Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 21

Иара ашәареи алакҩакреи дырҿагылан

Иара ашәареи алакҩакреи дырҿагылан

1—3. Иарбан хҭысқәаз Пиотр иибаз мышкы иналагӡаны, насгьы ихигазеи уи ауха?

ПИОТР ажәҩа иҽақәырӷәӷәаны, аҵх алашьцара далаԥшуан. Мрагылара аганахьала алаԥшҳәааҿы ицәиаҵәа-еиқәароу ажәҩан лашо иалагеит. Пиотр акыраамҭа дааҟәымҵӡакәа анышь ажәҩақәа ахьаҵишьуаз, ибӷеи инапқәеи ихьуан. Галилеиатәи амшын ӷәӷәала ицәқәырԥон. Аԥшатлакә Пиотр ихцәы еиланажәжәон. Рацәак идумыз аԥсыӡкыҩцәа рышхәа аԥынҵа ацәқәырԥа дуқәа аҿасуан, ацԥхь хьшәашәа иқәнаҭәо. Ашхәа ажәҩақәа рыҵшьра даҟәыҵуамызт.

2 Иисус Христос агаҿы даанхеит. Ҽынла иҵаҩцәа ирбахьан зықьҩыла амла иакуаз ауаа чақәаки ԥсыӡқәаки рыла акрышырҿеиҵахьаз, уи ашьҭахь ажәлар иара аҳас дҟарҵар рҭаххеит. Аха Иисус аполитикатә мчрахьы деихомызт. Уи адагьы, иара иҭахӡамызт ишьҭанеицәа ахӡыргара рҽазыршәаларц. Убри аҟынтә иара ажәлар дрылҵны дцеит, насгьы иҵаҩцәа иреиҳәеит ашхәа иақәтәаны нырцәҟа ирырц. Ихаҭа иакәзар, ашьха дхалеит Анцәа диҳәарц азы (Марк 6:35—45; шәаԥхьа Иоанн 6:14—17).

3 Аҵаҩцәа амшын ианхылоз, ажәҩан аҿы аҭәра иаҿыз амза лашон, аха уажәшьҭа уи ԥшьаала мраҭашәара алаԥшҳәаахь албаара иаҿын. Аха дара километрақәак роуп изхысыз. Акарахареи, аԥша ӷәӷәеи, ацәқәырԥақәа рыбжьы цәгьеи ирыхҟьаны, ацәажәара уадаҩын. Иҟалап Пиотр ахәыцра дҭанагалазар.

Ҩышықәса рыҩныҵҟа Пиотр Иисус иҟынтә иидырхьаз маҷымызт, аха ииҵашазгьы даара ирацәан

4. Иарбан ҿырԥш бзиоу Пиотр иаҳзынижьыз, дызҿагылаз аганахьала?

4 Пиотр дзызхәыцшаз рацәан! Ҩышықәса инацны иҵхьеит назареттәи Иисуси иареи еибабеижьҭеи, уи аамҭа хҭыс рацәала иҭәын. Пиотр иидырхьаз маҷымызт, аха ииҵашазгьы даара ирацәан, иаҳҳәап ашәареи алакҩакреи ишырҿагылатәу. Иара аҵара дахьазхиаз ҳара ҳзы иҿырԥш бзиоуп.

«Ҳара даабеит Мессиа»

5, 6. Иԥсҭазаашьази Пиотр?

5 Пиотр иԥсы ҭанаҵы игәалашәараҿы инхеит Иисуси иареи реибабара амш. Иара иашьа Андреи зегь раԥхьа зеиԥшыҟам ажәабжь изааигеит: «Ҳара даабеит Мессиа», насгьы урҭ ажәақәа наунагӡа Пиотр иԥсҭазаара рыԥсахит (Иоанн 1:41).

