Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 1

«Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы»

«Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы»

1. Иназмышьҭуази Адами Евеи урҭ ирхылҵызи Едемтәи абаҳчахь, насгьы ииҭахызи Авель зегь реиҳа?

АВЕЛЬ амарда иаҿагыланы ҭынч иҳәуа иуасақәа дрыхәаԥшуеит. Нас илаԥш иҵашәоит хара аарла икәеицеиуа акы. Иара идыруеит амца зку игьежьуа а́ҳәа ала Едемтәи абаҳчахь амҩа шарку. Зны уаҟа иҭаацәа нхон, аха уажәшьҭа иҭаацәагьы, урҭ рхәыҷқәагьы уахь изнеиӡом. Шәхаҿы иаажәг амра аҭашәамҭазы Авель аԥша ахәхәаҳәа ихцәы иаласуа дышгылоу. Уи Ҳазшаз дизхәыцуа ажәҩан ахь дыԥшуеит. Иӡуама знымзар-зны ауааи Анцәеи ирыбжьоу аицәыхарара? Авель уи зегь реиҳа иҭахуп.

2—4. Дышԥаҳацәажәо ҳара иахьа Авель?

2 Авель иахьа дҳацәажәоит. Ишәаҳауама шәара уи ибжьы? «Аха уи ҟалашьа амам!» — шәҳәоит шәара. Ииашаҵәҟьаны, Адам аҩбатәи иԥа Авель дыԥсижьҭеи акыр ҵуеит. Абар уажәшьҭа ф-нызқь шықәса ҵуеит иара анышә дамоижьҭеи. Абиблиа иаҳнарҵоит «иԥсхьоу акгьы рыздыруам» ҳәа (Еккл. 9:5, 10). Уи адагьы, Абиблиаҿы ианӡам Авель ииҳәаз ажәакгьы. Нас излаилшозеи уи ҳара ҳацәажәара?

3 Анцәа идоуҳа абзоурала Авель изкны Павел абас иҩит: «Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:4, АдҾ.) Аха дышԥацәажәо Авель иахьагьы? Авель изы игәрахаҵара цәажәоит. Иара иоуп ауаа рҟынтә раԥхьаӡа ари аҟазшьа замана еиззырҳаз. Иара игәрахаҵара даара иӷәӷәан, убри азы уи иахьа уажәраанӡагьы зыԥсы ҭоу ҿырԥшны даанхоит. Авель иааирԥшуаз агәрахаҵара ҳазхәыцуазар, насгьы уи аҿыԥшра ҳҽазаҳшәозар, усҟан Абиблиа адаҟьақәа рҿы иану иара изку ажәабжь аԥсы ахалоит, иара хаҭала дҳацәажәошәа.

4 Еилаҳкаар ҳалшозеи ҳара Авель игәрахаҵара иазкны, Абиблиаҿы иара иӡбахә имаҷны ишанугьы? Шәааи ҳахәаԥшып.

Иара изҳауан «адунеи аншаз» аан

5. Ииҳәарц ииҭахызи Иисус Христос Авель иԥсҭазаара «адунеи аншаз» ианадиҳәалоз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

5 Авель диит ауаҩытәыҩсатә ҭоурых алагамҭаз. Иисус Авель иԥсҭазаара «адунеи аншаз» иадиҳәалеит. (Шәаԥхьа Лука 11:50, 51.) Араҟа Иисус зыӡбахә иҳәоз агәнаҳа аҟынтә аҿыхра заур зылшоз ауаа ракәхап. Анцәа раԥхьаӡа аҿыхра иаԥсоу ҳәа ииԥхьаӡаз Авель иоуп, иара адгьыл аҿы иҟаз аԥшьбатәи ауаҩы шиакәызгьы *. Еилкаауп Авель ианизҳауаз иааигәа ишыҟамыз аҿырԥш бзиа изҭаша ауаа.

6. Изеиԥшрази Авель иҭаацәа?

