Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аԥсра сҭахуп. Исыцхраар алшома Абиблиа, аҽшьразы ахәыцрақәа ансызцәырҵуа?

Аԥсра сҭахуп. Исыцхраар алшома Абиблиа, аҽшьразы ахәыцрақәа ансызцәырҵуа?

Абиблиа иану

 Ааи! Избанзар Абиблиа ҳазҭаз «згәы каҳаны иҟоу ргәы шьҭызхуа Анцәа» иоуп (2 Коринфаа 7:6). Абиблиа аԥсихикатә чымазарақәа ирызку ашәҟәы шакәымгьы, уи аҽшьразы ахәыцрақәа змаз аӡәырҩы ирыцхраахьеит. Уа иану ихәарҭоу алабжьарақәа шәаргьы ишәыцхраар алшоит.

 Иарбан ихәарҭоу лабжьарақәоу Абиблиаҿы иану?

  • Шәгәы иҵхо шәҳәала.

     Абиблиа иаҳәо. «Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит, иара арыцҳара аныҟало азы ииз иашьоуп» (Ажәамаанақәа 17:17).

     Уи иаанаго. Иҽеим ахәыцрақәа ҭаха ҳарымҭозар, аӡәы ацхырааразы ҳиҳәар бзиоуп.

     Ишәызцәырҵуа ацәаныррақәа аӡәгьы изеиҭашәымҳәалар, уи ишәзышьҭымхуа аидара хьанҭа иаҩызахар ауеит. Аха шәцәаныррақәа аӡәы ицеиҩышәшар, иҟалап ишәымоу ауадаҩрақәа даҽа ганкахьала шәрыхәаԥшыр.

     Алабжьара. Иахьа аӡәы шәиацәажәа, иаҳҳәап, шәҭаацәара иатәу аӡәы, ма ишәзааигәоу шәҩыза a. Иара убас шәгәы иҵхо ақьаад ианышәҵар шәылшоит.

  • Аҳақьым ацхырааразы шәиҳәа.

     Абиблиа иаҳәо. «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп» (Матфеи 9:12).

     Уи иаанаго. Ҳара ҳанычмазҩу, аҳақьым ицхыраара ҳаҳәароуп.

     Аҽшьразы ахәыцрақәа ҳазцәырҵуазар, уи иаанагозар алшоит аԥсихикатә ма аемоциатә чымазара шҳамоу. Ҳгәабзиара иадҳәалоу егьырҭ ачымазарақәа реиԥш, ари ачымазарагьы ҳазцәыԥхашьаша ак акәӡам. Аԥсихикатә, насгьы аемоциатә чымазарақәа ухәышәтәыр алшоит.

     Алабжьара. Аамҭа мгакәа аҳақьым ицхыраара шәаҳәа.

  • Анцәа хьаас шәышимоу шәхашәмыршҭлан.

     Абиблиа иаҳәо. «Хә-баӷырк ҩ-капеик ҳәа акәӡами ишырҭиуа? Аха Анцәа руакгьы ихашҭӡом. [...] Шәымшәан, шәара абаӷырқәа раасҭа еиҳа акыр шәаԥсоуп» (Лука 12:6, 7).

     Уи иаанаго. Анцәа шәыхә ҳаракны ишьоит.

     Шәара шәхы заҵәны ижәбалар алшоит, аха Анцәа ишәхыжәго зегь идыруеит. Аԥсҭазаара шәгәы ахшәаны иҟазаргьы, иара уеизгьы хьаас шәимоуп. «Сынцәа, уара зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз, згәы каҳаны иҟоу мап ицәукӡом», — аҳәоит Аԥсалом 51:17. Анцәа шәыԥсыр иҭахӡам, избанзар иара бзиа шәибоит.

     Алабжьара. Абиблиаҿы Анцәа бзиа шәшибо шьақәзырӷәӷәо рацәоуп. Иаҳҳәап, шәара шәаԥхьар шәылшоит ашәҟәы «Приближайся к Иегове», 24-тәи ахы.

  • Анцәа шәиҳәала.

     Абиблиа иаҳәо. «Шәгәы иҵхо зегь [Анцәа] инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7).

     Уи иаанаго. Анцәа иҭахуп шәгәы иҵхо зегьы аартны изеиҭашәҳәаларц.

