Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 6

Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит

Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит

1, 2. а) Избан Анна лылахь зеиқәыз ныҟәара ацаразы лҽанеизылгоз? б) Еилаҳкаауазеи ҳара Анна илызку ажәабжь аҟынтә?

АННА лгәы змырҭынчуаз ахәыцрақәа лхы рхылгон ныҟәара́ ианцо азы дызҿыз аҽазыҟаҵарақәа рыла. Ари агәырӷьара узаазгоз аамҭан. Есышықәса лхаҵа Елкана иҭаацәара зегьы иманы Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьала ахьыҟаз Силомҟа дцон. Иегова иҭахын абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа агәырӷьара ааргаларц. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 16:15.) Ҳәарада, Анна дхәыҷаахыс арҭ аныҳәақәа бзиа илбон. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зегьы аҽаԥсахит.

2 Елкана Анна даара бзиа дибон. Аха иара даҽа ԥҳәыск диман. Уи Феннана лыхьӡын, иҟалап лара цасҳәа Анна лгәы дахаԥылжәозҭгьы. Есышықәсатәи аныҳәақәа раангьы лара Анна лгәы злаллырхьша лыԥшаауан. Шәааи ҳахәаԥшып Анна Анцәа иахь илымаз агәрахаҵара шлыцхрааз ӡбашьа змам ҳәа иуԥхьаӡар алшо аҭагылазаашьа аиааираҿы. Шәара агәырӷьара шәыцәзырӡуа ауадаҩрақәа шәрықәшәозар, Анна илызку ажәабжь шәара шәзы ихәарҭа́хоит.

«Былахь зеиқәузеи?»

3, 4. Иарбан ҩ-ҭагылазаашьак Анна лыԥсҭазаара зырлашьцоз, насгьы избан?

3 Абиблиаҿы иануп Анна лыԥсҭазаара зырлашьцоз ҩ-ҭагылаазашьак: актәи аҭагылазаашьаҿы илзыԥсахуаз маҷын, аҩбатәи аҿы зынӡаск акгьы лзыԥсахуамызт. Акы, лхаҵа диман лара илацлабуаз, насгьы дызцәымӷыз даҽа ԥҳәыск. Ҩбагьы, Анна ахшара длоуамызт. Ахәыҷқәа змазарц зҭаху аҳәса зегьы ахшарадара хьааргоит. Еиҳарак уи хадан усҟантәи аамҭақәа раан уи акультура иаланхоз аҳәса рзы. Избанзар аҭаацәарақәа зегьы рҿы иазыԥшын рышьҭра иацызҵо аҵеи иира. Ахшарадара усҟан ихьымӡӷын, насгьы иԥхашьаран.

4 Феннана лхымҩаԥгашьа убас иҟамызҭгьы, иҟалап Анна дзықәшәаз ауадаҩра ахгара еиҳа илзымариахозҭгьы. Аполигамтә ҭаацәалазаарақәа еснагь ауадаҩрақәа рыцын. Ус еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рҿы еснагь иҟан аицлабра, аимак-аиҿак, насгьы агәынхара. Шаҟа еиԥшымзеи уи Анцәа Едемтәи абаҳчаҿы иаԥиҵаз анорма — хаҵаки ԥҳәыски рыла ишьақәгылоу аҭаацәара! (Аҟаз. 2:24). Убасала Абиблиа иаҳнарбоит аполигамтә ҭаацәалазаара агәырӷьара шацым, Елкана иҭаацәарагьы уи шьақәнарӷәӷәоит.

5. Избан Феннана изылҭахыз Анна лыргәаҟра, насгьы ишԥаҟалҵоз уи?