6 Ауаатәыҩсатә ҭоурых алагеижьҭеи рацәак аамҭа мҵыцызт, аха ауаа агәаҟрақәа рхаԥахьан. Авель иҭаацәа Адами Евеи даара иԥшӡаны, рымч ҭаны иҟан. Аха урҭ агха ӷәӷәа ҟарҵеит, уи даргьы еилыркаауан. Уаанӡа дара наӡаны иҟан, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара рзыԥшын. Аха дара Анцәа Иегова иҿагылеит, насгьы рџьанаҭ ҩны, абаҳча Едем аҟынтә иқәцан. Урҭ ирхылҵраны иҟаз рԥеиԥш иазымхәыцкәа, ргәаҳәарақәа зегь реиҳа ихаданы ианырыԥхьаӡа, дара анаӡареи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи рцәыӡит (Аҟаз. 2:15—3:24).

7, 8. Илҳәазеи Ева Каин данылхылҵ, насгьы иаа́нагар алшози уи?

7 Едемтәи абаҳча анҭыҵ иҟаз аԥсҭазаара цәгьан. Ус шакәызгьы, Адами Евеи раԥхьатәи ахәыҷы данроу, уи Каин («ахылҵ») ихьӡырҵеит. Ева илҳәеит: «Сара ауаҩы дысхылҵит Иегова имчала». Иҟалап лара лгәы иаанагазар уи ала Едемтәи абаҳчаҿы Иегова ириҭаз ақәыргәыӷра наӡеит ҳәа. Анцәа заа иҳәеит аԥҳәыс дышлоуа, Адами Евеи Анцәа иҿагыларц ргәазҭазҵаз Ацәгьа дықәызхуа «ахылҵ» (Аҟаз. 3:15; 4:1). Лгәы иаанагозма Ева уи аԥааимбаражәа аҟынтә аԥҳәыс лара лоуп ҳәа, насгьы Каин изқәыргәыӷыз «ахылҵ» иоуп ҳәа?

8 Ус лгәы иаанагозҭгьы, лара агха ду лыхьит. Адами лареи Каин данхәыҷыз аахыс ус еиԥш иҟаз ахәыцрақәа ихы иҭаргалозҭгьы, инаӡамыз игәаҿы аԥагьара еизҳар алшон. Ԥыҭрак ашьҭахь Ева дылхылҵит даҽа ҷкәынак, аха уи изы ажәа хыркқәа лымҳәаӡеит. Иара Авель ихьӡырҵеит, иҟалап уи иаанагозар «аԥсыԥ», ма «агәаҭеира» (Аҟаз. 4:2). Иаанарԥшуазма Адами Евеи Авель изалырхыз ахьӡ урҭ еиҳа Каин ишиқәгәыӷуаз, Авель иаасҭа? Уи аҵыхәтәанынӡа иаҳзышьақәырӷәӷәом.

9. Иднарҵозеи анацәеи абацәеи Адами Евеи рыгхақәа?

9 Иахьа анацәеи абацәеи урҭ раԥхьатәи аҭаацәа рыгхақәа иднарҵо рацәоуп. Ирҳәозеи шәажәақәеи шәусқәеи? Еизшәырҳауама шәара шәхәыҷы иҿы ахӡыргаразы агәазыҳәара, аԥагьара, насгьы мыцхәы ахбзиабара? Мамзаргьы шәара уи Анцәа Иегова бзиа дышбалатәу, насгьы иҩызахара шаҭаху ишәырҵоу? Лахьеиқәҵагоуп, аха раԥхьатәи аҭаацәа ирылымшаӡеит ирыдыз аҭакԥхықәра анагӡара. Аха урҭ ирхылҵыз агәыӷра рыман.

Ишԥеизирҳаи Авель агәрахаҵара?

10, 11. Иарбан усқәаз изҿыз Каини Авельи, насгьы иарбан ҟазшьоу Авель еизирҳаз?

10 Аҷкәынцәа еизҳауан, убри аҟынтә Адам урҭ аусушьа дирҵон аԥхьаҟа рҭаацәа рызныҟәгарц азы. Каин адгьыл дықәаарыхуан, Авель дыхьчахеит.

