Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Коринфаа рахь актәи асаламшәҟәы

Ахқәа

1 2 3 4 5 6 7 8 9 10 11 12 13 14 15 16

Аҵакы

  • 1

    • Павел аԥсшәа иҳәоит (1—3)

    • Коринфаа рзы Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит (4—9)

    • Коринфаа акзаара рыхьчаларц ргәазҭеиҵоит (10—17)

    • «Анцәа имчи иҟәыӷареи Христос ила иааирԥшит» (18—25)

    • «Аӡәыр дыҽхәозар, Иегова дихыҽхәалааит» (26—31)

  • 2

    • Павел коринфаа Анцәа иажәа шырзеиҭеиҳәоз (1—5)

    • Анцәа иҟәыӷара адунеи аҟәыӷара аасҭа еиӷьуп (6—10)

    • Згәаҳәарақәа ирышьҭоу ауаҩи иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ҟазҵо ауаҩи (11—16)

  • 3

    • Коринфаа макьана ари адунеи иатәу ауаа иреиԥшуп (1—4)

    • Анцәа еизирҳауеит (5—9)

      • «Ҳара — Анцәа аус ицызуа ҳауп» (9)

    • Имбылуа аматериалқәа шәхы иашәырхәала (10—15)

    • Шәара Анцәа иныҳәарҭа шәоуп (16, 17)

    • «Адунеи аҟәыӷара Анцәа изы гаӡароуп» (18—23)

  • 4

    • «Амаҵуцәа рыԥшәма рнапы ианиҵаз аус гәыкала инарыгӡалароуп» (1—5)

    • Ақьырсианцәа рхы ҳараркӡом (6—13)

      • «Иԥшьоу Аҩыра иану шәахымԥалан» (6)

      • Ақьырсианцәа атеатр аҿы иқәгыло ирҩызоуп (9)

    • Павел абык иеиԥш дыззыҟалаз дрылабжьоит (14—21)

  • 5

    • Павел иаҳауеит аизараҿы аӡәы ламысдарала ихы шымҩаԥиго (1—5)

    • Маҷк аҵәыҵәыра амажәа зегь арҵәыҵәуеит (6—8)

    • «Ацәгьара ҟазҵо наҟ дшәылышәца» (9—13)

  • 6

    • Ақьырсианцәа аусӡбарҭахь ицаны еизашшуеит (1—8)

    • Аҳра збараны иҟам (9—11)

    • «Шәцәеижь ала Анцәа дҳарашәкла» (12—20)

      • «Асексуалтә ламысдара шәацәыбналала!» (18)

  • 7

    • Аҭаацәара иалами иалоуи рзы алабжьарақәа (1—16)

    • «Дасу Анцәа данааиԥхьаз дшыҟаз еиԥш даанхалааит» (17—24)

    • Аҭаацәара иалами аибацәеи (25—40)

      • Аҭаацәара аламзаара иунаҭо алшарақәа (32—35)

      • Аҭаацәара узыцалало Иҳақәиҭу иҵаҩ иакәзароуп (39)

  • 8

    • Павел анцәахәқәа ирызнарго афатә далацәажәоит (1—13)

      • «Ҳара ҳзы... даҽа Нцәак дыҟам» (5, 6)

  • 9

    • Павел апостолк иеиԥш имаҵзура шынаигӡо (1—27)

      • «Ацә аҿаԥа аҿоумҵан» (9)

      • «Шаҟа срыцҳаузеи, ажәабжь бзиа сымҳәозар!» (16)

      • «Зегьы рҟынӡа схы назгеит, зегьы сыҽраҟарастәит» (19—23)

      • Аԥсҭазаарахь ҳназго амҩаҿы аҽынкылара ааҳарԥшлароуп (24—27)

  • 10

    • Израильаа рҿырԥшы ҳгәаҳҽаннаҵоит (1—13)

    • «Аидолқәа шәрымҵамхырхәалан» (14—22)

      • Иегова истоли адемонцәа рыстоли (21)

    • Ахақәиҭреи егьырҭ рыламыси (23—33)

      • «Иҟашәҵо зегьы Анцәа дҳаранаклааит» (31)

  • 11

    • «Сара шәысҿыԥшла» (1)

    • Ахадара апринципи ахы аҵакреи (2—16)

    • Иҳақәиҭу иуаххьа (17—34)

  • 12

    • Иԥшьоу адоуҳа аҳамҭақәа (1—11)

    • «Ацәеижь хәҭа рацәала ишеибаркугьы, уи цәеижьк ауп» (12—31)

  • 13

    • Абзиабара — иреиӷьу мҩоуп (1—13)

  • 14

    • Аԥааимбарра аҳамҭеи абызшәақәа рыла ацәажәара аҳамҭеи (1—25)

    • Ақьырсиантә еизарақәа еиҿкааны имҩаԥыслааит (26—40)

      • Аизараҿы аҳәса ҭыԥс ирымоу (34, 35)

  • 15

    • Христос иԥсҭалара (1—11)

    • Аԥсцәа рыԥсы ҭамлозар, ахаҵара баша иааҳарԥшуеит (12—19)

    • Христос иԥсы ахьҭалаз аԥсҭалара шыҟало агәра ҳнаргоит (20—34)

    • Адгьыл иатәу ацәеижьи ажәҩан иатәу ацәеижьи (35—49)

    • Имԥсуагьы имбаауагьы (50—57)

    • Иҳақәиҭу иус аҿы аџьабаа рацәаны ижәбала (58)

  • 16

    • Иерусалимтәи ақьырсианцәа рзы аԥара еизыргоит (1—4)

    • Павел игәҭакқәа (5—9)

    • Тимофеии Аполлоси рыгәҭакқәа (10—12)

    • Алабжьарақәеи асаламқәеи (13—24)