2 Коринфаа рахь 4:1—18

  • Ажәабжь бзиа алашара (1—6)

    • Ахаҵара змам рыхшыҩ ырлашәуп (4)

  • Анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭоу ахазына (7—18)

4  Анцәа ҳара ҳахь арыцҳашьара аарԥшны уи амаҵзура ҳаҭәеишьеит, убри аҟынтә ҳгәы каҳажьӡом.  Ҳара маӡала иҟарҵо иԥхоушьаша аусқәа мап рцәаҳкит. Амц ҳҳәаӡом, гызмалра ҳалаӡам, Анцәа иажәа еицаҳкӡом. Ҳара аҵабырг аартуа, Анцәа иҿаԥхьа ауаа зегьы идҳарбоит* ииашаны ҳхы шымҩаԥаҳго.  Ауаа ирылаҳҳәо ажәабжь бзиа ҵәахызаргьы*, изыҵәаху иҭахо рзоуп,  ахаҵара змам рзоуп. Ари адунеи* анцәа урҭ рыхшыҩ ирлашәит, зеиԥшыҟам ажәабжь бзиа алашара рықәымԥхарц азы. Уи ажәабжь Анцәа иеиԥшу Христос изкуп.  Ажәабжь бзиа ауаа ианрылаҳҳәо, ҳаӡбахә акәӡам иаҳҳәо. Иаҳҳәо Иисус Христос Иҳақәиҭу шиакәу, иара убас ҳара Иисус иаҳаҭыразы шәмаҵуцәа шҳакәу ауп.  Избанзар Христос ила Анцәа изку зеиԥшыҟам адырра-лашарала ҳагәқәа зырлашаз «алашьцара аҟынтә алашара лашааит» ҳәа зҳәаз Анцәа ихаҭа иоуп.  Ҳара ари ахазына анышәаԥшь иалху амаҭәарқәа ирҭаҵаны иныҟәаҳгоит, ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч ҳара ҳакәымкәа, Анцәа ишитәу еилыкка иубарҭазарц азы.  Ҳара иааҳакәыршаны ԥсгаха ҳарымҭо зегь рыла иҳақәыӷәӷәоит, аха ҳакҿацалам*, иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳаҟоуп, аха ԥсыхәак ҳамам ҳәа узҳәом.  Иҳашьҭашәарыцоит, аха Анцәа дҳацуп, ҳаанижьӡом, ҳапҟаны ҳкарыжьуеит, аха ҳаԥсы ҭоуп. 10  Ҳахьцалакгьы, Иисус иеиԥш, еснагь аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит, Иисус иԥсҭазаара ҳаргьы ишҳаԥсҭазаароу ауаа ирбарц азы. 11  Ҳаԥсы шҭоугьы, Иисус ҳахьишьҭанеиуа азы есымша аԥсра алакҭа ҳҭаԥшуеит, Иисус иԥсҭазаара ҳаргьы ишҳаԥсҭазаароу ауаа ирбарц азы. 12  Убасала, ҳара ҳаҩныҵҟа аԥсра аус ауеит, шәара шәыҩныҵҟа — аԥсҭазаара. 13  Аҩыраҿы иануп: «Сара ахаҵара сыман, убри азоуп изысҳәоз». Ҳаргьы убри аҩыза ахаҵара ҳамоуп азоуп иаҳҳәо заҳҳәо, 14  избанзар иаҳдыруеит Иисус иԥсы ҭазҵаз ҳаргьы Иисус иԥсы шҭеиҵаз еиԥш ҳаԥсы шҭеиҵо, насгьы шәареи ҳареи уи иҿаԥхьа ҳаширгыло. 15  Уи зегь шәаҳаҭыразы ауп, Анцәа гәыҭбаарала иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара еиҳагьы еиҳахарц, избанзар Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо дҳаразкуа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит. 16  Убри аҟынтә ҳара ҳгәы каҳажьӡом, цәала-жьыла ҳажәуазаргьы, ҩныҵҟала есааира ҳҿыцхоит. 17  Ҳзықәшәо агәаҟрақәа ирласны ишиасуагьы, ишымариоугьы, урҭ зеиԥшыҟам ахьӡ-аԥша, наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша, ҳзааргоит. 18  Убри аҟынтә ҳалаԥш зықәку иаҳбо акәӡам, иаҳамбо ауп, избанзар иаҳбо аамҭалатәиуп, иаҳамбо наӡаӡатәиуп.

Албаагақәа

Ма «ауаа зегьы рыламыс иаҳарбоит».
Ма «ақәыршә ақәыршәзаргьы».
Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «ҳгәы каҳажьуам».