6 Пиотр Капернаум дынхон, Галилеиатәи амшын ҳәа изышьҭоу иҵаа́м аӡиа аҿықәаҿы ишьҭоу ақалақь аҿы, иара ицынхон иԥҳәыс, ианхәа, иара убас иашьа Андреи. Пиотри Андреии рҭаацәара ныҟәыргаларц азы, Зеведеи иԥацәа Иакови Иоанни ирыцны аԥсыӡ ркуан. Уи даара џьабаа цәгьан, уи аус азы аԥсыӡкыҩцәа еилҟьазар рыхәҭан. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ҵхы рацәала уаха шаанӡа дара ҩ-шхәак рыбжьара акаҭа шдыршәуаз, анаҩс иркуаз аԥсыӡ шҭыргоз. Ҽынлагьы дара ԥсшьаха роуамызт: аԥсыӡ еилыхны ирҭиир акәын, насгьы акаҭақәа рыцқьаны идырҽеир рыхәҭан.

7. Еиликаазеи Пиотр Иисус изкны, насгьы избан уи ажәабжь угәы зархыҭхыҭуаз?

7 Абиблиа излаҳәо ала, Андреи Иоанн Аӡӡаахҩы иҵаҩы иакәын. Ҳәарада Иоанн иажәабжьҳәара иазкны Пиотр иашьа еиҭеиҳәоз зҿлымҳарала дазыӡырҩуан. Ҽнак зны Андреи иаҳаит назареттәи Иоанн Иисус иахь ихы нарханы ишиҳәаз: «Абан Анцәа Исыс!» Уи ашьҭахь иаразнак Андреи Иисус дицлеит. Иара игәы хыҭхыҭуа Пиотр изеиҭеиҳәеит ари ажәабжь: дааит акырӡа ҳаззыԥшыз Мессиа! (Иоанн 1:35—40). 4 000 шықәса раԥхьа Едем иҟалаз аҿагылара ашьҭахь Анцәа Иегова иҳәеит ауаатәыҩса агәыӷра рызҭо Аиқәырхаҩ дшырзаауа (Аҟаз. 3:15). Убри иоуп Андреигьы дзабадырыз. Пиотргьы иаразнак иҭаххеит Иисус иабадырра.

8. Иаа́нагозеи Иисус Пиотр ииҭаз ахьӡ, насгьы избан шьоукы уи ахьӡ инаалом ҳәа зырыԥхьаӡо?

8 Уи аҽнынӡа Пиотр Симон, ма Симеон ҳәа акәын дшырдыруаз. Иисус уи днаихәаԥшын иҳәоит: «„Уара уоуп Симон, Иона иԥа; иухьӡхоит Кифа“ (иаанагоит «ахаҳә» Пиотр)» (Иоанн 1:42). Ахьыӡҟа «кифа» иаа́нагон «ахаҳә», ма «ацаҟьа». Иисус ииҳәаз ԥааимбаражәан. Иара заа идыруан ишьҭанеицәа рзы Пиотр иӷәӷәоу, узықәгәыӷуа шьаҟаны дшыҟало. Ус ихы иԥхьаӡозма Пиотр? Иаҳҳәар ҳалшоит, мап. Иахьагьы шьоукы Аевангелиа ианаԥхьо, Пиотр ацаҟьа дызлеиԥшу маҷуп ҳәа алкаа ҟарҵоит. Шьоукы ргәы иаанагоит Абиблиаҿы иара узқәымгәыӷуа, илак-ҩакуа, згәаанагара лассы изыԥсахуа уаҩны даарԥшуп ҳәа.

9. Ирбозеи Иегова иԥеи иареи ҳҟазшьақәа рҿы, насгьы избан ҳара рыгәра ҳгалар зҳахәҭоу?

