Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 18

Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон

Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон

1, 2. Шәахцәажәа, иарбан мҩоу дызхысуа Мариа, насгьы иҳаилшәыркаа ацара зылцәыцәгьоу?

МАРИА акыраамҭа дкараха аҽада дақәтәаны ацара даҿуп. Лаԥхьа днеиуеит лхаҵа Иосиф. Дара Вифлеемҟа ицоит. Амҩа хароуп. Иаалырҟьаны Мариа илнырит лыҩныҵҟа ахәыҷы дырҩегьых дышқәацаз.

2 Лара лыҿҳәарамза дҭагылоуп, иаарласынгьы ахшара длоураны дыҟоуп (Лука 2:5). Дара рымҩа ақыҭа иалгоуп. Иҟалап Мариа дызбоз амхурсҭаҿы аус зуаз ауаа иџьашьаны ирҳәозҭгьы: ишԥалгәаӷьи лара лҭагылазаашьаҿы амҩа ақәлара? Ииашаҵәҟьаны, избан Мариа лықалақь гәакьа Назарет дзацәыхарахаз?

3. Иарбан дҵоу иналыгӡар акәыз Мариа, насгьы еилаҳкаар акәызеи лара илызкны?

3 Зегьы мызқәак раԥхьа иалагеит. Иқәыԥшыз ари ауриатә ҭыԥҳа илоуит ауаатәыҩсатә ҭоурых аҿы зеиԥшыҟам адҵа: лара хшарас длоуеит Анцәа Иԥа, уи Мессиа иакәхоит! (Лука 1:35). Лыхшараура аамҭа маҷк шагыз, лара еилылкааит амҩа дшықәлар акәу. Лаԥхьаҟа аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи рацәаны илзыԥшуп. Илыцхраауазеи лыгәрахаҵара ӷәӷәа ахьчара? Шәааи еилаҳкаап.

Вифлеемҟа амҩа

4, 5. а) Избан Иосифи Мариеи Вифлеемҟа издәықәлаз? б) Иарбан ԥааимбаражәоу зынаӡара иацхраауаз цезарь иусԥҟа?

4 Иосифи Мариеи мацара ракәмызт усҟан амҩа иқәлаз. Усҟантәи аамҭазы Цезарь Август ашәҟәынҵара мҩаԥыргарц аусԥҟа ҭижьит, уи инақәыршәаны дарбанзаалак ауаҩы аҽҭаҩразы иқалақь гәакьахь дцар акәын. Иҟаиҵазеи Иосиф? Ҳара ҳаԥхьоит: «Иосифгьы Агалилеитә қалақь Назаретынтә Иудеиаҟа, Давид иқалақь Вифлеем ашҟа дыхәнеит, избан акәзар уи Давид иҩнреи ишьҭреи ирхылҵыз иакәын» (Лука 2:1—4).

5 Ари цезарь иусԥҟа ус баша иҭыжьмызт. Быжьшәышықәса раҟара уи аԥхьа иҳәан Мессиа Вифлеем дшиуа. Иазгәаҭатәуп Назаретынтә жәеиза километра ахьыбжьаз ишыҟаз ақалақь, уигьы Вифлеем ахьӡын. Аха аԥааимбаражәаҿы иазгәаҭан Мессиа дираны дшыҟоу «Вифлеем Ефрафа» аҟны. (Шәаԥхьа Михеи 5:2.) Назаретынтә ари ақыҭа хәыҷ аҟынӡа Самариа уалсны ахәадарала уцозар, 130 километра раҟара бжьоуп. Убри Вифлеем ахь акәын Иосиф дцар ахьихәҭаз, избанзар Иосифи Мариеи зҵазкуаз аҳ Давид иҭаацәареи иареи шьҭрала уахь иатәын.

