Марк иҟынтә ажәабжь бзиа 1:1—45

  • Иоанн Аӡӡаахҩы Анцәа иажәабжь иҳәоит (1—8)

  • Иисус аӡы иҽӡааихуеит (9—11)

  • Аҩсҭаа Иисус дԥишәоит (12, 13)

  • Иисус Галилеиа Анцәа иажәабжь аҳәара далагоит (14, 15)

  • Раԥхьатәи аҵаҩцәа (16—20)

  • Иисус ауаҩы адемон дихицоит (21—28)

  • Иисус Капернаум имаҷҩымкәа ауаа ихәышәтәуеит (29—34)

  • Иисус аӡәгьы дахьыҟам аҭыԥ аҿы Анцәа диҳәоит (35—39)

  • Иисус ацәеилабаара змаз ахаҵа дихәышәтәуеит (40—45)

1  Анцәа Иԥа Иисус Христос изку ажәабжь бзиа алагамҭа.  Аԥааимбар Иса́иа ишәҟәаҿы иануп: «(Сара уара уаԥхьа ажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит, иара амҩа узааиртуеит).  Ацәҳәыраҿы аӡәы ибжьы ҭыганы иҳәоит: „Иегова* изы амҩа шәырхиа! Икаххаа иҟашәҵа!“».  Иоанн Аӡӡаахҩы ацәҳәыраҿы дыҟан. Иара ауаа рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз аадырԥшырц азы, насгьы урҭ ранажьхарц азы аӡы рыҽӡаархырц реиҳәон.  Иудеиа зегь аҟынтә ауаа, иара убас Иерусалим инхоз зегьы иара иахь инеиуан. Дара имӡаӡакәа, рыгәнаҳақәа аартны ирҳәон, Иоаннгьы урҭ Иордан аӡиас аҿы иӡааихуан*.  Иоанн амахҽ ахәы иалхыз аласа маҭәа ишәын, ацәа иалхыз амаҟа имӷан, асаранчеи абнацхеи ифон.  Иара иҳәон: «Сышьҭахь сара саасҭа еиҳау ааира даҿуп. Сара уи иеимаа аԥыртларагьы саԥсам.  Сара ӡыла ауп шәышӡаасхуаз, иара иԥшьоу адоуҳала шәӡааихлоит».  Урҭ амшқәа раан Иисус галилеиатәи ақалақь Назаретынтәи дааит. Иоанн уи Иордан аӡиас аҿы дӡааихит. 10  Иисус аӡы дшааҭыҵыз еиԥш ибеит ажәҩан шаатуаз, насгьы Анцәа идоуҳа аҳәыҳә аԥшра аманы иара иахь ишылбаауаз. 11  Ажәҩан аҟынтәгьы абас бжьык аагеит: «Уара бзиа избо, сыззыразу Сԥа уоуп». 12  Уи ашьҭахь иԥшьоу адоуҳа Иисус иаразнак ацәҳәырахь дагеит. 13  Уа иара 40 мшы ашәарах дрыланхон. Уаҟа Аҩсҭаа Иисус дԥишәон, аха амаалықьцәа имаҵ руан. 14  Иоанн абахҭа данҭарк ашьҭахь Иисус Галилеиаҟа дцеит. Анцәа иҟынтә ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо, 15  иара абас иҳәон: «Аамҭа ааит, Анцәа Иаҳрагьы ааигәахеит. Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, ажәабжь бзиа агәра жәга». 16  Галилеиатәи амшын аԥшаҳәа даваланы дышцоз, Си́мони Си́мон иашьа Андреии ибеит. Дара рыкаҭақәа амшын иаларыжьуан, избанзар иԥсыӡкыҩцәан. 17  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәсышьҭаланы шәаала, аԥсыӡкышьа шыжәдыруа еиԥш, ауаа ркышьагьы шәсырҵоит». 18  Даргьы иаразнак рыкаҭақәа ааныжьны, ишьҭалеит. 19  Ԥыҭк данынаскьа, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни ибеит. Дара анышь иақәтәаны акаҭақәа еиқәдыршәон. 20  Иисус урҭ шибаҵәҟьаз еиԥш, шәсышьҭаланы шәаала ҳәа реиҳәеит. Даргьы раб Зеведе́и иусуцәеи иареи анышь ишақәтәаз иныжьны, Иисус ишьҭалеит. 