1 Пиотр 4:1—19

  • Христос иеиԥш Анцәа ииҭаху аҟаҵаразы шәынхала (1—6)

  • «Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит» (7—11)

  • Қьырсианк иаҳасабала агәаҟра (12—19)

4  Христос адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш данынхоз агәаҟрақәа ихигеит, убри аҟынтә шәаргьы иара иеиԥш ахәыцра шәазхиаз, избанзар агәаҟрақәа зхызго ауаҩы агәнаҳа аҟаҵара дшаҟәыҵыз ааирԥшуеит,  ауаҩ иеиԥш дынхонаҵы, иара ииҭаху акәымкәа, уажәшьҭа Анцәа ииҭаху ҟаиҵаларц азы.  Уаанӡа шәара ари адунеи аҿы ауаа иҟарҵо ҟашәҵон, ԥхашьарак шәыламкәа шәхы мҩаԥыжәгон*, шәгәаҳәара ҟьашьқәа шәрышьҭан, шәҽеиужьны, иаашәҭаху ҟаҵо, ифо-ижәуа шәеидтәалан, аҩы шәҽашәыршьуан, иаажәбо зегьы нцәахәыс иҟаҵаны шәрымҵахырхәон. Аха уажәшьҭа иазхоуп.  Дара иџьаршьоит уаҳа рус ҟьашьқәа ахьрыцҟашәымҵо, убри азы иҟоу зегь шәзырҳәоит.  Аха иаарласны аԥсцәеи абзацәеи рус зыӡбо иҿаԥхьа аҭак ҟарҵараны иҟоуп.  Убри азоуп аԥсцәагьы ажәабжь бзиа зрылаҳәаз, рыԥсы ҭаланы Анцәа идоуҳа ишрыҵанаҳәо еиԥш анхара иалагарц азы, ауаа зегьы ишрықәыӡбо еиԥш даргьы ишрықәыӡбогьы.  Иаарласны зегьы рҵыхәтәа ԥҵәоит, убри аҟынтә шәҟәышыз, Анцәа иҳәара шаҟа ихадоугьы шәхашәмыршҭлан.  Зегь раԥхьаӡа иргыланы, гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала, избанзар абзиабара аазырԥшуа еснагь анажьра дазхиоуп.  Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи рзы акгьы шәамеигӡалан, шәымгәамҵӡакәа агәыҭбаара аашәырԥшла*. 10  Шәара зегьы ҳамҭак-ҳамҭак шәоуит. Убри аҟынтә ишәоуз аҳамҭа шәхы иархәаны, Анцәа агәыҭбаара аарԥшны еиуеиԥшым аҳамҭақәа зиҭаз имаҵзуҩцәа реиԥш шәымаҵ еибаула. 11  Анцәа иажәабжь зҳәо ииҳәо Анцәа иажәабжь шакәу еилурго иҟазароуп, егьырҭ рымаҵ зуа иакәзар, Анцәа имч дақәгәыӷны рымаҵ иулароуп. Усҟан иҟашәҵозаалакгьы, Иисус Христос ила Анцәа дҳарашәклоит. Ахьӡ-аԥшеи амчи наунагӡа изтәу иара иоуп. Амин. 12  Бзиа избо сашьцәа, амца қьоуқьад иеиԥшу аԥышәарақәа шәахьрықәшәо џьашәымшьалан, уаҩ иимбац акы шәақәшәозшәа. 13  Уи аҭыԥан шәгәырӷьала, избанзар Христос ихигоз агәаҟрақәа роуп шәаргьы ишәхыжәго. Агәаҟрақәа шәанрықәшәо шәгәырӷьала, Христос ихьӡ-иԥша зегьы ианырбарҭахо еиҳагьы шәгәырӷьаларц азы. 14  Христос изы иҟоу зегь шәзырҳәозар, насыԥ шәымоуп, избанзар уи иаанарԥшуеит зеиԥшыҟам адоуҳа — Анцәа идоуҳа — шшәымоу. 15  Сара исҭахӡам ауаа зшьуа, иӷьычуа, ацәгьара зуа, ауаа рус зус алазҵо шьоук реиԥш шәгәаҟларц. 16  Аха аӡәы қьырсианк иаҳасабала дгәаҟуазар, уи дацәыԥхамшьааит. Анаҩсгьы қьырсианк иеиԥш, иԥсҭазаашьала Анцәа дҳареиклааит, 17  избанзар аӡбара аамҭа ааит. Уи Анцәа иҩнала иалагоит. Аӡбара ҳара ҳала иалагозар, ирзыԥшузеи, нас, Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа здызымкыло ауаа? 18  «Ауаҩ иаша аиқәхара изымариамзар, ирзыԥшуи, нас, Анцәа дыззымдыруеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи?» 19  Аӡәы Анцәа ииҭаху ахьыҟаиҵо азы дгәаҟуазар, Анцәа инапы иҽанҵаны, анаҩсгьы абзиара ҟаиҵалааит. Иара Ҳазшаз иоуп, ҳара уи игәра ҳгалар ҳалшоит.

Албаагақәа

Абырзен ажәа асе́лгеиа арацәа хыԥхьаӡараҿы. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа».
Ма «асасдкылара шәылаз».