Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 9

Лара аҟәышра аалырԥшуан

Лара аҟәышра аалырԥшуан

1—3. а) Иарбан шәарҭараз Авигеиа лҭаацәара зҭагылаз? б) Еилаҳкаауазеи ари аԥҳәыс ссир илызкны?

АВИГЕИА игәалҭеит дыҩуа лааигәа иааиз амаҵуҩы ӷәӷәала акы дшаршәаз. 400-ҩык аруаа лхаҵа Навал идгьылқәа рзааигәахара иаҿуп, дара аҩнаҭаҿы иҟоу ахацәа зегьы ршьырц рҭахуп. Аха избан?

2 Уи зегь зыхҟьаз Навал иоуп. Иара еснагь еиԥш, ауаа дырҿаӷьаӷьаны, ихжәаны драцәажәеит. Аха уажәазы уи длаирҟәит аруаа бзиа ирбоз, насгьы пату зқәырҵоз, аԥышәа змаз раԥхьагыла. Амаҵуҩ қәыԥш, иҟалап уи ахьча иакәызҭгьы, ауаа реиқәырхаразы Авигеиа ак лыӡбап ҳәа дақәгәыӷны, лара лахь дыҩны дцеит. Аха иҟалҵар лылшози ԥҳәыск ар дуӡӡа рҿаԥхьа?

Иҟалҵар лылшози ԥҳәыск ар дуӡӡа рҿаԥхьа?

3 Шәааи раԥхьа ари аԥҳәыс ссир ҳлабадырып. Дызусҭада Авигеиа? Изыхҟьазеи аимак? Насгьы иаҳнарҵозеи ҳара лыгәрахаҵара аҿырԥшы?

«Иҟәышыз, насгьы иԥшӡаз»

4. Дзакәытә уаҩызи Навал?

4 Авигеиеи Навали еиқәнаган ҳәа узҳәомызт. Лара илеиӷьыз аԥҳәыс Навал ахаангьы дизыԥшаауамызт. Аха Авигеиа дзыццаз ахаҵа иеицәоу дыҟамызт. Иара амал иман, убри аҟынтә соуп ҳәа дыҟан, насгьы дԥагьан. Аха ишԥаизыҟаз иара егьырҭ ауаа? Абиблиаҿы ари ауаҩы цәгьа изкны иану улазырҟәуа ажәақәа уаҳа даҽаӡәы изы иҳәаӡам. Ихьӡгьы «ахшыҩда», ма «агаӡа» аа́нагоит. Ирҭама Навал ари ахьӡ даниз, мамзаргьы нас ихьӡырҵама? Ишыҟазаалакгьы, ари ахьӡ иҟазшьа даара ианаалон. Навал «ихжәаз, ицәгьаз уаҩын». Иара дырдыруан згәыжәла цәгьаз, насгьы лассы-лассы аҩы зҽазыршьуаз ҳәа, убри аҟынтә ауаа зегь ицәшәон, насгьы бзиа дырбомызт (1 Сам. 25:2, 3, 17, 21, 25).

5, 6. а) Иарбан ҟазшьа бзиақәоу Авигеиа илылаз? б) Дышԥаиццеи Авигеиа ԥҳәысс абас еиԥш иҽеимыз ауаҩы?

5 Авигеиа иара зынӡаск диеиԥшымызт. Лара лыхьӡ иаанагон «саб агәырӷьара далагеит». Дарбанзаалак ауаҩы ус еиԥш иԥшӡаз аԥҳа длылаҽхәар илшон, аха иҟәыӷоу аб еиҳа агәырӷьара изаанагоит ихәыҷы лыҩныҵҟатәи лыԥшӡара. Лассы-лассы зҭеиҭыԥш ԥшӡоу ауаа аҟәышреи, аҟәыӷареи, агәымшәареи, агәрахаҵареи реиԥш иҟоу аҟазшьақәа реизырҳара хадоуп ҳәа ирыԥхьаӡаӡом. Аха Авигеиа ус дыҟамызт. Абиблиа иаҳәоит: «Лара иҟәышыз, насгьы иԥшӡаз ԥҳәысын». (Шәаԥхьа 1 Самуил 25:3.)

6 Шьоукы иџьаршьоит: дышԥаиццеи абас еиԥш иҟәышыз аԥҳәыс ари «иҽеим ауаҩы»? Иазгәаҭатәуп абиблиатә аамҭақәа раан аҭаацәа шракәыз еиҿызкаауаз рхәыҷқәа рҭаацәара аԥҵара. Ишакәзаалакгьы, аҭаацәа рҟынтә ақәшаҳаҭхара аҭахын. Иҟалап Авигеиа лҭаацәа ракәзар лгәазҭазҵаз Навал иццара, ма илҭахӡамкәа дизҭаз, уи амал ахьимаз, насгьы дахьеицырдыруаз азы. Мамзаргьы иҟалап амамзаара акәзар уи ашьаҿа дзырҟаҵаз. Ишыҟазаалакгьы, Навал амал дхаҵа бзианы дҟанамҵаӡеит.

7. а) Иҟарҵар алшозеи аҭаацәа, рхәыҷқәа аҭаацәалазаара аганахьала ииашоу ахәаԥшышьа рыларааӡарц азы? б) Лҽыззылшәазеи Авигеиа?