5 Елкана Анна еиҳа бзиа дибон. Ауриатә закәан ишаҳәо еиԥш, Елкана раԥхьа Анна ԥҳәысс дигеит, нас шықәсқәак рышьҭахь Феннана. Ишыҟазаалакгьы, Феннана лхаҵа ӷәӷәала дихыбаауан, насгьы еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла Анна длыргәаарц даҿын. Феннана еиҳау аԥыжәара лыман. Лара ахәыҷы рацәа лыман, насгьы ахшара длоуцыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа дԥагьахон. Анна лрыцҳашьареи лгәыҟаҵареи аҭыԥан, Феннана аҵәы лыҵалҵон. Абиблиаҿы иаҳәоит Феннана есааира Анна «лылахь еиқәылҵартә» лгәы дахаԥылжәон ҳәа (1 Сам. 1:6). Уи лара цасҳәа иҟалҵон. Феннана илҭахын Анна лгәы ллырхьырц, уи иагьылзалҵуан.

Анна ахшарадара дахьаргәаҟуаз лзымхакәа, Феннанагьы есааира лгәы дахаԥылжәон

6, 7. а) Избан Анна Елкана зегьы зиалымҳәаз, иара лгәы ашьҭыхра иҽшазишәозгьы? б) Иаанагозма Анна лыхшарадара Иегова лара дылзыразӡамызт ҳәа? (Шәахәаԥш албаага.)

6 Аҭаацәара зегь Силом аныҳәахь ианцоз, Феннана еиҳагьы Анна аҵәы лыҵалҵон. Елкана Иегова изы инаргаз амҭа аҟынтә «иԥҳәыс Феннанеи, уи лԥацәеи, лыԥҳацәеи хәҭақәак» риҭеит, аха бзиа иибоз Анна хәҭак ауп илиҭаз. Ишьыцуаз Феннана Анна лыхшарадара лгәаларшәаны убриаҟара лԥагьара аалырԥшит, уи аԥҳәызба рыцҳа аҵәыуара далагеит, насгьы ҿаҵак лымфеит. Елкана изгәамҭакәа дыҟамызт бзиа иибо иԥҳәыс Анна лгәы каҳаны дшыҟаз, ҿаҵакгьы шылымфаз. Убри аҟынтә иара лгәы шьҭихырц далагеит: «Анна, бзырҵәыуозеи, акрызыбымфозеи? Былахь зеиқәузеи? Сара бара бзы жәаҩык аԥацәа среиӷьӡами?» (1 Сам. 1:4—8).

7 Елкана арҽхәара даԥсоуп, избанзар иара игәеиҭеит Анна ахшарадара шыгәнылгоз. Ҳәарада, Анна ахә ҳаракны илшьеит уи лара лахь иааирԥшыз абзиабара *. Аха Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Феннана лхымҩаԥгашьа бааԥсы атәы Елкана иахьиҳәо. Ианӡам иара убас Анна уи аӡбахә иара изеиҭалҳәон ҳәа. Иҟалап лара уи ала лҭагылазаашьа еиҳагьы илыруадаҩыр ҳәа дацәшәозҭгьы. Илшару Елкана ари аҭагылазаашьа аԥсахра? Далагома Феннана уи еиҳагьы лцәымӷхара? Иҟалозеи, ахәыҷқәеи амаҵуҩцәеи уи илыдгылар? Лхатә ҭаацәараҿы Анна дтәымызшәа лхы лбар лылшон.

Анна лҭаацәараҿы лгәы лзырхьуа данақәшәоз, лара ацхыраара Иегова иҿы дашьҭан

8. Избан, аиашамреи егьырҭ ауаа рҟынтә ахымҩаԥгашьа бааԥси ҳанрықәшәо, изгәырҭынчгоу Иегова — Анцәа иаша шиакәу ҳдыруазар?