11 Аха Авель иԥсҭазаараҿы уи акәӡамызт зегь реиҳа ихадаз. Шықәсы рацәала иара еизирҳауан зеиԥшыҟам аҟазшьа — агәрахаҵара, ԥыҭраамҭак ашьҭахь Павел зыӡбахә иҳәоз. Шәазхәыц: Авель ауаа рҟынтә дызҿыԥшуаз аӡәгьы димамызт. Нас ишԥеизирҳаи иара Анцәа Иегова иахь агәрахаҵара? Шәааи еилаҳкаап Авель игәрахаҵара зырӷәӷәоз ашьаҭақәа хԥа.

12, 13. Ишԥарӷәӷәоз Авель игәрахаҵара Иегова ишамҭақәа рызхәыцра?

12 Иегова ишамҭақәа. Иегова адгьыл анишәии ашьҭахь, амаӷи амыркаџьи ықәиаауа иалагеит, убри азы уи ақәаарыхра уадаҩхеит. Ус шакәызгьы, адгьыл аҽаҩра бзиа аанагон. Уи адагьы, аԥстәқәеи, аҵарақәеи, аԥсыӡқәеи уи ашәира иаҵанакуамызт. Иара убас ашәира иаҵанакуамызт ашьхақәа, аӡиақәа, аӡиасқәа, амшынқәа, иара убас ажәҩан, аԥсҭҳәақәа, амра, амза, насгьы аеҵәақәа. Авель дахьынаԥшлакгьы иахьабалак ибон Зегьзшаз Анцәа Иегова ибзиабара дуӡӡеи, иҟәыӷареи, иқьиареи шьақәзырӷәӷәоз. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:20.) Иџьашьахәу ашамҭақәеи, насгьы Зегьзшаз иҟазшьақәеи рызхәыцра игәрахаҵара арӷәӷәон.

Иегова ишамҭақәа дрызхәыцуа Авель абзиабара злоу Зегьзшаз иахь игәрахаҵара ирӷәӷәон

13 Авель, ҳәарада, аамҭа азалихуан адоуҳатә зҵаарақәа рызхәыцра. Шәхаҿы даажәг ауасақәа зырҳәуа Авель. Ахьча ишиқәнаго еиԥш, иара ирацәаны дныҟәалар акәын. Иара иҭынчыз арҭ аԥстәқәа ахәқәеи архақәеи рҿы ирҳәуан, урҭ аӡиасқәеи акәарақәеи ирганы игон зегь реиҳа ииаҵәаз аҳаскьыни, ицқьаз аӡи, ишәарҭадаз, насгьы ашәшьыра ахьыҟаз аҳәырҭақәеи рахь. Аԥстәқәа рҟынтә зегь раасҭа ауасақәа ацхыраара рҭахын, ауаҩы дреиҷаҳаларц, насгьы ихьчаларц азы ишазшәа. Еиликаауазма Авель иаргьы анапхгареи, ацхыраареи, аиҷаҳареи шиҭаху, дарбанзаалак ауаҩы иаасҭа иҟәыӷоу иӷәӷәоу Аӡәы иҟынтә? Ҳәарада, Авель Анцәа даниҳәоз, абас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа дрылацәажәон, уи еиҳагьы игәрахаҵара арӷәӷәон.

14, 15. Игәы зызҭарҵози Авель дрызхәыцларц Иегова иқәыргәыӷрақәа?

14 Иегова иқәыргәыӷрақәа. Адами Евеи рыҷкәынцәа ирзеиҭарҳәозар акәхарын Едем аҟынтә изҭырцаз. Убри азы Авель дзызхәыцшаз иман.

