшны зегь схызгоит, даргьы Христос Иисус ила еиқәхарц, насгьы наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша роурц. 11  Абарҭ ажәақәа рыгәра угартә иҟоуп: иара даныԥсуаз ҳицыԥсызар, ҳагьицынхалоит, 12  ачҳара аарԥшны зегь ҳхаҳгозар, аҳрагьы ицҳаулоит, мап ицәаҳкыр, иаргьы мап ҳцәикуеит. 13  Ҳара ҳажәа наҳмыгӡозаргьы, иара иажәа наигӡалоит, избанзар ихы дзаҿагылаӡом. 14  Убри атәы ргәаларшәала, Анцәа иҿаԥхьа ираҳәала ажәақәа ирыхҟьаны аимак-аиҿакқәа шьҭырымхларц, избанзар урҭ аимак-аиҿакқәа хәарҭа рылам, ирзыӡырҩуагьы ирԥырхагоуп. 15  Анцәа игәы иахәо уаҩны уҟаларц азы иулшо зегь ҟаҵала, аҵабырг ажәа ауаа ииашаны идзырҵо, ҽԥныҳәа змам усуҩны уҟаларц азы аџьабаа бала. 16  Ҵакы змам, Анцәа ихьӡ лазырҟәуа ацәажәарақәа уҽырцәыхьчала, избанзар урҭ ацәажәарақәа ирыхҟьаны Анцәа длазырҟәуа аусқәа еиҳа еиҳахоит. 17  Урҭ ацәажәарақәа агангрена еиԥш ауаа ирылаҵәалоит, Гимене́ии Фили́ти урҭ ацәажәарақәа ауаа ирылазырҵәо иреиуоуп. 18  Дара аҵабырг иацәхьаҵит, аԥсҭалара ҟалахьеит ҳәагьы рҳәоит, убасала шьоукы рхаҵара рыцәдырӡуеит. 19  Аха Анцәа ишьҭеиҵаз ашьаҭа шыӷәӷәац иӷәӷәоуп, абарҭ ажәақәа зну амҳәыргьы аархоуп: «Иегова* иара иитәқәоу идыруеит», иара убас «Иегова ихьӡ иақәгәыӷуа зегьы ацәгьара мап ацәыркааит». 20  Аҩн ду аҿы ахьи араӡни ирылху ачысмаҭәа мацара акәӡам иҟоу, амҿи анышәаԥшьи ирылхугьы ыҟоуп. Чысмаҭәақәак аныҳәақәа* ирызкуп, егьырҭ — есыҽны рхы иадырхәоит*. 21  Есыҽны рхы иадырхәо ачысмаҭәа иеиԥшу ауаа зҽырцәызыхьчо, аныҳәақәа раан рхы иадырхәо ачысмаҭәа деиԥшхоит. Иара дыцқьахоит, дызтәу изы дхәарҭахоит, аус бзиақәа дырзыҟаҵазаауеит. 22  Убри аҟынтә ақәыԥшра иацу агәаҳәарақәа уҽырцәыхьчала. Иҳақәиҭу гәыкала иқәгәыӷуа урывагыланы, Анцәа игәы иахәо аусқәа рыҟаҵареи, ахаҵареи абзиабареи раарԥшреи, аҭынчра ахьчареи уашьҭаз. 23  Уи адагьы, уаҩ хәарҭа изаазымго, ҵакы змам ацәажәарақәа уҽырцәыхьчала, избанзар урҭ аимак-аиҿак ахь укылыргоит. 24  Иҳақәиҭу имаҵуҩы аимак-аиҿак иҽацәихьчалароуп, зегьы рзы дҟәымшәышәзароуп, арҵара дазҟазазароуп, ииашамкәа ианизныҟәо, аҽынкылара ааирԥшлароуп, 25  аҿагылаҩцәа хаала имҩақәиҵалароуп, избанзар Анцәа урҭ ахьхәырц, насгьы аҵабырг иазку ииашоу, иҵаулоу адыррақәа дырҳарц азы алшара риҭар ҟалоит. 26  Усҟан дара рхы аҭыԥ аҿы иааиуеит, Аџьныш ииҭаху дирҟаҵаларц азы рыԥсы шҭоу икны ишимазгьы еилыркаауеит, ишьаҳаны измаз ишьацҳәагьы иацәцоит.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «анхамҩатә усқәа рынагӡара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәыргьын».
Аиха иалху аҿаҳәага.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «ҳаҭыр зқәу аусқәа».
Ма «ҳаҭыр зқәым аусқәа рзы рхы иадырхәоит».