8 Иҟалап Елкана Феннана лхымҩаԥгашьа бааԥсы изымдыруазҭгьы, аха Анцәа Иегова зегьы ибон. Иара Иажәаҿы иҟалаз зегьы еилыкка иануп, уи гәҽанҵароуп шьыцрала, ма цәымӷрала, цәгьарак аҵоуп ҳәа имԥхьаӡакәа, егьырҭ аиакәым иақәзыршәо рзы. Анна леиԥш, егьырҭ рҟынтә ахымҩаԥгашьа бааԥсы зычҳауа ауаа гәырҭынчгас ирымоуп Анцәа иаша ианаамҭоу, насгьы игәаԥхарала ишеиҭашьақәиргыло аиашара. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 32:4.) Иҟалап Анна уи лдыруазҭгьы, избанзар Иегова иҿы ауп лара ацхыраара дахьаҳәаз.

«Лылахьгьы уаҳа еиқәымызт»

9. Иаҳнарҵозеи ҳара Анна дазхианы Силомҟа дахьцаз, илацлабуаз аԥҳәыс лхымҩаԥгашьа зеиԥшрахоз шылдыруазгьы?

9 Ашьыжь шаанӡа хәыҷи дуи еилыхо еилан, амҩахь рҽеизыргон. Ари аҭаацәара ду Ефрем ашьха мҩақәа рыла Силомынӡа 30 километра ицароуп *. Шьапыла уцозар, мышкы-ҩымш амҩа уқәхоит. Анна илдыруан Феннана лхымҩаԥгашьа зеиԥшрахоз. Аха лара аҩны даанымгылаӡеит. Абасала лара иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәа ирзынлыжьит аҿырԥшы бзиа. Ҳара иалҳмыршароуп егьырҭ ииашам рхымҩаԥгашьа ҳмаҵзура ианырларц, мамзар ауадаҩрақәа рыхгаразы ацхыраара ҳауӡом.

10, 11. а) Избан Анна алшара шлоуз еиԥшҵәҟьа, Иегова иԥшьоу иқьалахь дызцаз? б) Дышԥаиҳәоз Анна жәҩантәи Лаб лгәы иҭоу аартны?

10 Шьыжьы инаркны хәлаанӡа еихаҵәиуа ашьхамҩақәа ирныланы ишцоз, дара Силом инадгылеит. Уи шьҭан иҳараку ахәқәа зкәыршоу аҳаракыраҿы. Дара ақалақь ианазааигәахоз, иҟалап Анна дазхәыцуазҭгьы Иегова даниҳәо иалҳәаша. Силомҟа иааины акранырфа ашьҭахь, Анна алшара шлоуз еиԥшҵәҟьа егьырҭ ааныжьны Иегова иԥшьоу иқьалахь лҿыналхеит. Уи аамҭазы аԥхьаԥшьаҩы Или аҩналарҭаҿы дтәан. Аха Анна лылаԥш Анцәа иахь ирхан. Лара агәра ганы дыҟан абра, Иегова иқьала аҿаԥхьа, иара лыҳәара шиаҳауа. Лара дзыргәаҟуаз лцәаныррақәа аӡәгьы изеилымкаауазаргьы, уи деиликаауан жәҩантәи Аб. Уаҳа илылшомызт лгәырҩа ахгара, убри азы аҵәыуара далагеит.

11 Анна лгәы иҭоу аартны Лаб Иегова диҳәон. Лара дахьықьызқьызуаз аҟынтә лыжәҩахырқәа ҭрысуан, ҿымҭ лқьышәқәа ҵысуан, лыгәхьаа аарԥшуа. Анна ӷәӷәала Анцәа диҳәон ахшара длиҭарц. Аха Анцәа иҟынтә азылԥхара аиура адагьы, лара илылшоз зегьы иҭара лҭахын. Убри аҟынтә Анна аҿаҭахьа лықәылҵеит, аԥа длоур, уи «иԥсы ҭанаҵы» Иегова имаҵзура дшазылкуа (1 Сам. 1:9—11).

12. Иаҳгәалаҳаршәалар ҳахәҭоузеи Анцәа иҳәара аганахьала, Анна лҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш?