9 Ииашаҵәҟьаны, Пиотр иман аграқәа, уи Иисус ибзиаӡаны идыруан. Аха Иисус иара иаб Иегова иеиԥш есымша ауаа рҿы аҟазшьа бзиақәа ибон. Иара идыруан Пиотр илаз аҟазшьа бзиақәа, насгьы урҭ реизырҳара дицхраауан. Иахьа Иегова Иԥеи иареи убасҵәҟьа рҽазыршәоит ҳҟазшьа бзиақәа рбара. Зны-зынла иуадаҩуп агәрагара иҳалоу аҟазшьа бзиақәа дара ирыԥшаар рылшоит ҳәа. Аха ҳара урҭ рыгәра ҳгалароуп, насгьы Пиотр иеиԥш аҵара ҳазхиазароуп. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:19, 20.)

«Умшәан»

10. Иибазеи Пиотр, аха дабахынҳәи уеизгьы?

10 Иисус Пиотр данааиԥхьа ашьҭахь, излаҳбо ала, уи ажәабжьҳәаратә ныҟәара диццеит. Ус анакәха, Пиотр ибар илшон Иисус ақалақь Кана иҟаз ачараҿы аӡы аҩы алхны раԥхьаӡатәи аџьашьахәы шыҟаиҵаз. Аха уи аасҭа ихадоу Пиотр агәыӷра узҭо Анцәа Иаҳра иазкыз Иисус иажәабжь бзиа ахьиаҳауаз ауп. Ус шакәызгьы, иара аԥсыӡкрахь дхынҳәырц иӡбеит. Мызқәак рышьҭахь Иисуси Пиотри дырҩегь еиқәшәеит, усҟан Иисус уи идигалоит дахьцозаалак еснагь дицзарц.

11, 12. а) Дызҿызи Пиотр ауха шаанӡа? б) Игәалашәози Пиотр Иисус данизыӡырҩуаз?

11 Пиотр игәы каҳаны дыҟан: уи ауха дара акгьы рзымкӡеит. Акаҭа изныкымкәа идыршәуан, аха иҭацәны иҭыргон. Иҟалап Пиотр аԥсыӡкразы маанас иҟаз зегьы ихы иаирхәазар, насгьы аԥсыӡ ахьеизоз аҭыԥқәа зегь гәеиҭазар. Ҳәарада иҟалон аамҭа иара данхәыцуаз: «Избо сыҟазҭгьы аӡыхәашь салԥшны аԥсыӡ ахьырацәо, мамзаргьы аԥсыӡ акаҭа иҭалартә сзыҟаҵозҭгьы!» Ус еиԥш иҟаз ахәыцрақәа рҟынтә, ҳәарада, еиҳагьы игәы каҳауан. Пиотр аԥсыӡкра бзиа ибаны акәӡамызт дзаҿыз — иара иҭаацәара ныҟәигар акәын. Агаҿахь дхынҳәит иара акгьы имамкәа. Аха акаҭа уеизгьы ирыцқьатәын. Убри аҟынтә, Иисус Пиотр данааидгыла, уи аусура даҿын.

Пиотр игәы ахшәомызт Иисус иажәабжьҳәара атема хада — Анцәа Иаҳра дшахцәажәоз азыӡырҩра

12 Уи аамҭазы Иисус ажәлар идеизалеит, ииҳәоз иазыӡырҩырц азы. Убри аҟынтә Иисус Пиотр ишхәа дақәтәан, аҿықә аҟынтә маҷк днаскьарц диҳәеит, нас ауаа рырҵара далагеит. Иара ибжьы еилыкка аӡы ихыҩлон. Агаҿа еизаз ажәлар реиԥш, Пиотргьы Христос ииҳәоз ажәакгьы иаҩижьуамызт. Иара игәы ахшәомызт Иисус иажәабжьҳәара атема хада — Анцәа Иаҳра дшахцәажәоз азыӡырҩра. Изакәытә ҳаҭырузеи ари агәыӷра иазку ажәабжь израильтәи адгьыл ахьынӡанаӡааӡо аларҵәараҿы Христос ицхраара! Аха иныҟәызгода усҟан иҭаацәара? Иҟалап Пиотр ииасыз аҵх азы ԥсыӡк скып ҳәа иҽаназишәоз игәалашәозҭгьы (Лука 5:1—3).

