Аатра 15:1—8

  • Быжь-рыцҳарак аазго быжьҩык амаалықьцәа (1—8)

    • Моисеии Асыси рашәа (3, 4)

15  Сара избеит ажәҩан аҿы зеиԥшыҟамыз даҽа хҭыс џьашьахәык. Избеит быжь-рыцҳарак аазгоз быжьҩык амаалықьцәа. Урҭ арыцҳарақәа аҵыхәтәантәи рыцҳарақәоуп, избанзар урҭ анынҵәалак, Анцәагьы игәыԥжәара аарԥшра даҟәыҵуеит.  Сара избеит асаркьа иалху амшын иеиԥшыз акы, уи амцеи иареи еилан. Иара убас избеит агыгшәыги, уи асахьеи, уи ахьӡ ахыԥхьаӡареи ириааиз. Урҭ асаркьа иалхыз уи амшын аҿы игылан, Анцәа иҩымаақәагьы ркын.  Дара Анцәа имаҵуҩы Моисеи иашәеи Асыс ашәеи рҳәон: «Шаҟа идуузеи, шаҟа иџьашьахәузеи уусқәа, Зегьзымчу Анцәа Иегова*. Наӡаӡатәи Аҳ, уара уусқәа урықәгәыӷыртә иҟоуп, иҟауҵо зегь иашоуп.  Иуцәымшәода уара, Иегова? Иҳаразымкуада ухьӡ? Уара заҵәык уоуп зыжәлар ирызиашоу. Ажәларқәа зегь ааины уара иуеихырхәоит, избанзар еилыркаауеит иарбан усзаалак ииашаны ишуӡбо».  Уи ашьҭахь сара избеит ажәҩан аҿы иҟаз аршаҳаҭга-қьалаҿы иԥшьоу аҭыԥ шаатыз,  уантәи быжь-рыцҳарак аазгоз быжьҩык амаалықьцәа дәылҵит. Ақәны иалхыз рымаҭәа пашәӡа, иҟәашкакараӡа иҟан, насгьы ргәышԥы аҟынӡа инаӡоз, ахьы иалхыз амаҟа ҟьаҟьақәа рымӷан.  Ԥшьҩык ахерувимцәа* руаӡәк урҭ быжьҩык амаалықьцәа ахьы иалхыз быжь-гәыблаак риҭеит. Урҭ агәыблаақәа наӡаӡа инхо Анцәа игәыԥжәарала иҭәын.  Усҟан иԥшьоу аҭыԥ Анцәа ихьӡ-иԥшеи имчи ирхылҵуаз алҩа ҩначит, быжьҩык амаалықьцәа иааргоз быжь-рыцҳарак ииасаанӡагьы аӡәымзар-аӡәы иԥшьоу аҭыԥ дзыҩналомызт.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.