12 Анна Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы рзы дҿырԥшы бзиоуп иара иҳәара аганахьала. Иегова бзиабарала ижәлар ааиԥхьоит ахәыҷы бзиа дызбо иҭаацәа дышрацәажәо еиԥш гәаартыла иҳәаларц. (Шәаԥхьа Аԥсалом 61:9 [62:8, АдҾ]; 1 Фессалоникаа рахь 5:17.) Анцәа идоуҳа абзоурала, апостол Пиотр иҩит угәы шьҭызхша ажәақәа: «Шәыгәҭыхақәа, шәхьаақәа зегьы Иара изшәырха, Иара изышәк, избан акәзар Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7).

13, 14. а) Избан Или дахыццакны изиӡбаз Анна аҩы дашьны дыҟоуп ҳәа? б) Ишԥаҳалҭеи Анна агәрахаҵара шаарԥштәу узырбо аҿырԥш бзиа, Или аҭак иҭаны?

13 Аха ауаа ирылшаӡом аилкаареи агәрыцҳашьареи аарԥшра, уи Иегова ишааирԥшуа еиԥш. Анна дҵәыуо Анцәа дышиҳәоз, аӡәы ибжьы даршәеит. Аԥхьаԥшьаҩы Или лара длыцклаԥшуан. Иара ибон лцәаныррақәа анаалыртуаз лқьышәқәа шҵысуаз, насгьы дшыҭрысуаз. Или иҳәеит: «Аҩы бҽаршьны банбанӡаҟазаауеи? Иҟалозар балҵ». Анна ус лхы зымҩаԥылго дылмазҵааӡакәа, иара дахыццакны иӡбеит аҩы дашьны дыҟоуп ҳәа (1 Сам. 1:12—14).

14 Иагьа лгәы лнархьит Анна шьаҭа змам илаҳаз ари ахараҵара! Аха изҟынтә? Аҭакԥхықәра ду здыз ауаҩы иҟынтә! Анна еиҭахгьы иҳалҭеит агәрахаҵара шаарԥштәу узырбо аҿырԥш бзиа. Лара иалылмыршеит егьырҭ рынамӡара Иегова имаҵзураҿы илԥырхагахартә. Лара илгәырҩо Или изеиҭаҳәаны, ҳаҭырқәҵарала аҭак илҭеит. Нас Или ҭынч илеиҳәеит: «Амҩа бзиа, ибиҭааит Израиль Анцәа бзызиҳәаз зегьы» (1 Сам. 1:15—17).

15, 16. а) Ишԥалныри Анна Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьалахь дааны, лгәы иҭоу аартны Анцәа дахьиҳәоз? б) Иԥшаҳалшо ҳара Анна лҿыԥшра, ибааԥсу ацәаныррақәа рҿагылараҿы?

15 Ишԥалныри Анна Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьалахь дааны, лгәы иҭоу аартны Анцәа дахьиҳәоз? Абиблиаҿы иануп: «[Анна] лымҩа днықәлеит. Акрыфара далагеит, лылахьгьы уаҳа еиқәымызт» (1 Сам. 1:18). Анна лгәы ҭынчхеит. Даҽакала иуҳәозар, лара лымч зқәымхоз, дызҵаз ахьанҭара зегьзылшо, зымч ҳәаа амам жәҩантәи Аб инапы ианылҵеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 54:23 [55:22, АдҾ].) Уи илымшо ҳәа акрыҟоума? Мап! Ахаан иҟамызт, иагьыҟалом.

16 Ҳара акы ҳанаргәаҟуа, ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу, ма рыцҳарак ҳанақәшәо, иҟәыӷарахоит Анна лҿырԥшы ҳақәныҟәаны, гәаартыла ҳиацәажәар Абиблиаҿы «а́ҳәарақәа Ирзыӡырҩуа» ҳәа зыӡбахә ану (Аԥсал. 64:3 [65:2, АдҾ]). Ҳара агәрахаҵара аарԥшны Иегова ҳиҳәозар, ҳалахьеиқәҵара аҭыԥан иҳауеит «иҳамоу адыррақәа ираԥызго» Анцәа иҭынчра (Флп. 4:6, 7).