     Анцәа илшоит агәҭынчреи амчи шәиҭар, анаҩсгьы шәыԥсҭазаара иацышәҵаларц азы (Филиппаа 4:6, 7, 13). Иара гәык-ԥсыкала иҳәо зегьы дрыцхраауеит (Аԥсалом 55:22).

     Алабжьара. Иахьа Анцәа шәиҳәа. Анцәа ихьӡ — Иегова — ҳәаны шәиҳәала, шәгәы иҵхогьы изеиҭашәҳәала (Аԥсалом 83:18). Шәиҳәала зегь ахгара дшәыцхраарц.

  • Абиблиа иаҳнаҭо ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазку агәыӷра шәазхәыцла.

     Абиблиа иаҳәо. «Уи агәыӷра ҳаԥсҭазааразы аԥырсал иаҩызоуп — уақәгәыӷыртә иҟоуп, иӷәӷәоуп» (Ауриацәа 6:19).

     Уи иаанаго. Шәгәалаҟазаара еснагь аҽахьаԥсахуа иахҟьаны, афырҭын ӷәӷәа аан аӡы иху аӷба шәақәтәоушәа шәхы жәбозар алшоит, аха Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра шәшьапы шәықәнаргылар алшоит.

     Уи агәыӷра лакәӡам. Уи шьаҭас иамоу Анцәа ахьааи агәаҟрақәеи зыхҟьо зегь шықәихуа ала иҳаиҭо ажәа ауп (Аатра 21:4).

     Алабжьара. Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра атәы еиҳаны еилышәкаарц азы шәаԥхьа аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», 5-тәи аурок.

  • Бзиа ижәбо уск шәнапы ашәыркы.

     Абиблиа иаҳәо. «Иҭгәырӷьаауа агәы — хәшәы бзиоуп» (Ажәамаанақәа 17:22).

     Уи иаанаго. Агәырӷьара ҳзаазго уск ҳнапы аналаку, ҳаԥсихикатә, насгьы ҳемоциатә гәабзиара еиӷьхоит.

     Алабжьара. Агәахәара шәзаазго ак ҟашәҵала. Иаҳҳәап, ишәгәаԥхо амузыка шәазыӡырҩы, шәгәы шьҭызхуа акы шәаԥхьа, ма ишәгәаԥхо даҽа уск шәҽазышәк. Иара убас аӡәы бзиарак анизыҟашәҵо, уи имаҷу ак акәзаргьы, агәырӷьара шәоуеит (Аусқәа 20:35).

  • Шәгәабзиара шәацклаԥшла.

     Абиблиа иаҳәо. «Абаҩрҵәыра... ахәарҭа [узаанагоит]» (1 Тимофеи 4:8).

     Уи иаанаго. Ҳара ирацәаны ҳанныҟәо, ибзианы ҳаныцәо, насгьы иаҳфо ҳанацклаԥшуа, ҳхы бзианы иаҳбоит.

     Алабжьара. 15 минуҭ иадамзаргьы шәныҟәала.

  • Ишәхашәмыршҭлан ишәымоу ацәаныррақәа шәыԥсҭазаараҿы иҟоу егьырҭ аҭагылазаашьақәа реиԥш рҽырыԥсахыр шалшо.

     Абиблиа иаҳәо. «Уаҵәы ишәыхьуа шәыздырӡом» (Иаков 4:14).

     Уи иаанаго. Шәзықәшәаз аҭагылазаашьа ӡбашьак амамшәа жәбозаргьы, ишәхашәмыршҭлан еснагь ус ишыҟамло.

     Иахьа шәҭагылазаашьа даара иуадаҩзаргьы, уаҵәы зегь даҽакала иҟалар алшоит. Шәгәы кашәмыжьлан (2 Коринфаа 4:8). Иуадаҩу аҭагылазаашьагьы аамҭак ашьҭахь аҽаԥсахыр алшоит, аха шәҽышәшьыр, уаҳа акгьы шәзыԥсахӡом.

     Алабжьара. Шәаԥхьа Абиблиаҿы зыӡбахә ану зҭагылазаашьа уадаҩыз, аԥсра зҭахыз ауаа рыӡбахә. Иазгәашәҭ урҭ рыԥсҭазаараҿы аҵыхәтәаны зегь шыбзиахаз. Лассы-лассы дара ишақәымгәыӷуаз еиԥш ауп урҭ аԥсахрақәа шыҟалоз. Абар ҿырԥштәқәак.

 Иаҳәома Абиблиа аԥсра зҭахыз ауаа рыӡбахә?