6, 7. а) Избан Мариа лзы иуадаҩхар залшоз Вифлеемҟа ныҟәара́? б) Аҽшԥаԥсахи Мариа лызнеишьа аӡбарақәа рыдкылара аганахьала, Иосиф ԥҳәысс данига ашьҭахь? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

6 Дазыӡырҩуама Мариа цезарь идҵа анагӡаразы Иосиф идикылаз аӡбара? Иаҳҳәар ҳалшоит, уи аҩыза аныҟәара́ лара лзы имариамызт ҳәа. Уи ақәшәон ҭагалан алагамҭазы аарҩара анынҵәоз, насгьы ақәоурақәа ианрылагоз аамҭа. Уи адагьы «Агалилеитә қалақь Назаретынтә... дыхәнеит» ианаало ажәақәоуп, избанзар Вифлеем аҳаракыраҿы иҟан — 760 метра инареиҳаны амшын иазымариашаны,— даҽакала иуҳәозар, акырымш изқәыз амҩа ашьҭахь дара изыркароз ашьха ихалар акәын. Мариа лҭагылазаашьа ҳазхәыцуазар, амҩа абжьааԥны еиԥш акәымкәа, еиҳа аамҭа агар алшон, избанзар лара лассы-лассы лыԥсы лшьалар акәын. Ари аҩыза аамҭақәа раан дарбанзаалак аԥҳәыс лыҩны дыҟазар еиӷьылшьоит, ахшараура даналаго иаразнак лыцхраара иааиуа лҭаацәеи лҩызцәеи рааигәара. Мариа, ҳәарада, агәымшәара лҭахын уи амҩа дықәларц азы.

Вифлеемҟа амҩа мариамызт

7 Урҭ ауадаҩрақәа шыҟазгьы, Лука излаиҳәо ала, Иосиф «Мариа диманы, аҽанҵаразы» уахь дцеит. Лука иара убас иазгәеиҭоит уи аамҭазы Иосиф Мариа ԥҳәысс дшигахьаз (Лука 2:4, 5). Мариа Иосиф ԥҳәысс даницца, аӡбарақәа рыдкылара аганахьала лызнеишьа аҽаԥсахит. Иара лхада иакәхеит, убри аҟынтә Анцәа илзалихыз ацхырааҩ ироль дазхианы илыдылкылеит, уи иаа́нагон лхаҵа иӡбарақәа рыдгылара *. Убасала, азыӡырҩра аарԥшны лара лыгәрахаҵаразы иԥышәараны иҟалар алшоз даиааит.

8. а) Лгәазҭазҵар алшози еиҭахгьы Мариа Иосиф дицны Вифлеемҟа ацара? б) Дышԥаҟалеи Мариа иахьа инхо Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа рзы ҿырԥш бзианы?

8 Лгәазҭазҵазеи еиҭахгьы Мариа уи аӡбара азыӡырҩра? Илдыруазма лара Мессиа Вифлеем дираны дшыҟоу иазку аԥааимбаражәа? Иҟалап илдыруазҭгьы, избанзар уи аԥааимбаражәа аӡбахә адиннапхгаҩцәа реиԥш, иаабац ауаагьы ирдыруан (Матф. 2:1—7; Иоанн 7:40—42). Мариа Аҩыра бзианы илдыруан (Лука 1:46—55). Абасала, ари амҩа ақәларазы Мариа иарбан мзыззаалакгьы илымаз,— лхаҵа иӡбара дазыӡырҩны акәу, цезарь иусԥҟа акәу, ма Иегова иԥааимбаражәа ишаҳәоз дықәныҟәаны акәу, мамзаргьы даҽа мзызқәак ракәу,— ҳара ҳзы лара дҿырԥшы бзиоуп. Иегова аҳәсеи ахацәеи иаадырԥшуа ахынраалареи азыӡырҩреи даара ахә ҳаракны ишьоит. Иахьатәи ҳаамҭақәа раан аӡырҩреи аҳәатәхаҵареи ҟазшьа бзиақәоуп ҳәа изыԥхьаӡо маҷуп, убри аҟынтә Мариа лҿырԥшы Анцәа изиашоу ауаа зегь рзы имҩақәҵагоуп.

Христос иира

9, 10. а) Иргәалашәар рылшози Мариеи Иосифи, Вифлеем ианазааигәахоз? б) Избан Иосифи Мариеи уахынла абораҿы аангылара зрықәшәаз?

9 Иосифи Мариеи ахәы ихалон, икьасаны иҟалоз ахәшаҵлақәа ахьгылаз аҭыԥ иаҩсуа. Мариа харантә Вифлеем анылба, иҟалап лыԥсы ааивылгазар. Иҟалап лхаҵеи лареи ари ақыҭа хәыҷ аҭоурых ргәалашәазар. Аԥааимбар Михеи иажәақәа рыла, уи улаԥш иҵашәомызт, убри азы Иуда ақалақьқәа рхыԥхьаӡараҿгьы аӡбахә ҳәаӡамызт. Аха абраҟа ауп зқьышықәса инареиҳаны раԥхьа Воози, Ноеминьи, ԥыҭрак ашьҭахь Давидгьы ахьиз.

