1 Фессалоникаа рахь 5:1—28

  • Иегова имш (1—5)

    • «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» (3)

  • «Ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап» (6—11)

  • Павел аишьцәа иҟарҵалаша реиҳәоит (12—24)

  • Иажәа хиркәшоит, асаламқәа риҭоит (25—28)

5  Ҳашьцәа, аамҭеи аҿҳәареи ртәы аҩра аҭахым ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Шәара ибзианы ижәдыруеит Иегова* имш аӷьыч уахынла дшааиуа еиԥш ишааиуа.  Ауаа «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» — ҳәа анырҳәало аамҭазы иқәгахоит. Уи иаалырҟьаны иҟалоит, ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс лхьаақәа иаалырҟьаны ишцәырҵуа еиԥш. Убасҟан дара зеиқәхаӡом.  Аха шәара, аишьцәа, алашьцараҿы шәыҟаӡам, убри аҟынтә аӷьыч игәиҽанӡамкәа ашара шихьӡо еиԥш акәӡам уи амш шәара шәзы ишааиуа.  Шәара зегьы алашара аԥацәеи амш аԥацәеи шәоуп. Ҳара аҵхи алашьцареи аԥацәа ҳакәӡам.  Убри аҟынтә, шәааи, егьырҭ реиԥш ҳмыцәалап, уи аҭыԥан ҳҷаԥшьалап, ҳахшыҩгьы аус аҳарулап.  Избанзар ицәо уахынлоуп ианыцәо, изжәуагьы уахынлоуп иашьны ианыҟоу.  Ҳара амш аԥацәа ҳауп азы, шәааи, ҳахшыҩ аус аҳарулап, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәаҳҵап, аиқәхаразы агәыӷра ахыхьчага еиԥш иаҳхаҳҵап.  Анцәа ҳзалихыз игәыԥжәара ҳхигарц азы акәӡам, Иҳақәиҭу Иисус Христос ила ҳаиқәирхарц азоуп. 10  Иара ҳара ҳзы дыԥсит, ҳацәазаргьы* ҳацәамзаргьы, иара ҳицҟазарц азы. 11  Убри аҟынтә аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала, шәара ус иагьыҟашәҵоит. 12  Ҳашьцәа, ҳшәыҳәоит, шәыбжьара аџьабаа збо, Иҳақәиҭу имаҵ аураҿы напхгара шәзызуа, ишәылабжьо пату рықәышәҵала. 13  Ус еиԥш иҟоу еиҳагьы ҳаҭыр рықәышәҵала, иҟарҵо зегь азы бзиа ижәбала. Шәыбжьара аҭынчра ыҟаз. 14  Иара убас, аишьцәа, ҳшәыҳәоит, имӡырҩуа шәрылабжьала*, згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭышәхла, иԥсыҽу шәырӷәӷәала, зегь рахь ачҳара аашәырԥшла. 15  Ацәгьа шәзызуз ацәгьа изышәымун, шәыбжьара еснагь абзиара аҟаҵара шәашьҭаз, егьырҭгьы абзиарақәа рзыҟашәҵала. 16  Еснагь шәгәырӷьала. 17  Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала. 18  Зегьы рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. Убри ауп Анцәа Христос Иисус иҵаҩцәа рҟынтә дыззыԥшугьы. 19  Амца иаҩызоу Анцәа идоуҳа шәмырцәан. 20  Аԥааимбаражәақәа тәамбашақә шәырзымнеилан. 21  Зегь гәашәҭала, ииашоу-ииашаму еилышәкаала, еснагь ииашоу аҟаҵара шәашьҭаз. 22  Цәгьарас иҟоу зегь шәхы ацәышәыхьчала. 23  Аҭынчра Анцәа зегь рыла шәиԥшьааит. Ҳашьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос даныхынҳәуа, шәгәи, шәыԥси*, шәцәеижьи зегь рыла ибзиазааит, ицқьазааит. 24  Шәаазыԥхьаз уиқәгәыӷыртә дыҟоуп, иара ус иагьыҟаиҵоит. 25  Аишьцәа, ҳара ҳзы Анцәа иҳәара шәаҟәымҵын. 26  Аишьцәа зегьы гәыцқьала игәӡны аԥсшәа рашәҳәала. 27  Иҳақәиҭу ихьӡала акы иеиԥшымкәа сшәыҳәоит ари асаламшәҟәы аишьцәа зегьы шәырзаԥхьарц. 28  Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «аԥсра ҳҭанагаланы ҳацәазаргьы».
Ма «ргәырҽанышәҵала».
Ма «шәыԥсҭазаареи».