13, 14. Иарбан џьашьахәу Иисус иҟаиҵаз Пиотр изы, аха ихы шԥамҩаԥигеи Пиотр?

13 Иисус ацәажәара даналга, Пиотр иахь ихы нарханы иеиҳәеит: «Наҟ, агәахьы унаскьа, шәыкаҭақәа аԥсыӡкразы ишәыршә». Пиотр алакҩакра далагеит. Иара иҳәеит: «Абжьаҩ! иахантәарак ҳаҽҳарааԥсауан, акагьы ҳзымкит; аха Уара уажәала акаҭа сыршәуеит». Пиотр уажәоуп акаҭа анирыцқьаз азы, ҳәарада иҭахымызт ҿыц акаҭа аршәра, еиҳарак уажәы, аԥсыӡ аныҟам! Ус шакәызгьы, иара азыӡырҩра ааирԥшит, иҟалап иара егьы ашхәа аҿы иҟаз аԥсыӡкыҩцәа ишьҭаларц адырга риҭазар (Лука 5:4, 5).

14 Пиотр акаҭа ҭигарц далагеит, аха уи мариамызт. Агәра мгакәа, иара акаҭа еиҳа иӷәӷәаны дахеит,— нас ашхәа ҭәит акаҭаҿы иԥаҭ-ԥаҭуаз аԥсыӡ ала. Иара егьы ашхәаҿы иҟаз аԥсыӡкыҩцәа ицхраарц азы адырга риҭеит. Урҭ ааит, аха иаарласны еилыркааит иркыз аԥсыӡ рыҩнышькгьы ишырзымкуа. Аԥсыӡ рацәаны иҟан, аха рыҩнышькгьы ҭәит аҟынтә, аӡааҟәрылара иалагеит. Пиотр уи даара иџьеишьеит. Иара ибахьан Иисус иҟаиҵахьаз аџьашьахәқәа, аха ари аџьашьахәы хаҭала иара изы иҟаҵан. Иҿаԥхьа дгылан ауаҩы, аԥсыӡ ахала акаҭа иҭалартә аҟаҵара зылшоз! Пиотр азныказы дшәеит. Иара Иисус иҿаԥхьа иҽынкаижьын диҳәеит: «Уҭыҵ абрантә, Иҳақәиҭу! — избанзар сара агәнаҳа змоу уаҩуп». Даԥсоума иара абас еиԥш иҟоу аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы Анцәа алшара зиҭаз Христос иааигәа аҟазаара? (Шәаԥхьа Лука 5:6—9.)

«Иҳақәиҭу... сара агәнаҳа змоу уаҩуп»

15. Ишԥааирԥши Иисус Пиотр илакҩакреи ишәареи шьаҭа шрымамыз?

15 Иисус хаала иеиҳәоит: «Умшәан; аринахыс ауаа укуа уалагап» (Лука 5:10, 11). Убасҟан ашәареи алакҩакреи ираамҭамызт. Пиотр абзазаратә усқәа баша дрызхьаауан. Играқәа рганахьала дзыцәшәозгьы шьаҭа амамызт. Иисус аҭоурых зыԥсахшаз аус дуқәа изыԥшын. Иара гәыҭбаарыла анажьра иазхиоу Анцәа димаҵзуҩын (Ис. 55:7). Убри аҟынтә Иегова Пиотр ицәеижьтә, насгьы идоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауан (Матф. 6:33).

16. Ишԥақәҿырҭи Иисус иааԥхьара Пиотри, Иакови, Иоанни, насгьы избан уи зегь реиҳа иҟәыӷаз аӡбара закәыз?