10 Ақыҭаҿы ауаа даара ирацәан. Аӡәырҩы Иосифи Мариеи раԥхьа иааит ашәҟәынҵара иахысырц азы, убри аҟынтә уахынла иахьаангылаша иҭацәыз аҭыԥқәа аанымхаӡеит *. Хаҵеи-ԥҳәыси абораҿы иаанымгылар ада уаҳа ԥсыхәа рымамызт. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иосиф ицәаныррақәа, иԥҳәыс ахаан илхылымгацыз еиҳа-еиҳа еизҳауаз ахьаа ачҳара шылцәыцәгьаз анибоз. Абраҵәҟьа ауп Мариа ахшараура дахьалагаз.

11. а) Избан дарбанзаалак аԥҳәыс Мариа лцәаныррақәа еилылкаар злылшо? б) Ишԥеилкаатәу «аԥхьахшаа» ҳәа Иисус изҳәаз ажәа?

11 Дарбанзаалак аԥҳәыс Мариа лцәаныррақәа ҳәарада еилылкаауеит. 4 000-ҟа шықәса раԥхьа Иегова иҳәахьан иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны аҳәса ахшараура аан ахьаа шрымазаауа (Аҟаз. 3:16). Иҳамаӡам ашьаҭа Мариа лҭагылазаашьаҿы ус акәӡамызт ҳәа ҳҳәартә. Аха Лука аамысҭашәала уи аӡбахә мыцхәы даламцәажәакәа иҳәоит: «Длоуит аԥхьахшаа Лԥа» (Лука 2:7). Ааи, Мариа аԥхьахшаа длоуит — раԥхьатәи ахшара, анаҩс быжьҩык иреиҵамкәа илоуз иреиҳабыз (Марк 6:3). Ари ахәыҷы есымша зегьы дрылукаалоит. Избанзар уи раԥхьатәи хшараны лара лзы мацара адагьы, Иеговагьы раԥхьатәи ихшара иакәын — «аханатә аахыс» иҟаз Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа! (Кәал. 1:15).

12. Дабаҭалҵеи Мариа лхәыҷы, насгьы ишԥаҟаҵәҟьаз Иисус дахьиз аҭыԥ, Қьырса иазку апиесақәеи, акомпозициақәеи, асахьақәеи рҿы ишарбоу еиԥш акәымкәа?

12 Араҟа Аевангелиа аҟны аӡәырҩы ирдыруа хәҭак ацлоит: «[Мариа] Уи акәырша дылаҳәаны аҽыхәчара дҭалҵеит» (Лука 2:7). Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо Қьырса иазку апиесақәа, акомпозициақәа, насгьы асахьақәа рҿы Христос иира аҭагылазаашьа иҟам-иным ацҵаны идырԥшӡоит. Аха шәазхәыц ари аҭыԥ шыҟаҵәҟьаз. Аҽы́хәчара — ари ахәы́ҭага ауп, аҩнатә ԥстәқәа акрахьынтәырфо аиашьыкь. Уажәраанӡа ишҳәаз еиԥш, хаҵеи-ԥҳәыси уахынла ҳәа абораҿы иаангылеит — ахаан аҳауа бзиеи ацқьареи ахьыҟамыз аҭыԥ аҿы. Иарбан ҭаацәоу рхәыҷы ииразы абора алызхуа, даҽа лшарак ыҟазар? Аҭаацәа есымша рхәыҷқәа рзы зегь иреиӷьу рҭахуп. Мариеи Иосифи Анцәа Иԥа иреиӷьу иҭара еиҳагьы ирҭахын!

13. а) Ишԥаҟарҵеи Иосифи Мариеи ирылшоз зегь ирымаз аҭагылазаашьақәа рҿы? б) Иарбан хықәкқәоу иҟәышу аҭаацәа рҿаԥхьа иқәдыргылалар рылшо, Иосифи Мариеи ирҿыԥшны?

