Иаков исаламшәҟәы 1:1—27

  • Иаков аԥсшәа иҳәоит (1)

  • Ачҳара аарԥшны зегь зхызго насыԥ имоуп (2—15)

    • Аԥышәара иахысыз ахаҵара (3)

    • Ауаҩы Анцәа дзызиҳәо шиоуа агәра ганы диҳәалароуп (5—8)

    • Ауаҩы игәаҳәара агәнаҳаи аԥсреи рахь днанагоит (14, 15)

  • «Инаӡоу аҳамҭа бзиақәа хыхьынтәи ауп ишҳауа» (16—18)

  • Анцәа иажәа шәазыӡырҩла, иагьынашәыгӡала (19—25)

    • «Асаркьа ианԥшыло ауаҩы» (23, 24)

  • Анцәа ишиҭаху еиԥш ицқьаны имҵахырхәара (26, 27)

1  Анцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси рмаҵуҩы Иаков иҟынтә иԥсаҟьаны адунеи иалаԥсоу 12-ҩык аишьцәа ирхылҵыз ажәларқәа шәахь. Бзиара шәымаз!  Сашьцәа, еиуеиԥшым аԥышәарақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала,  избанзар шәара ижәдыруеит, шәхаҵара аԥышәара ианахысуа, ачҳара аарԥшышьа шышәҵо.  Аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшны зегь ахьышәхыжәго абзоурала шәара инаӡоу, зегь рыла ибзиоу, ак згым шәакәны шәҟалоит.  Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит.  Аха исиҭару-исимҭару ҳәа дымхәыцӡакәа, ишиоуа агәра ганы диҳәалааит, избанзар илакҩакуа ауаҩы амшын иаманы иқәу, зны анахь, зны арахь иаршәуа ацәқәырԥа даҩызоуп.  Ус иҟоу ауаҩы Иегова* иҟынтә ак иоуеит ҳәа дагьақәымгәыӷааит.  Иара ак аҟаҵара ззымгәаӷьуа, зны ас ҟазҵо, нас арс ҟазҵо уаҩуп.  Иӷару аиашьа Анцәа иҿаԥхьа дахьҳаракхаз деигәырӷьалааит*. 10  Амал змоу ауаҩгьы ахынраалара аарԥшышьа ахьиҵаз деигәырӷьалааит, избанзар амал змоу ауаҩы ашәҭ шыԥсуа еиԥш дыԥсуеит. 11  Амра ангылалак, аҭакар шоура иаблыз аҵиаа шҩо еиԥш, ашәҭгьы шкаԥсо еиԥш, амал змоу ауаҩгьы имал дшашьҭоу дыԥсуеит. 12  Насыԥ имоуп ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа зхызго ауаҩы. Иара урҭ анихигалак ашьҭахь, ҳамҭас аԥсҭазаара иоуеит, избанзар Иегова бзиа дызбо зегьы уи иақәиргәыӷит. 13  Аӡәы аԥышәара данақәшәо, Анцәа сԥишәоит ҳәа имҳәааит, избанзар Анцәа ацәгьарала дузԥышәаӡом, иаргьы ацәгьара дақәыршәаны аӡәгьы дԥишәаӡом. 14  Ауаҩы дԥызшәо, дагьхызхуа ихатә гәаҳәара ауп. 15  Игәаҳәара аныӷәӷәахалак, агәнаҳахь днанагоит, агәнаҳа аԥсрахьы днанагоит. 16  Бзиа избо сашьцәа, шәхы шәымжьалан. 17  Инаӡоу аҳамҭа бзиақәа хыхьынтәи ауп ишҳауа, избанзар урҭ ажәҩан аҿы иҟоу алашарбагақәа Раб иоуп иҳазҭо. Иара агага аҽшаԥсахуа еиԥш иҽиԥсахӡом. 18  Иҵабыргу иажәа агәра анаҳга, иара ҿыц ҳиртә иҟаиҵеит, избанзар ус иҭаххеит, ишамҭақәа рҟынтә раԥхьа иалихыз ҳакәны ҳҟаларц азы. 19  Бзиа избо сашьцәа, ижәдыруаз: ауаҩы еснагь аӡырҩра дазхиазароуп, ак аҳәара дахымыццаклароуп, иаразнакгьы игәы ԥымжәалароуп, 20  избанзар агәыԥжәара ауаҩы иԥырхагоуп Анцәа игәаԥхо аусқәа рыҟаҵара. 21  Убри аҟынтә гәамрас, цәгьарас иҟоу зегь рҟынтә шәҽышәрыцқьа, насгьы ахынраалара аарԥшны Анцәа илшәырша шәеиқәырхара зылшо иажәа шәгәаҿы илеиҵарц. 22  Анцәа иажәа нашәыгӡала, уи азыӡырҩра мацара азхоит ҳәа зхы зжьо шәреиԥшымхан. 23  Анцәа иажәа иазыӡырҩуа, аха иназмыгӡо асаркьа ианԥшыло ауаҩы диеиԥшуп. 24  Иара асаркьа данԥшылоит, аха дадҵны данцалак, иибаз иаразнак ихашҭуеит. 25  Ахақәиҭра узҭо инаӡоу азакәан ианԥшыло, уи иқәныҟәо, иаҳаз наигӡоит, ихашҭӡом. Ус ҟазҵо ауаҩы насыԥ имазаауеит. 26  Аӡәы Анцәа имаҵ зуеит ҳәа игәы иаанагозар, аха ибз изнымкылозар, ихы ижьоит, иҟаиҵогьы Анцәа изы акгьы аанагаӡом. 27  Ҳаб Ҳанцәа ишиҭаху еиԥш ицқьаны ҳимҵахырхәаларц азы аиаҭымцәеи аҳәсеибацәеи ҳрыцхраалароуп, насгьы адунеи аусқәа ҳаҽрылаҳамҟьашьлароуп.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дахыҽхәалааит».