Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 13:1—38

  • Иисус иҵаҩцәа ршьапқәа иӡәӡәоит (1—20)

  • Иисус дызҭиуа Иуда шиакәу дирдыруеит (21—30)

  • Аԥҟара ҿыц (31—35)

    • «Шәыбжьара абзиабара ҟалар» (35)

  • Иисус иҳәоит Пиотр Иисус дизымдыруашәа ҟаҵаны, мап шицәикуа (36—38)

13  Мшаԥныҳәа ааиаанӡагьы Иисус идыруан ари адунеи ааныжьны Иаб иахь ицара аамҭа шааз. Иара ари адунеи аҿы иҟаз иҵаҩцәа* бзиа ибеит, аҵыхәтәанынӡагьы бзиа ибон.  Иисус иапостолцәеи иареи уаххьа афара иаҿын. Аџьныш Си́мон иԥа Иуда Искарио́т игәы иҭаиршәхьан Иисус иҭира.  Иисус Иаб зегьы инапы ишаниҵаз, Анцәа иҟынтә дшааз, насгьы Анцәа иахь дышцо дырны,  астол дахыҵын, хыхьтәи имаҭәа ааишәихын, ампахьшьы иԥыреиҳәеит.  Уи ашьҭахь алагьан аӡы аниҭәалан, иҵаҩцәа ршьапқәа ӡәӡәаны, иԥыраҳәаз ампахьшьала арбара далагеит.  Иисус Си́мон Пиотр иҟынӡа даннеи, Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, сшьапқәа уӡәӡәарц угәы иҭоума?»  Иисус иҳәеит: «Иҟасҵо уажәы иузеилкааӡом, аха нас еилукаауеит».  Пиотр иҳәеит: «Сара ахаан сшьапқәа усырӡәӡәаӡом!» Иисус иҳәеит: «Исмыӡәӡәар, уареи сареи еицаҳзеилоу ҳәа акгьы ҟалаӡом».  Усҟан Си́мон Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, ус акәзар, снапқәагьы сшьапқәагьы ӡәӡәа, сыхгьы ҿышы». 10  Иисус ус иҳәеит: «Зҽызкәабаз ишьапқәа рыда ӡәӡәатәыс акгьы имаӡам, иара ихы инаркны ишьапы аҟынӡа дыцқьоуп. Шәаргьы шәыцқьоуп, аха ицқьамгьы дшәылоуп». 11  Дызҭиуаз дызусҭоу идыруан азоуп «ицқьамгьы дшәылоуп» ҳәа зиҳәаз. 12  Иҵаҩцәа ршьапқәа аниӡәӡәа ашьҭахь, Иисус хыхьтәи имаҭәа ишәиҵан, астол днахатәан, ус иҳәеит: «Ишәзыҟасҵаз закәу еилышәкаауама? 13  Шәара „Арҵаҩы“, насгьы „Иҳақәиҭу“ ҳәа сашәҳәоит, шәагьиашоуп: ус иагьыҟаҵәҟьоуп. 14  Сара, Ишәықәиҭу, Шәырҵаҩы, шәшьапқәа сыӡәӡәазар, шәаргьы аӡәи-аӡәи шәшьапқәа шәеибарӡәӡәалароуп. 15  Сара аҿырԥшы шәсырбеит, сара ишәзыҟасҵаз шәаргьы иҟашәҵаларц азы. 16  Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: амаҵуҩы иԥшәма иаасҭа деиҳаӡам, иаарышьҭыз даазышьҭыз иаасҭа деиҳаӡам. 17  Шәара уи жәдыруеит, убас ҟашәҵалар, насыԥ шәымазаауеит. 18  Сара зегь шәыӡбахә сҳәаӡом, сара иалысхқәаз здыруеит. Аха убас Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡароуп: „Сча зфоз дсаӷахеит*“. 19  Сара уи заа ишәасҳәоит, ианынаӡалак, Аҩыра зыӡбахә аҳәо сара шсакәу агәра жәгарц азы. 20  Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара исышьҭуа дыздызкыло саргьы сидикылоит, сара сыздызкыло саазышьҭызгьы дидикылоит». 21  Абри аниҳәа ашьҭахь игәы хьанҭахан, ус иҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит, шәуаӡәк сиҭиуеит». 22  Аҵаҩцәа зыӡбахә иҳәоз дызусҭоу рзеилымкаауа еиҿаԥшуан. 23  Иисус ивараҿы астол дицахатәан бзиа иибоз аҵаҩы. 24  Си́мон Пиотр уи дниҿаԥшын: «Зыӡбахә имада?» — ҳәа диазҵааит. 25  Иаргьы Иисус иҽааидҵаны диазҵааит: «Иҳақәиҭу, зыӡбахә умада?» 26  Иисус иҳәеит: «Ача асаан ианшьыланы изысҭо иоуп». Нас ача асаан инанишьылан, Си́мон Искарио́т иԥа Иуда ииҭеит. 27  Иуда ача анига, Аҩсҭаа ихы-игәы дҭалеит. Иисус Иуда ус иеиҳәеит: «Узлагаз ирласны инагӡа». 28  Аха астол иахатәаз рҟынтә аӡәгьы ус зиҳәаз изеилымкааӡеит. 29  Иуда аԥара зҭаз акәалаԥ ныҟәигон азы, шьоукы Иисус аныҳәазы иаҭаху аахә ҳәа иҳәаз џьыршьеит, ма аӷарцәа ак риҭарц иеиҳәеит ҳәа ргәы иаанагеит. 30  Иуда ача анига, иаразнак уантәи дцеит. Ихәлахьан. 31  Иуда данца, Иисус ус иҳәеит: «Уажәшьҭа ауаҩытәыҩса Иԥа хьӡи-ԥшеи иоуеит, Анцәагьы иара ила хьӡи-ԥшеи иоуеит. 32  Анцәа ихаҭа уи ахьӡ-аԥша ииҭоит, иаарласны дҳареикуеит. 33  Сҩызцәа*, еиҭа маҷк ауп сахьшәыцу. Шәара шәсышьҭазаауеит, аха аиудеиаа ишрасҳәахьаз еиԥш, уажәы шәаргьы ишәасҳәоит: „Сара сахьцо шәара шәызнеиӡом“. 34  Сара аԥҟара ҿыц шәысҭоит: аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала. Сара бзиа шәшызбо еиԥш, убас шәаргьы бзиа шәеибабала. 35  Шәыбжьара абзиабара ҟалар, зегьы ирдыруеит сҵаҩцәа шшәакәу». 36  Си́мон Пиотр ус дҵааит: «Иҳақәиҭу, уабацо?» Иисус иҳәеит: «Сара сахьцо уара уажәы усышьҭаланы узцаӡом, аха ԥыҭрак ашьҭахь уцоит». 37  Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу, избан уажәы сушьҭаланы ацара зсылымшо? Сара сыԥсгьы* ухҭынҵара сазхиоуп». 38  Иисус иҳәеит: «Уԥсы* сыхҭнуҵома? Аиашаҵәҟьа уасҳәоит: арбаӷь ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит».

Албаагақәа

Ма «иара иитәқәоу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьхәа шьҭихит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәыҷқәа».
Ма «сыԥсҭазаарагьы».
Ма «уԥсҭазаара».