13 Ишыҟазаалакгьы, рылшарақәа ахьмаҷыз азы дара ргәы кармыжьӡеит, насгьы ргәахы еибамкӡеит, аха ирылшоз зегь ҟарҵеит. Иаҳҳәап, Мариа лхала ахәыҷы иҭыԥ дықәылҵеит: лара дихӡыӡаауа акәырша дылаҳәаны дыцәарц аҽыхәчара дҭалҵеит, уаҟа иԥхарран, насгьы ишәарҭадаран. Мариа дгәаҭеиуамызт, насгьы изықәшәаз аҭагылазаашьақәа мыцхәы хьаас ишьҭымхкәа, лхәыҷы изы илылшоз зегь ҟалҵон. Уи адагьы, Иосифи лареи еилыркаауан зегь реиҳа ихадоу — уи ахәыҷы идоуҳатә гәабзиара аиҷаҳара шакәу. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:6—8.) Иахьа Анцәа ицәыхароу адунеи аҿы ахәыҷқәа зааӡо иҟәышу аҭаацәа убас еиԥш иҟоу ахықәкқәа рҿаԥхьа иқәдыргылоит.

Адоуҳатә гәышьҭыхра

14, 15. а) Избан ахьчацәа асаби ибара зырҭахыз? б) Иҟарҵазеи ахьчацәа, Иисус абораҿы данырба ашьҭахь?

14 Иаалырҟьаны арҭ аҭаацәара қәыԥш рҭынчра еиларгеит. Аборахь ахьчацәа ааит, дара ари аҭаацәара рбарц рҭахын, еиҳарак асаби. Арҭ ахацәа рхы-рҿы еихаччо игәырӷьон. Дара ргәарҭа хьчо иахьыԥхьоз ашьха анаара аҟынтә иццакны илбааит *. Ахьчацәа игачамкны иҟаз аҭаацәа ирзеиҭарҳәеит изакәытә џьашьахәу изықәшәаз. Ари ауха дара ахәы анаараҿы ишыҟаз, иаалырҟьаны амаалықь дрызцәырҵит. Иаарыкәыршаны Иегова ихьӡ-иԥша рықәыҷҷеит, нас амаалықь иреиҳәеит Вифлеем Христос, мамзаргьы Мессиа дышиз, насгьы акәырша дылаҳәаны арахә рҽы́хәчара иҭоу асаби дшырыԥшаауа. Анаҩс еиҳагьы узыршанхоз ак ҟалеит: иаацәырҵит Иегова дҳаразкуаз амаалықьцәа рыла ишьақәгылаз ҵҩа змамыз ар! (Лука 2:8—14).

15 Иџьашьатәӡам иаабац арҭ ауаа Вифлеемҟа иахьыццакыз. Шаҟа игәырӷьазеи дара, амаалықь иахьреиҳәаз аҭыԥ аҿы ҿыц ииз асаби данырба! Дара егьырҭ рҟынтә ргәырӷьара рҵәахӡомызт. Аевангелиа аҿы иануп: «Абри Асаби изкны ираҳаз рарҳәеит. Изаҳауаз зегьы иџьаршьауан ахьшьцәа урҭ ирзеиҭарҳәауаз» (Лука 2:17, 18). Усҟантәи аамҭазы иҟаз адин напхгаҩцәа, иҟалап ахьчацәа цәымӷрала ирзыҟазҭгьы. Аха Иегова, ҳәарада, рыхә ҳаракны ишьон урҭ зхы ӡырзымгоз, насгьы изиашаз ауаа. Ишԥалныри Мариа урҭ раара?

Иегова, ҳәарада, рыхә ҳаракны ишьон ахьчацәа — зхы ӡырзымгоз, насгьы иара изиашаз ауаа

16. Ишԥалыцхрааи Мариа инарҵауланы ахәыцра агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара?