«Ҳанцәа иеиԥш иҟоу ацаҟьа ыҟаӡам»

17, 18. а) Дышԥадгылеи Елкана Анна лҿаҭахьа? б) Избан Феннана уаҳа излылымшоз Анна лыргәаара?

17 Ианааша Аннеи Елканеи дырҩегь иԥшьоу ақьалахь еицнеит. Иҟалап лара лхаҵа изеиҭалҳәазар Анцәа ажәа шилҭаз, избанзар Моисеи изакәан ала ахаҵа иман азин иара дақәшаҳаҭӡамкәа иԥҳәыс илықәылҵаз аҿаҭахьа аҟәыхра (Ахыԥхь. 30:10—15). Аха ари ауаҩ иаша иаҟәимхӡеит илықәылҵаз аҿаҭахьа. Аннеи иареи иԥшьоу ақьала аҿаԥхьа Иегова имҵахырхәеит, нас аҩныҟа ицеит.

18 Ианбеилылкааи Феннана Анна лыргәаара уаҳа ишлылымшо? Абиблиа уи иазкны акгьы аҳәаӡом, аха ажәақәа «лылахьгьы уаҳа еиқәымызт» иҳаилнаркаауеит уи ашьҭахь Анна лгәалаҟазаара шеиӷьхаз. Ишыҟазаалакгьы, Феннана иаарласны игәалҭоит лара лхымҩаԥгашьа бааԥс Анна хьаас ишылкым. Уи нахыс Феннана лыхьӡ Абиблиаҿы џьаргьы иаҳәаӡом.

19. Иарбан зылԥхароу Анна илоуз, насгьы ишԥаалырԥши уи аҳамҭазы зуал лыдыз дшылхамышҭыз?

19 Ицеит мызқәак, Анна лыгәҭынчра агәырӷьара ду ахь ииасит. Лара лцәалтәымкәа дҟалеит! Анна ахаан илхашҭуамызт ари аҳамҭазы зуал лыдыз. Аԥа данлыхша, ихьӡылтәит Самуил, уи иаанагоит «Анцәа ихьӡ», насгьы излоубарҭоу ала Анцәа ихьӡ азыҳәара ҵакыс иамоуп. Уи ашықәс азы лара Елкана, насгьы егьырҭ аҩнаҭа иаҵанакуаз ауаа Силомҟа дрыцымцеит. Хышықәса ахәыҷи лареи аҩны иаанхон, агәыԥҳәы даҵылхаанӡа. Лара илзымариамызт бзиа илбоз лԥеи лареи реиԥырҵра амш шааигәахоз азхәыцра.

20. Ишԥанарыгӡеи Аннеи Елканеи Иегова ирҭахьаз аҿаҭахьа?

20 Аиԥырҵра даара ихьанҭан. Ҳәарада, Анна илдыруан Самуил Силом дахьыҟало ибзианы ишихылаԥшло,— иҟалап урҭ иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ зуа аҳәса ракәхозҭгьы. Аха иара макьана зынӡа дхәыҷын. Дарбан ану изҭахым лхәыҷы иааигәара аҟазаара? Ус шакәызгьы, Аннеи Елканеи ахәыҷы Силомҟа дааргоит ишырҭахымыз акәымкәа, аха аџьшьара аарԥшны. Дара Анцәа иҩнаҿы амҭа наганы, Самуил Или иахь днаргеит, насгьы изеиҭарҳәеит шықәсқәак раԥхьа Анна илықәылҵахьаз аҿаҭахьа атәы.