16 Пиотр, иара убас Иакови Иоанни иаразнак Иисус иааԥхьара иақәҿырҭит. «Аҩ-шхәакгьы аҟәарахьы иааӡыхганы, Иара инаишьҭалт» (Лука 5:11). Пиотр Христоси уи Даазышьҭызи рыгәра игеит. Иара Иисус ишьҭанеира иӡбеит, насгьы иԥсҭазаараҿы уи зегь реиҳа иҟәыӷараз ӡбаран. Иахьа аӡәырҩы иаадырԥшуеит абас еиԥш иҟоу агәрахаҵара, алакҩакреи ашәареи ириааины Анцәа имаҵзура ианалаго. Дара ахаангьы иахьхәраны иҟам Иегова иқәгәыӷра ахьырыӡбаз (Аԥсал. 21:5, 6 [22:4, 5, АдҾ]).

«Агәыҩбара зуоузеи?»

17. Иарбан хҭысқәоу Пиотри Иисуси еиқәшәеижьҭеи ҩышықәса рыҩныҵҟа иҟалаз, насгьы Пиотр игәалашәараҿы иаанхаз?

17 Пиотри Иисуси еибадыриижьҭеи ҩышықәса раҟара ҵит. Ахы алагамҭаҿы ишҳәаз еиԥш, Пиотр ашхәаҿы аҵх ихигеит ицәқәырԥоз Галилеиатәи амшын агәаны. Ҳәарада, ҳара иҳаздырам уи дзызхәыцуаз. Уи аамҭа иалагӡаны иҟалаз рацәоуп. Иисус Пиотр ианхәа дихәышәтәит. Иара Ашьха ашьапаҿы ажәахә иҳәеит. Уи идирҵоз, ишыдирҵоз, насгьы иҟаиҵоз аус дуқәа изныкымкәа ишьақәдырӷәӷәон иара Иегова иалихыз Мессиа шиакәу. Ииасуан амзақәа, Пиотр играқәа еиҳа-еиҳа еиӷьны дыриааиуа далагеит, иаҳҳәап деицрашәаны ашәареи алакҩакреи аҽаҭара. Иисус уи дагьалихуеит 12-ҩык апостолцәа дреиуазарц! Аха Пиотр имаз аԥсыҽра макьана даҿагылар акәын, иаарласны уи еиликаараны дыҟоуп.

18, 19. а) Шәахцәажәа Пиотр Галилеиатәи амшын аҿы иибаз. б) Ишԥақәҿиҭи Иисус Пиотр иҳәара?

18 Аԥшьбатәи аҷаԥшьараан, шьыжьымҭан асааҭ хԥа рынахыс, аха ишаанӡа, Пиотр ак ибеит, нас ашхәа аныҟәцара дааҟәыҵын, дшанхеит. Акы ацәқәырԥақәа ирықәланы иаауан! Ацыԥхьқәа амза алашараҿы ицырцыруазҭгьы? Мап, ацыԥхьқәа иреиԥшым. Уи дуаҩын — иара аӡы дықәланы дааиуан! Иара дааигәахон, угәы иаанагар ҟалон драҩсны дцар иҭахызшәа. Ишәаӡыӡаз аҵаҩцәа а́наур рбаз џьыршьеит. Ауаҩы дара рахь ихы наирхеит: «Шәгәы шәырӷәӷәа, шәымшәан, ари Сара соуп». Уи Иисус иакәын! (Матф. 14:25—28).

19 Пиотр иҳәеит: «Иҳақәиҭу! Ари Уара уакәзар, амшын сықәланы Уара уахь снашьҭы». Раԥхьа иара агәымшәара изцәырҵит. Пиотр иибаз аџьашьахәы аҟынтә игәы хыҭхыҭуа, иҭаххеит игәрахаҵара еиҳагьы ирӷәӷәарц. Иаргьы иҭаххеит аӡы дықәланы дцарц. Иисус дақәшаҳаҭхеит. Пиотр ашхәа аҿышәҭа дхыҵын иҭынчымыз аӡы днықәгылт. Шәхаҿы иаажәг иарбан цәаныррақәаз иара иоуз аӡы адгьыл еиԥш данықәгыла. Иҟалап уи изымбатәбараханы Иисус иахь иҿынеихазар. Аха иаарласны иара даҽа цәаныррак изцәырҵит. (Шәаԥхьа Матфеи 14:29.)