16 Иҟалап Мариа ахшараура ашьҭахь лымчқәа маҷызҭгьы, аха ус шакәызгьы, лара зҿлымҳарыла ахьчацәа ражәақәа дырзыӡырҩуан. Уи адагьы, лара «арҭ ажәақәа гәынкылауа лгәы иҭалҵәахуан» (Лука 2:19). Ари аԥҳәыс қәыԥш инарҵауланы ахәыцшьа лдыруан. Лара еилылкаауан шаҟа ихадаз амаалықь иҟынтә илоуз ари ажәабжь. Лынцәа Иегова иҭахын илдыруазарц лԥа дызусҭоу, насгьы дзызку еилылкаарц. Убри аҟынтә лара ус баша дӡырыҩуамызт. Мариа арҭ ажәақәа лгәаҿы илыхьчон, амзақәеи ашықәсқәеи анҵлак ашьҭахь лассы-лассы дрызхәыцларц азы. Убри абзоуралоуп Мариа лыԥсы ҭанаҵы агәрахаҵара ӷәӷәа злымаз. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:1.)

Мариа зҿлымҳарыла ахьчацәа дырзыӡырҩуан, ражәақәа лгәы иҭаҵәахуа

17. Ишԥаҳалшо ҳара Мариа лҿырԥшы ақәныҟәара, адоуҳатә иашарақәа рганахьала?

17 Ишәнарҵозеи шәара Мариа лҿырԥшы? Иегова Иажәа адаҟьақәа рҿы ианиҵеит зыхә ҳараку адоуҳатә иашарақәа рацәаны. Аха урҭ ҳанырзыӡырҩуа ауп ианҳацхраауа. Убас ҟаҳҵалоит иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҳаԥхьозар,— асахьаркыратә ҩымҭа еиԥш акәымкәа, Анцәа идоуҳа зҵоу Ажәа еиԥш (2 Тим. 3:16). Анаҩс ҳара, Мариа леиԥш, арҭ адоуҳатә иашарақәа ҳгәаҿы иҳахьчалароуп, насгьы алкаақәа ҟаҳҵалароуп. Ҳара Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа Иегова иҳаиҭо алабжьарақәа еиҳа еиӷьны ҳхы ишаҳархәаша ҳазхәыцуазар, усҟан ҳагәрахаҵара еизҳарҳалоит.

Илаҳаз акыраамҭа лгәаҿы илыхьчон

18. а) Ишԥаадырԥши Мариеи Иосифи Моисеи Изакәан ишазыӡырҩыз Иисус иԥсҭазаара аабатәи амш аҽны? б) Еилаҳкаауазеи Иосифи Мариеи рматериалтә ҭагылазаашьа аганахьала, ауахәамаҿы инаргаз амҭа ҳахәаԥшуазар?

18 Моисеи Изакәан инақәыршәаны аабатәи амш аҽны Мариеи Иосифи асаби иаԥхьатә хырсеит, насгьы, ишрыдыз еиԥш, Иисус ихьӡырҵеит (Лука 1:31). Ҩынҩажәатәи амш аҽны Мариа лыҽрыцқьара амшқәа анынҵәа ашьҭахь, дара Вифлеемынтәи жәа-километрак раҟара ахьыбжьаз Иерусалимтәи ауахәамахь ицеит, нас закәанла аӷарцәа рзы иазԥхьагәаҭаз амҭа Анцәа изнаргеит: ҩ-ҟәарасак, мамзаргьы ҩ-ҳәыҳәк. Иҟалап Мариеи Иосифи рхы ҟәныршьозҭгьы, егьырҭ аҭаацәа реиԥш аҭыӷь амҭас анагара алшара ахьрымамыз азы, аха дара рҽазыршәон уи иазымхәыцларц. Ауахәамаҿ иахьыҟаз дара ироуз адоуҳатә гәышьҭыхра ӷәӷәа акәын ихадаз (Лука 2:21—24).

19. а) Иарбан ажәақәоу Симеон ииҳәаз Мариа акраамҭа лгәы иҭаҵәахны илымаз? б) Иҟалҵазеи Анна Иисус данылба?

19 Дара днарыдгылеит Симеон зыхьӡыз зықәрахь инеихьаз ауаҩы, насгьы иреиҳәеит Мариа акраамҭа лгәы иҭаҵәахны илымаз ажәақәа. Иара ажәа и́ҭан Мессиа дибаанӡа дшымԥсуа ала, нас Иегова иԥшьоу идоуҳа инардырит зыӡбахә ҳәаз Аиқәырхаҩ Иисус хәыҷ шиакәыз. Уи адагьы, Симеон Мариа илеиҳәоит а́ҳәа лылҟьазшәа ахьаа лхылгараны дшыҟоу (Лука 2:25—35). Арҭ ажәақәа гәыҿкааган, аха ҩажәижәаба шықәса инареиҳаны рышьҭахь аамҭа хьанҭақәа раан, иҟалап урҭ ажәақәа Мариа лгәы дырӷәӷәазар. Анаҩс Анна зыхьӡыз аԥааимбар ԥҳәыс Иисус хәыҷ дылбеит. Лара Иерусалим ахы ианақәиҭхо ҳәа агәыӷра змаз зегьы иӡбахә рзеиҭалҳәо далагеит. (Шәаԥхьа Лука 2:36—38.)