 Ааи. Абиблиаҿы зыӡбахә ану шьоукы абас рҳәон: «Аԥсра сҭахуп». Анцәа урҭ дрықәыӡбаӡомызт, уи аҭыԥан дрыцхраауан. Анцәа шәаргьы дшәыцхраар илшоит.

Илиа

  •  Дызусҭадаз иара? Илиа агәымшәара злаз ԥааимбарын. Аха иаргьы зны-зынла игәы каҳауан. «Илиа ҳара иҳаиԥшыз уаҩын», — ҳәа ануп Иаков 5:17 аҿы.

  •  Избан иара аԥсра зиҭахыз? Ҽнак зны Илиа ихы заҵәны ибеит, ашәара изцәырҵит, насгьы акгьы даԥсамызшәа игәы иаанагеит. Иара Анцәа абас диҳәо далагеит: «Уаҳа сылшом! Иегова, ига сыԥсы» (1 Аҳцәа 19:4).

  •  Ицхраазеи иара? Илиа игәы иҭаз зегьы Анцәа изеиҭеиҳәеит. Дышԥаицхрааи Анцәа? Иара Илиа диеиҷаҳаит, дизыӡырҩит, насгьы имоу амч ду иирбеит. Иара убас Анцәа Илиа агәра ииргеит дшиҭаху, деилызкаауаз, дзықәгәыӷыр илшоз ацхырааҩгьы дииҭеит.

  •  Шәаԥхьа Илиа иҭоурых: 1 Аҳцәа 19:2—18.

Иов

  •  Дызусҭадаз иара? Иов амал дуи аҭаацәара дуи иман. Иара гәыкала Анцәа имаҵ иуан.

  •  Избан иара аԥсра зиҭахыз? Иаалырҟьаны Иов иԥсҭазаара зегь аҽаԥсахит. Иара имаз-ихӡыз зегь ицәыӡит. Ихәыҷқәа зегь ҭахеит. Иов ачымазара бааԥс ихьит. Уи инеиҳангьы, дрыцҳамшьаӡакәа, дзықәшәаз арыцҳарақәа зегь ухәҭоуп ҳәа иарҳәеит. Иов абас иҳәеит: «Аԥсҭазаара сгәы ахшәеит, уаҳа анхара сҭахӡам» (Иов 7:16).

  •  Ицхраазеи иара? Иов Анцәа диҳәон, егьырҭгьы драцәажәон (Иов 10:1—3). Арыцҳашьара злаз, насгьы егьырҭ хьаас измаз Елиуи Иов ҩызак иаҳасабала дивагылеит, иара убас зегь иашаны аилкаара дицхрааит. Аха зегь раасҭа ихадоу, Иов Анцәа иҟынтә иоуз алабжьарақәеи ацхыраареи идикылеит.

  •  Шәаԥхьа Иов иҭоурых: Иов 1:1—3, 13—22; 2:7; 3:1—13; 36:1—7; 38:1—3; 42:1, 2, 10—13.

Моисеи

  •  Дызусҭадаз иара? Моисеи ажәытәан израильаа драԥхьагылаҩын, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ԥааимбарын.

  •  Избан иара аԥсра зиҭахыз? Моисеи аҭакԥхықәра ду идын, иара убас иааҟәымҵӡакәа ддырџьон, убри аҟынтә имчқәа зегь илӡааит. Иара Анцәа иахь ихы рханы абас иҳәеит: «Абыржәыҵәҟьа сушьыр еиҳа еиӷьуп» (Ахыԥхьаӡарақәа 11:11, 15).

  •  Ицхраазеи иара? Моисеи Анцәа иҟынтә игәы иҭаз иҵәахӡомызт. Анцәа уи идыз аҭакԥхықәрақәеи аусқәеи ирмариеит, убри аҟынтә Моисеи иԥсы еивигеит.

  •  Шәаԥхьа Моисеи иҭоурых: Ахыԥхьаӡарақәа 11:4—6, 10—17.

a Ишәзааигәоу ауаа шәааигәара ианыҟам, аҽшьразы ахәыцрақәа шәызцәырҵуазар, насгьы ҭаха шәырымҭозар, лымкаала уи аҩыза аҭагылазаашьақәа рзы иалху аҭел аномер ахь шәас, ма рыцҳарак аан ауаа асыр ахьрылшо аҭел аномер ахь шәас.