Анна лԥа Самуил изы ииашаҵәҟьаны дзылԥхаран

21. Ишԥаныԥшуеи Анна лынцәаиҳәара лыгәрахаҵара ӷәӷәа? (Шәахәаԥш иара убас арамка  «Иҷыдоу анцәаиҳәарақәа ҩба».)

21 Анаҩс Анна Анцәа диҳәоит, Иегова уи лынцәаиҳәара Иажәаҿы анҵара иаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡеит. 1 Самуил 2:1—10 иану Анна лажәақәа шәанрыԥхьо, шәара ижәбоит цәаҳәацыԥхьаӡа уи лыгәрахаҵара ӷәӷәа шаныԥшуа. Лара Иегова дҳаралкуан ак иузадымкыло имч — иԥагьоу ауаа рхы анраалара, иларҟәу рышьҭыхра, аԥсҭазаара амхреи аҭареи зеиԥшыҟам алшаразы. Лара здаҟам аԥшьареи, аиашареи, азиашареи рзы Лаб дҳаралкуан. Анна амзыз лыман илҳәаразы: «Ҳанцәа иеиԥш иҟоу ацаҟьа ыҟаӡам». Иегова зегь рыла уиқәгәыӷлар ауеит, иара иҽиԥсахӡом. Иара ҽыҵәахырҭаны дырзыҟоуп згәы каҳаны иҟоу, ма рыцҳарак иақәшәаз зегьы.

22, 23. а) Избан агәра ҳгар зҳалшо Самуил иҭаацәа бзиа дшырбоз шидыруаз? б) Дышԥалзылԥхеи Иегова Анна еиҭа?

22 Самуил хәыҷы хымԥада деигәырӷьон иан Иегова иахь абас еиԥш иҟоу агәрахаҵара ӷәӷәа ахьлымаз. Ҳәарада, иара иан дыгәхьааигон, аха ус ишыҟазгьы, дырхашҭызшәа ахаангьы ихы ибомызт. Есышықәса Анна Силомҟа даауан, насгьы ақьалаҿы амаҵзуразы змаӷра ҿыхыз ашәҵатәы изаалгон. Ари ашәҵатәы аӡахырсҭақәа зегьы лԥа иахь илымаз абзиабара, насгьы аиҷаҳара хаа аныԥшуан. (Шәаԥхьа 1 Самуил 2:19.) Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит лара Самуил хәыҷы ашәҵатә ҿыц шишәылҵо, уи шлырҽеиуа, насгьы бзиабарала лԥа ажәа хаақәеи ажәа разқәеи иаҳәо дышихәаԥшуа. Ҳәарада, Анна Самуил изы зылԥхараны дыҟан, аха ианизҳа иара ихаҭа дзылԥхарахеит иҭаацәа, насгьы израильаа зегьы рзы.

23 Иегова Аннагьы дихамышҭӡеит: лара Елкана изы еиҭа хәҩык ахәыҷқәа лыхшеит (1 Сам. 2:21). Аха Анна зегь иреиҳаз зылԥхараны илыман жәҩантәи Аб Иеговеи лареи ирыбжьаз, есышықәса иӷәӷәахоз реизыҟазаашьақәа. Шәаҿыԥшла Анна лыгәрахаҵара, усҟан шәаргьы Анцәа шәизааигәахоит!

^ 7 абз. Иԥшьоу Аҩыраҿы Иегова Анна «лымгәарҭа аиркит» ҳәа шанугьы, уи иаанагаӡом иара ари ихынраалоу, Анцәа ицәшәо аԥҳәыс дылзыразӡамызт ҳәа (1 Сам. 1:5). Зны-зынла Абиблиа Анцәа ахара идызшәа аанарԥшуеит аамҭала иаҩижьуаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны.

^ 9 абз. Иҟалап Елкана иқалақь, Рама, Иисус ихаан Аримафеи ахьыҟаз аҭыԥ аҿы иҟазҭгьы, убри ала ауп Силомынӡа шаҟа бжьоу злаԥхьаӡоу.