15 Иегова иҳәеит адгьыл шышәихо, насгьы амаӷи амаркыџьи шықәиаауа. Авель иблақәа рыла ибон урҭ ажәақәа шынаӡаз. Иара убас Иегова заа иҳәахьан Ева лцәа лтәымкәа даныҟазаауа, насгьы ахшара данлоуа ахьаа шлымазаауа. Авель аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аниоу, уи ҳәарада, арҭ ажәақәа шиашаз агәра игеит. Иегова заа идыруан Ева лхаҵа Адам иҟынтә мыцхәы абзиабареи азхьаԥшреи шылҭаххало, насгьы Адам лара напхгара шылзиуло. Авель есыҽны ибон абас еиԥш иҟаз улахь еиқәызҵоз аҭагылазаашьа. Арҭ аҭагылазаашьақәа зегьы рҿы Авель ибон Иегова ииҳәо зегь шынаӡо. Убри азы ауп Авель агәра зигоз Едем иҟалаз зыриашоз «ахылҵ» изку Анцәа иқәыргәыӷра (Аҟаз. 3:15—19).

16, 17. Инарҵар алшози Авель Иегова имаҵ зуаз ахерувимцәа рҿырԥшы?

16 Иегова имаҵзуҩцәа. Авель имаӡамызт ауаа рҟынтә аҿырԥш бзиа, аха уи аамҭазы адгьыл аҿы ауаа мацара ракәмызт ахшыҩ зманы иҟаз. Адами Евеи Едемтәи абаҳча ианҭица, Иегова дахылаԥшит урҭ ирхылҵызи дареи уахь уаҳа изҭамлартә еиԥш. Џьанаҭ аҭаларҭа ахьчаразы Иегова иқәиргылеит ахерувимцәа — амаалықьцәа, аҭыԥ ду аанызкыло,— насгьы амца зку игьежьуа а́ҳәа. (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:24.)

17 Шәхаҿы иаажәг Авель ицәаныррақәа, даныхәыҷыз ахерувимцәа дрыхәаԥшырц даннеиуаз. Урҭ ауаҩԥшра змаз амаалықьцәа ракәын. Дара рымч ҳәарада апатуқәҵара узцәырнагон, насгьы игьежьуаз амца зкыз аҳәа уаршәон. Ашықәсқәа цон, Авель изҳауан. Аха ибахьазма иара знык иадамзаргьы амаалықьцәа Едем аҭаларҭа ахьчара ргәы ԥнаҵәо, насгьы рҭыԥ аанрыжьуа? Мап. Уахгьы-ҽынгьы, ашықәсқәа, ажәашықәсақәа цацыԥхьаӡа урҭ, ахшыҩи амчи змаз ашамҭақәа азиашара аарԥшны, рҭыԥ аҿы игылан. Дара рхымҩаԥгашьала ишьақәдырӷәӷәон Анцәа Иегова ишимоу ииашоу, азиашара аазырԥшуа амаҵзуҩцәа. Арҭ ахерувимцәа иаадырԥшуан Иегова иахь хамеигӡарала азиашареи азыӡырҩреи — аҟазшьақәа Авель иҭаацәараҿы иимбоз. Арҭ адоуҳатә шамҭақәа рҿырԥшы, ҳәарада, иара игәрахаҵара арӷәӷәеит.

Авель иԥсы ҭанаҵы ибон ахерувимцәа Иегова изиашаны имаҵ шыруаз

18. Изырӷәӷәозеи иахьа ҳара ҳагәрахаҵара?

18 Анцәа ишамҭақәа данрыхәаԥшуаз, иқәыргәыӷрақәеи Анцәа изиашаз амаалықьцәа рҿырԥшқәеи данрызхәыцуаз, Авель игәрахаҵара ирӷәӷәон. Авель иахьа уажәраанӡагьы дҳацәажәоит, ус акәӡами? Иара иҿырԥшы арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи агәра днаргоит Анцәа Иегова иахь агәрахаҵара ӷәӷәа аадырԥшлар шрылшо, рҭаацәа уи аҟны ирмыцхраауазаргьы. Иегова ишамҭақәа, иара Иажәа, Абиблиа, насгьы иара изиашоу имаҵзуҩцәа рҿырԥшқәа — арҭ зегьы иахьа ҳара ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит.