21  Дара Капернау́мҟа ицеит. Асабша анааи, Иисус асинагога дыҩналан, ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 22  Ажәлар идирҵоз шыдирҵоз иаршанхон, избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш ауп ишыдирҵоз, азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа. 23  Асинагогаҿы дыҟан адемон* дызхаԥаны иҟаз ауаҩы. Иара дыҳәҳәо ҿааиҭит: 24  «Назареттәи Иисус, иуҭахузеи ҳара ҳҟынтә? Ҳақәугарц азы аума узааз? Сара издыруеит узусҭоу — уара Анцәа иааишьҭыз иԥшьоу имаҵзуҩ уоуп!» 25  Аха Иисус уи диқәымчны ус иеиҳәеит: «Убжьы мыргакәа, абыржәыҵәҟьа уилҵ!» 26  Усҟан адемон* уи ауаҩ дԥаҭԥаҭуа дықәирхан, дхәаауа дилҵит. 27  Уи збаз зегьы даараӡа иџьаршьан, ус еибырҳәо иалагеит: «Изакәи ари? Иҿыцу ҵароума? Иара адемонцәа* рҿгьы амчра имоуп, даргьы ииҳәо ҟарҵоит!» 28  Убасала иӡбахә иаразнак Галилеиа зегь иахыҵәеит. 29  Асинагога иандәылҵ, Иисус Иакови, Иоанни, Си́мони, Андреии дрыцны, Си́мони Андреии рыҩныҟа дцеит. 30  Си́мон ианхәа амцашоура лыманы дышьҭан. Уи иаразнак Иисус иарҳәеит. 31  Иисус уи дахьышьҭаз дналыдгылан, лнапы кны диргылеит. Лымцашоурагьы иаразнак иаатәан, асасцәа рымаҵ аура далагеит. 32  Ахәылбыҽха, амра анҭашәа, ачымазцәеи адемонцәа зхаԥаны иҟаз ауааи изнаргеит, 33  аҩнашә аԥхьа ақалақь зегь еизеит. 34  Иара еиуеиԥшым ачымазарақәа змаз имаҷҩымкәа ауаа ихәышәтәит, адемонцәа зхицазгьы маҷҩымызт, аха адемонцәа иӡбахә аҳәара азин риҭомызт, избанзар дара Христос* шиакәыз рдыруан. 35  Ашьжьымҭан, ашара иалагаанӡа, иара дгылан, аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥ ахь дцан, Анцәа иҳәара далагеит. 36  Си́мон ицқәази иареи зехьынџьара Иисус иԥшаара иалагеит. 37  Данырыԥшаа, ус иарҳәеит: «Зегь ушьҭоуп». 38  Аха иара урҭ ус реиҳәеит: «Шәааи ааигәа ишьҭоу ақыҭақәа рахь ҳцап, уагьы ажәабжь бзиа сҳәарц азы, уи азоуп сара сзааз». 39  Иисус Галилеиа зегь дахысны, асинагогақәа рҿы ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон, адемонцәа зхаԥаны иҟаз ирхицон. 40  Ҽнак зны ацәеилабаара змаз хаҵак Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгыланы, дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәара далаган, ус иҳәеит: «Иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит». 41  Иисус уи ахаҵа даарыцҳаишьан, инапы неиҵыхны днаилакьысын, иҳәеит: «Исҭахуп! Убзиаха». 42  Ачымазаҩгьы иаразнак дыбзиахеит. 43  Аха ддәықәлаанӡа, Иисус уи инақәырӷәӷәаны ус иеиҳәеит: 44  «Ушысхәышәтәыз аӡәгьы иоумҳәан. Амала уцаны, аԥшьаҩы ухы ирба, Моисеи изакәан ишану еиԥш уахьыбзиахаз азгьы акәырбан наг, аԥшьаҩцәа ушыбзиахаз рбарц азы». 45  Аха ахаҵа Иисус дшааиԥырҵыз еиԥшҵәҟьа дцан, зегьы иҟалаз-шыҟалаз рзеиҭаҳәара далагеит. Уи иахҟьаны Иисус уаҳа аргама ақалақьқәа рахь дызнеиӡомызт, убри аҟынтә аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥқәа рҿы даангылон. Аха уеизгьы иара иахь ажәлар ахьынтәимаауаз арбану.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «иӡааишьуан».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».
Мамзаргьы иҟалап «дызусҭаз рдыруан».