1 Коринфаа рахь 1:1—31

  • Павел аԥсшәа иҳәоит (1—3)

  • Коринфаа рзы Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит (4—9)

  • Коринфаа акзаара рыхьчаларц ргәазҭеиҵоит (10—17)

  • «Анцәа имчи иҟәыӷареи Христос ила иааирԥшит» (18—25)

  • «Аӡәыр дыҽхәозар, Иегова дихыҽхәалааит» (26—31)

1  Анцәа иҭахны Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павели, ҳашьа Сосфе́ни ҳҟынтә  Кори́нф иҟоу Анцәа иеизарахь асаламшәҟәы сыҩуеит. Анцәа шәара шәыцқьаны шәыҟазарц азы шәалихит, Христос Иисуси шәареи аӡәк иеиԥш шәҟалеит. Иара убас ирзызыҩуеит егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхо, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡ иақәгәыӷуа зегьы. Даргьы ҳаргьы иҳақәиҭу иара иоуп.  Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иҳарҭо аҭынчреи иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи шәыгымзааит.  Сара есымша Сынцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, Христос Иисус ила шәара шәахь ҳзыԥсам ақьиара ахьааирԥшыз азы.  Христос ила шәара зегь шәоуит, Анцәа иажәа ибзианы еилышәкааит, уи ауаа ибзианы ирзеиҭашәҳәартә еиԥшгьы шәҟалеит,  Христос изку ажәабжьгьы гәыкала агәра жәгеит.  Убри аҟынтә шәара зегь шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос имч анааирԥшуа амш шәазыԥшнаҵы ак шәыгхарангьы шәыҟаӡам.  Анцәа аҵыхәтәанынӡа шәирӷәӷәалоит, Иҳақәиҭу Иисус Христос имш анааиуа, аӡәы ишәхареиҵо ҳәа акгьы имоурц азы.  Анцәа еснагь иажәа наигӡоит. Иара шәалихит, Иԥа Иҳақәиҭу Иисус Христоси шәареи аӡәк иеиԥш шәыҟазарц азы. 10  Сашьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала сшәыҳәоит: ишәҳәо ак акәыз, хазы-хазы шәҽеиҩышәымшалан, аӡәк иеиԥш хәыцшьак шәымаз. 11  Сара Хло́иа лыҩнаҭа иатәу рҟынтә исаҳаит шәыбжьара аимак-аиҿак шыҟоу. 12  Шәара ишәҳәоит: «Сара Павел иҵаҩ соуп», «Сара — Аполло́с», «Сара — Ки́фа*», «Сара — Христос». 13  Христос иеизара гәыԥ-гәыԥла аҽеиҩнашама? Павел иоума шәара шәзы ашьаҟа икыдҵаны иршьыз? Павел ихьӡала аума аӡы шәыҽшӡаашәхыз? 14  Анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәоит Кри́спи Га́ии рыда аӡәгьы шәахьӡаасымхыз. 15  Сыхьӡала шәыҽӡаашәхит ҳәа аӡәгьы ишәызҳәом. 16  Аиеи, Стефа́н иҩнаҭа иатәугьы ӡаасхит, уаҳа иӡаасхыз ҳәа аӡәгьы дысгәалашәом. 17  Христос сзалихыз ауаа ӡаасхларц азы акәӡам, ажәабжь бзиа рыласҳәаларц азоуп. Аха уи шрыласҳәалаша ажәа ҟәазқәа зҳәо реиԥш акәӡам, мамзар Христос ашьаҟаҿы баша дыԥсызшәа алҵуеит. 18  Аҭахара ззыԥшу рзы Христос ашьаҟаҿы дшыԥсыз иазку ажәабжь — гаӡароуп, еиқәхо ҳзы — Анцәа имч ауп. 19  Аҩыраҿы иаными «аҟәышра змоу рҟәышра рымысхуеит, ахшыҩ змоу — рыхшыҩ хьаас искӡом» ҳәа. 20  Дабаҟоу ари адунеи* аҿы иҟәышу? Дабаҟоу азакәанрҵаҩ? Дабаҟоу ахшыҩ узырҵо? Анцәа ари адунеи аҟәыӷара шгаӡароу ааимырԥшӡеи? 21  Ари адунеи иатәу ауаа зықәгәыӷуа рҟәыӷара ауп, убри азоуп Анцәа дзырзымдыруа. Анцәа иҟәыӷара ааирԥшит, ауаа гаӡараны ирыԥхьаӡо ажәабжь абзоурала уи агәра зго еиқәирхарц аниӡба. 22  Ауриацәа адыргақәа ирышьҭоуп, абырзенцәа — аҟәыӷара иашьҭоуп. 23  Аха ҳара ауаа ирылаҳҳәо ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Христос иӡбахә ауп. Уи ауриацәа зыхҟьашо хаҳәны дҟалеит, егьырҭ ажәларқәа ракәзар, иара изкны еиҭаҳҳәо гаӡараны ирыԥхьаӡоит. 24  Аха иалху ракәзар, ауриацәа реиԥш абырзенцәагьы, Анцәа имчи иҟәыӷареи Христос ила иааирԥшит ҳәа рыԥхьаӡоит. 25  Ауаа Анцәа иитәу гаӡароуп, иагьыԥсыҽуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аха уи дара раасҭа еиҳа иҟәыӷоуп, иагьыӷәӷәоуп. 26  Сашьцәа, шәара ижәдыруеит Анцәа шәанааиԥхьаз, шәыбжьара ишырацәамыз иуаа ҟәышқәоуп ҳәа ирыԥхьаӡоз, ишырацәамыз иӷәӷәаз, ишырацәамыз иуаа дуқәаз. 27  Аха Анцәа иалихыз ари адунеи аҿы игаӡақәоуп ҳәа ирыԥхьаӡо роуп, иҟәышу ирԥхашьарц азы, иалихыз иԥсыҽуп ҳәа ирыԥхьаӡо роуп, иӷәӷәоу ирԥхашьарц азы. 28  Анцәа иалихит ари адунеи аҿы уиаҟара иубарҭам, ауаа ираҭәарымшьо, акы иаԥсаны ирмыԥхьаӡо, дара рзы акыр иаԥсоу акы иаԥсамкәа иҟаиҵарц азы. 29  Уи зегь зыҟаиҵаз, иҿаԥхьа аӡәгьы дмыҽхәаларц азоуп. 30  Иара ибзоуралоуп зыԥсы ҳахҭынҵаны, агәнаҳа аҟынтә ахақәиҭра ҳазҭаз, Анцәа иҟәыӷара ҳзаазыртыз, ҳуаа иашақәаны, ҳуаа цқьақәаны ҳҟазҵаз Христос Иисуси шәареи аӡәк иеиԥш шәызлаҟоу, 31  Аҩыраҿы ишану еиԥш иҟаларц азы: «Аӡәыр дыҽхәозар, Иегова* дихыҽхәалааит».

Албаагақәа

Уи Пиотр ҳәагьы иарҳәон.
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.