Избан Авель инеигаз амҭа еиҳа изеиӷьыз?

19. Иарбан ихадаз иашароу еиликааз Авель аамҭа анҵы?

19 Авель Иегова иахь игәрахаҵара еизҳацыԥхьаӡа, уи иусқәа рыла аарԥшра иҭаххон. Аха ииҭарц илшозеи ауаҩы адунеи Зегьзшаз? Анцәа ауаа рыцхыраареи рҳамҭақәеи дырзыԥшӡам. Аамҭа анҵы, Авель еиликааит ихадаз иашарак: жәҩантәи Аб иргәырӷьаразы, иҳамоу иреиӷьу иаҳҭалароуп ииашоу агәазыҟашьала.

Авель амҭа гәрахаҵарала инеигеит, Каин мап

20, 21. Иарбан амҭақәоу Каини Авельи Иегова изнаргаз, насгьы иахиҳәаазеи уи Анцәа?

20 Авель иӡбеит иԥсаса аҟынтә иреиӷьыз ауасақәа Иегова амҭас изнеигарц. Иара иалихит иреиӷьыз аԥстәқәа — раԥхьа ииз,— насгьы зегьы иреиӷьуп ҳәа ииԥхьаӡоз урҭ рыхәҭақәа. Каингьы иҭаххеит Анцәа иразра иоурц, насгьы иӡбеит иаарыхра ахәҭак Иегова изнеигарц. Аха уи имаз амотивқәа Авель имотивқәа иреиԥшымызт. Уи ааԥшит аишьцәа рымҭақәа аннарга.

21 Иҟалап Адам иԥацәа рҩыџьагьы амҭанагарҭақәа ҟаҵаны амца еиқәырҵазар ахерувимцәа ахьгылаз аҭыԥ азааигәара. Уи аамҭазы адгьыл аҿы урҭ ракәын Иегова ихаҭарнакцәаны иҟаз. Анцәа аҭак риҭеит! Абиблиаҿы иануп: «Иегова дырзыразхеит Авельи инеигаз амҭеи» (Аҟаз. 4:4). Аха уаҟа ианӡам Иегова уи аразра злааирԥшыз.

22, 23. Избан Иегова Авель инеигаз амҭа дзазыразхаз?

22 Избан Иегова Авель дзизыразхаз? Амҭа ахаҭа акәызма аус злаз? Авель инеигеит зыԥсы ҭаз, зыԥсыԥ лазга-ҩазгоз амҭа, аԥсҭазаара аазырԥшуа ашьагьы каиҭәеит. Еиликаауазма Авель шаҟа ахә ҳаракыз уи амҭа? Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова израильаа ирыдиҵеит амҭас гра змам асыс ԥшқа наргаларц, уи иахаҿырԥшын Анцәа инаӡаз Иԥа, «Анцәа Исыс» иԥсхҭынҵара, хара здымыз ишьа акаҭәара (Иоан. 1:29; Ақәҵ. 12:5—7). Аха Авель уи зегь изымдыруазҭгьы, ма изеилымкаауазҭгьы ҟаларын.

23 Ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар ҳалшоит: Авель инеигаз амҭа имаз зегьы иреиӷьын. Иегова дырзыразхеит Авельгьы инеигаз амҭагьы, избанзар иара уи аҟаҵара игәазҭазҵоз Анцәа иахь имаз абзиабареи агәрахаҵареи ракәын.

24. а) Избан иаҳҳәар зҳалшо Каин инеигаз амҭа ахаҭа цәгьарас акгьы алаӡамызт ҳәа? б) Излаиеиԥшузеи иахьа аӡәырҩы ауаа Каин?

