Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Абиблиа шьаҭас измоу авидеонҵамҭақәа. Ихадоу аҵарақәа

Икьаҿу арҭ авидеонҵамҭақәа рҿы шәара ишәыԥшаауеит ихадоу абиблиатә зҵаарақәа рҭак, иаҳҳәап: изишазеи Анцәа адгьыл? Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу? Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?

Ишазма Адунеи?

Адунеи шшаз иазкны Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит. Аха ауаа уи ашәҟәы иану иашаӡам ҳәа рҳәоит, мамзаргьы мифуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Агәра угартә иҟоума Абиблиа иану?

Дыҟоума Анцәа?

Еилышәкаа Анцәа дшыҟоу агәра агара зҟәыӷароу.

Имоума Анцәа ахьӡ?

Анцәа атитулқәа рацәаны имоуп: Зегьзымчу, Ҳазшаз, Иҳақәиҭу. Аха иара ахьӡ имоуп, уи Абиблиаҿы 7 000-нтә инареиҳаны иуԥылоит.

Иҳалшома Анцәеи ҳареи ҳаиҩызцәахар?

Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа Ҳазшаз дызусҭоу аилкаара иашьҭан. Абиблиа Анцәа иҩызахара ҳацхраар алшоит. Ҳаиҩызара алагоит, Анцәа ихьӡ анеилаҳкаауа.

Дызусҭада Абиблиа автор?

Уи ауаа ракәызҭгьы изыҩуаз, Анцәа Иажәа ауп ҳәа ҳҳәар ҳалшома? Изтәыда уа иану ахәыцрақәа?

Иабантәиаадыруеи Абиблиа Анцәа иҟынтә шакәу?

Абиблиа автор Анцәа иакәзар, уи зеиԥшыҟам шәҟәызар ауп.

Изишазеи Анцәа адгьыл?

Адгьыл иааџьоушьаратәы иԥшӡоуп. Адгьыли Амреи иақәнагоу аҭыԥ рыбжьоуп, насгьы уи ишахәҭоу иахагьежьлартә еиԥш иҟоуп. Избан Анцәа ҳадгьыл ашаразы ирацәаны аџьабаа задибалаз?

Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?

Еилышәкаа иҟашәҵар шәылшо шәыԥсҭазаара аҵакы амазарц азы.

Иарбан ҭагылазаашьоу ирымоу иԥсхьоу?

Абиблиа агәра ҳнаргоит Лазарь иеиԥш иԥсхьоу ауаа рыԥсы анҭаҵахо аамҭа шыҟало.

Ауаа анԥслак ашьҭахь џьаҳаным игәаҟуама?

Абиблиаҿы иануп «Анцәа дыбзиабароуп» ҳәа. Иара ахаангьы ауаа рыгхақәа рзы иргәаҟрымызт.

Иисус Христос Дынцәоума?

Иаҳҳәар ҳалшома Иисус Христос Зегьзымчу Анцәа иоуп ҳәа? Мамзаргьы Иисуси Анцәеи аӡә ракәму?

Избан Иисус дзыԥсыз?

Абиблиа иаанарԥшуеит Иисус Христос иԥсра аҵак ду шамоу. Иамазма иԥсра ахықәкы?

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Иисус Христос ауаа ажәабжь анырзеиҭеиҳәоз, еиҳараӡак Анцәа Иаҳра далацәажәон. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иҵаҩцәа уи Аҳра ааирц Анцәа иҳәоит.

1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагеит

2 600 шықәса инареиҳаны раԥхьа Анцәа амчра змаз аҳ аԥааимбартә ԥхыӡ ала аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа иирбеит.

1914 шықәса раахыс адунеи даараӡа аҽаԥсахит

1914 шықәса инаркны адунеи аҭагылазаашьа еицәахеит, ауаагьы еиҳа иԥхасҭахеит. Ари зегь ишьақәнарӷәӷәоит «аҵыхәтәантәи амшқәа» ирызку абиблиатә ԥааимбаражәақәа рынаӡара ишаҿу.

Ҳахьирхәуама Анцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа рыла?

Аԥсабаратә рыцҳарақәа зхызгахьоу ҩыџьа аҳәса еиҭарҳәоит Абиблиа аҟынтә еилыркааз.

Избан Анцәа агәаҟрақәа заанимкыло?

Аӡәырҩы ауаа ргәы иҵхоит абри азҵаара: «Избан адунеи аҿы абриаҟара агәаҟрақәеи агәымбылџьбарареи зыҟоу?» Абиблиаҿы иану аҭак ҳгәы арҭынчыр алшоит.

Дырзыразума Анцәа адинхаҵарақәа зегьы?

Аӡәырҩы ргәы иаанагоит зыгәра уго хадаӡам ҳәа.

Иҭахума Анцәа асахьақәа ҳхы иархәаны ҳимҵахырхәалар?

Иҳацхраауама урҭ Анцәа изааигәахара?

Дырзыӡырҩуама Анцәа аҳәарақәа зегьы?

Аӡәы феида алигарц азы Анцәа диҳәозар? Аӡәы иԥҳәыс иҽеимкәа длызныҟәозар, аха анаҩс Анцәа азылԥхарақәа ииҭарц диҳәозар?

Дышԥазыҟоу Анцәа аҭаацәара алазаара?

Анцәа иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси насыԥ рымазарц. Абиблиаҿы иану алабжьарақәа аҭаацәара иалоу аӡәырҩы ирыцхрааит.

Апорнографиа — гәнаҳаума уи Анцәа иҿаԥхьа?

Иҟоума Абиблиаҿы ажәа «апорнографиа»? Еилаҳкаар шԥаҳалшо Анцәа апорнографиа дшазыҟоу?