«Аԥша ӷәӷәа шасыз аниба, дшәеит»

20. а) Избан Пиотр Иисус илаԥш зиҟәигаз, насгьы иҟалазеи уи ашьҭахь? б) Иарбан ажәақәоу Иисус Пиотр иеиҳәаз?

20 Пиотр Иисус илаԥш ихымгакәа дихәаԥшлар ихәҭан, избанзар Иисус иакәын Иегова имч ала уи ацәқәырԥақәа дрықәыргыланы дызкыз, иара ус зыҟаиҵаз Пиотр игәрахаҵара ибеит азы ауп. Аха Пиотр дахнагеит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Аха ус, аԥша ӷәӷәа шасыз аниба, дшәеит». Ашхәа аҿышәҭ ианҟьоз аӡи ашәахи зыршәуаз ацәқәырԥақәа аниба, Пиотр дшәеит. Иҟалап иара дӡааҟәрылозшәа азхәыцра далагазар. Ашәара дамҽханакын, игәрахаҵара ԥсыҽхеит. Иисус Ацаҟьа ҳәа ззиҳәаз, насгьы аԥхьаҟа аӷәӷәахара зылшо ҳәа ииԥхьаӡоз ауаҩы — ахаҳә еиԥш аӡааҟәрылара далагеит! Пиотр даараӡа ибзианы дыӡсон, аха уажәазы иара дыҳәҳәеит: «Иҳақәиҭу! сеиқәырха!» Иисус уи инапы днамҵасын, аӡы дҭигеит. Анаҩс аӡы дшықәгылаз иара Пиотр акрызҵазкуаз ажәақәа иеиҳәеит: «Гәрахаҵара змам уара! агәыҩбара зуоузеи?» (Матф. 14:30, 31).

21. Избан агәыҩбара уҭанархар залшо, насгьы ишԥаҿагылатәу уи?

21 «Агәыҩбара» — шаҟа ианаалозеи ари ажәа! Агәыҩбара уҭанархар алшоит. Ҳара уи ҳҽаҳҭозар, ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар ауеит, уи доуҳала ҳӡаанарҟәрылоит. Уи хьаҵрада иаҿагылатәуп! Цхыраарас иҟоузеи? Ҳара ҳзыршәо, агәымшәара ҳацәзырӡуа, Иеговеи иара Иԥеи рҟынтә ҳхьазырԥшуа ҳахшыҩ рзаҳашьҭлар,— урҭ зегь ҳгәыҩбара еиҳартәуеит. Ҳара ҳрызхәыцлароуп Иеговеи иара Иԥеи, насгьы дара бзиа избо ауаа рзы иҟарҵахьоу, уажәы иҟарҵо, насгьы иҟарҵараны иҟоу. Усҟан агәыҩбара ҳагәрахаҵара арԥсыҽӡом.

22. Избан Пиотр игәрахаҵара аҿыԥшра изаԥсоу?

22 Иисуси Пиотри ашхәа ианақәтәа, афырҭын еиқәтәеит. Ҭынчрахеит, аԥшагьы асра иаҟәыҵит. Пиотри егьырҭ аҵаҩцәеи еицҿакны ҿаарҭит: «Ииашаны Уара Анцәа Уиԥоуп» (Матф. 14:33). Галилеиатәи амшын аҿы ашәаԥшь аацәырҵит. Иҟалаз ахҭысқәа зегь рышьҭахь Пиотр игәы ҭгәырӷьаауазҭгьы ҟаларын. Иара ибзианы еиликааит агәыҩбареи ашәареи ишырҿагылатәу. Пиотр иаразнак ацаҟьа деиԥшымхеит, аха иара хьаҵрада дазхиан ихы аус адулареи игәрахаҵара аизырҳареи. Шәазхиоума шәаргьы уи хьаҵрада? Ааи акәзар, шәара шәхаҭа агәра жәгоит Пиотр игәрахаҵара аҿыԥшра ишаԥсоу.