Мариеи Иосифи адоуҳатә гәышьҭыхра роуит Иерусалим Иегова иуахәамаҿы ианыҟаз

20. Избан Иерусалимтәи ауахәамахь Иисус иҭаацәа дахьааргаз ибзианы иҟарҵеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

20 Шаҟа ибзианы иҟарҵазеи Иосифи Мариеи рхәыҷы Иерусалимҟа Иегова иуахәамахь дахьааргаз! Убасала дара рԥа дшыхәыҷыз инаркны дадыршьцылон иааиԥмырҟьаӡакәа Иегова иуахәамаҿы аҟазаара. Ауахәамаҿы ианыҟаз дара рҽазыршәеит рылшарақәа инарықәыршәаны Азакәан ирыднаҵаз аҟаҵара, насгьы дара анапхгареи адоуҳатә гәышьҭыхреи роуит. Ҳәарада, уи аҽны Мариа ауахәама аҟынтә дцеит лыгәрахаҵара шыӷәӷәахаз, насгьы лгәы адоуҳатә иашарақәа рыла ишҭәыз лныруа, урҭ наҟ-наҟ дрызхәыцлар акәын, насгьы егьырҭ ирзеиҭалҳәалар лылшон.

21. Ишԥаҳалшо ҳара Мариа леиԥш ҳагәрахаҵара арӷәӷәара?

21 Даара игәырӷьароуп иахьа аҭаацәа Иосифи Мариеи рҿырԥшы ишықәныҟәо абара. Иегова Ишаҳаҭцәа иааиԥмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еиԥыларақәа рахь рхәыҷқәа рыманы инеиуеит. Урҭ аҭаацәа Анцәа имаҵзураҿы ирылшо зегь ҟарҵоит, насгьы ражәа қьиақәа рыла ақьырсиантә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыгәрахаҵара арӷәӷәара рҽазыршәоит. Дара урҭ аиԥыларақәа рҟынтә ихынҳәуеит доуҳала илахҿыхӡа, насыԥ рыманы, насгьы абиблиатә иашарақәа егьырҭ рзеиҭаҳәаразы агәаҳәара ӷәӷәа рыманы. Ҳара шәааҳаԥхьоит Иегова Ишаҳаҭцәа рабадырра. Уи абзоурала шәаргьы Мариа леиԥш шәыгәрахаҵара арӷәӷәара шәылшоит.

^ 7 абз. Иазгәашәҭ Мариа раԥхьатәи лныҟәареи ари аныҟәареи шаҟа еиԥшым. Абиблиа излаҳәо ала, Мариа «дҩагылан, лассы лҽааибыҭаны... дцеит» Елизавета лахь (Лука 1:39). Усҟан лара Иосиф дҳәаны дизтәан, аха ԥҳәысс дицымцаӡацызт, убри аҟынтә уи дизымҵаар лылшон. Аха ианеибага, аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Убри азоуп ныҟәара́ ацаразы аӡбара Мариа лакәымкәа, Иосиф иӡбара ауп ҳәа изыԥхьаӡоу.

^ 10 абз. Усҟантәи аамҭақәа раан иаԥын аныҟәацәа ақалақьқәа рҿы аҵх ахьырхыргаша азеиԥшынхарҭа ҭыԥ рыҭара.

^ 14 абз. Ахьчацәа ргәарҭа хьчо адәахьы иахьыцәаз афакт ишьақәнарӷәӷәоит абиблиатә хҭысқәа реишьҭагылашьа: Христос даниз ахьчацәа агәарҭа рыҩны иазааигәоу ахкаарақәа рҿы ианҭаркуаз декабр, мамзаргьы ианвар азы акәӡамызт, аха октиабр алагамҭазы акәын.