24 Каин иҭагылазаашьа даҽакын. Абиблиаҿы иануп: «[Анцәа] дырзыразымхеит Каини уи инеигаз амҭеи» (Аҟаз. 4:5). Аус злаз амҭа ахаҭа акәӡамызт, избанзар ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иегова ижәлар азин риҭеит адгьыл иқәаадрыхуаз амҭас изнаргаларц (Алев. 6:14, 15). Каин изкны Абиблиаҿы иануп: «Иара иусқәа... хәымган». (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:12.) Иахьа аӡәырҩы ауаа реиԥш, Каин игәы иаанагозҭгьы ҟаларын, Анцәа дизиашазшәа аарԥшны инеигаз амҭа Иегова идикылоит ҳәа. Аха иаарласны иусқәа иаадырԥшит Анцәа иахь ииашаҵәҟьоу агәрахаҵареи абзиабареи шизымхоз.

25, 26. Иарбан гәҽанҵароу Иегова Каин ииҭаз, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи иара?

25 Иҽазишәама Каин иашьа иҿырԥшы ахәарҭа алгара, Иегова иара дшизыразымыз анеиликаа? Мап. Иара Авель дицәымыӷхеит. Иегова игәеиҭеит Каин игәы иҭалаз, убри аҟынтә ачҳара аарԥшны иацәажәара далагеит. Анцәа Каин игәиҽаниҵеит имоу агәазыҟашьа агәнаҳа ӷәӷәахьы дышнанаго, аха иҽириашар уи дшыҳареикуа (Аҟаз. 4:6, 7).

26 Каин иатәеимбеит Анцәа игәҽанҵара. Иара гәҩара змамыз иашьа амхурсҭахьы диццарц диҳәеит. Уаҟа Каин Авель дишьит (Аҟаз. 4:8). Иуҳәар алшоит Авель раԥхьаӡа адинхаҵаратә шьҭашәарыцарақәа ирықәшәаз, иргәаҟыз уаҩын ҳәа. Иара дыԥсит, аха иҭоурых уи ала инымҵәаӡеит.

27. а) Избан ҳара Авель иԥсы шҭало агәра ганы ҳзыҟоу? б) Ишԥаҳалшо ҳара Авель ибара?

27 Авель ишьа, инықәырԥшшәа иуҳәозар, Иегова иахь иҵәаауан ашьоуразы, ма аиашара ашьақәыргыларазы. Анцәа аиашара шьақәиргылеит, Каин ицәгьоура данахьирхәы (Аур. 11:4). Зегь реиҳа ихадоу, Авель игәрахаҵара иахьа уажәраанӡагьы ицәажәоит. Усҟантәи аепохазы инхоз ауаа дырҿурԥшуазар, Авель иԥсҭазаара кьаҿын,— иҟалап шәышықәса раҟара ихыҵуазҭгьы,— аха урҭ ашықәсқәа ишақәнагаз ихигеит. Иара данԥсуаз, жәҩантә Иаб Иегова бзиа дшибо, насгьы дшизыразу агәра ганы дыҟан (Аур. 11:4). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иахьа иара, аԥсҭалара џьанаҭ дгьыл аҿы ианыҟало дазыԥшны, шәарҭара ахьыҟам аҭыԥ аҿы дшыҟоу — ҳәаа змам Иегова игәынкылараҿы (Иоан. 5:28, 29). Шәиқәшәома Авель шәара? Уи хымԥада иҟалоит, ииҳәо шәазыӡырҩуазар, насгьы игәрахаҵара ӷәӷәа шәаҿыԥшуазар.

^ 5 абз. Ажәақәа «адунеи аншаз» иҳаилдыркаауеит ажәла алаҵара, насгьы уи иаа́нагоит ашьҭра аизырҳара. Уи иаҳнарбоит раԥхьатәи ауаа ахылҵ дышроуз. Избан Иисус «адунеи аншаз» аамҭа Авель изидиҳәалаз, раԥхьа ииз ауаҩы Каин иакәымкәа? Каин иалхра, насгьы иара ихымҩаԥгашьа Анцәа Иегова идырны уиҿагылар иаҩызоуп. Иаҳҳәар ҳалшоит, Каин иҭаацәа реиԥш иаргьы аҿыхреи аԥсҭалареи рзы агәыӷра имамызт ҳәа.