7 Иҟәышу аҭаацәа рҽазыршәоит рхәыҷқәа аҭаацәалазаара аганахьала ииашоу ахәаԥшышьа рылааӡара. Дара урҭ ргәазҭарҵаӡом амал иазхәыцны аҭаацәара иалаларц, насгьы макьана иқәыԥшцәазар, ахныҟәгара иазхиамзар, аӡәы иеиҽырбара иалагарц идырццакӡом (1 Кор. 7:36). Аха Авигеиа уи даназхәыцшаз аамҭа цахьан. Лара уажәшьҭа Навал ԥҳәысс дигахьан, убри аҟынтә лҽазылшәон имариамыз лҭагылазаашьақәа рҿы иахьынӡазалшоз ԥҳәыс бзианы аҟазаара.

Навал «дара ажәа бааԥсқәа рықәиҳәацәеит»

8. Илаирҟәыда Навал, насгьы избан, шәара шәгәаанагарала, уи ахымҩаԥгашьа зыхшыҩдараз?

8 Уажәшьҭа Навал ихҟьаны Авигеиа лҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит. Иара илаирҟәыз иаабац уаҩымызт, уи Давид — Анцәа Иегова изиашоу имаҵзуҩы иакәын. Анцәа Давид аҳас дҟаларазы далихит, иара аԥааимбар Самуил Саул ицымхәрас ахәша зхьишьыз иакәын (1 Сам. 16:1, 2, 11—13). Ашьыцра злаз, ицәгьаз аҳ Саул дицәыбналаны, Давид ацәҳәыраҿы иҽиҵәахуан, уи ицын изиашаз 600-ҩык аруаа.

9, 10. а) Иарбан уадаҩрақәаз Давид ируааи иареи ирхыргоз? б) Избан Навал ахә ҳаракны ишьар зихәҭаз Давид ируааи иареи изыҟарҵаз? (Шәахәаԥш иара убас 10-тәи абзац ахь албаага.)

9 Навал Маон дынхон, аха Кармил азааигәара аус иуан, иҟалап иара уа ихатәы дгьылқәа имазҭгьы. Урҭ ақалақьқәа рзааигәара иҟан Навал имаз 3 000-хы ауасақәа ирызхашаз аҳаскьын ахьықәиаауаз ашьхаҳәырҭақәа. Уи адгьыл абжеиҳара акгьы ықәиааӡомызт. Алада ишьҭан ҳәаа змамыз ацәҳәыра Фаран. Мрагылараҟа Амшын ҵаа́ ахь амҩа ацәҳәыра иалган, уа иҟан агәаҩарақәеи ирацәаны аҳаԥқәеи. Арҭ аҭыԥқәа рҿы акәын Давид ицыз ауаа иманы иҽахьиҵәахуаз. Иҟалап дара ирцәыцәгьазҭгьы ирфашаз аԥшаара, насгьы изықәшәоз ауадаҩрақәа рыхгара. Лассы-лассы дара амал змаз Навал иҿы аус зуаз ахьчацәа рԥылон.

10 Иԥшарзыҟаз Давид ируаа урҭ ахьчацәа? Дара ирылшон атәым мазара ишабалак иазныҟәар, аха урҭ ахаангьы ус ҟарҵомызт. Уи аҭыԥан, дара Навал иуаажәлари игәарҭеи ирхылаԥшуан, урҭ рзы баагәараҵас иҟан. (Шәаԥхьа 1 Самуил 25:15, 16.) Арҭ аҭыԥқәа рҿы ауасақәа ргәархра шәарҭан. Ара агыгшәыгқәа ныҟәон, насгьы Израиль аладатәи аҳәаа иааигәаны ишьҭан, убри азы уаҟа арҳәцәа лассы-лассы иқәылон *.

11, 12. а) Ишԥаныԥшуаз Давид Навал иахь инаицҳаз ажәабжь аҳаҭырқәҵареи ахаареи? б) Избан Навал Давид иҳәара ишақәҿиҭыз зиашамыз?

11 Иҟалап Давид ицыз ауаа афатә рыгмырхакәа рныҟәгара ицәыцәгьазҭгьы. Зны иара Навал иахь жәа-ҩык ауаа шьҭны, ацхыраара даҳәеит. Давид уи азы ианаалоз аамҭа алихит. Усҟан Навал иуасақәа дырҟәыдуан, насгьы ишаԥыз еиԥш, аԥшәма ихәҭан меигӡарахда иусуҩцәаачеиџьыка рызирхиарц. Уи адагьы, Давид иҽазишәеит Навал иахь аҳаҭырқәҵара аарԥшны, ажәа хаала иацәажәара. Иара убас «уԥа Давид» соуп ҳәа иеиҳәеит, уи ала иара дахьиеиҳабыз азы апатуқәҵара ааирԥшит. Ишԥаидикылеи Навал Давид инаишьҭыз ауаа? (1 Сам. 25:5—8).

12 Иара иԥсахы еибакит, насгьы «ажәа бааԥсқәа рықәиҳәацәеит», убри аӡбахә ауп амаҵуҩы Авигеиа илеиҳәазгьы, ари ахы алагамҭаҿы ишеилаҳкааз еиԥш. Икаҷбеиз Навал ибжьы рдуны аҳәҳәара далагеит, насгьы игәы ԥжәеит: избан иара ича, иӡы, насгьы икәац аӡәы ииҭараны дзыҟоу?! Уи азмырхакәа, иара Давид ибналаз амаҵуҩы ҳәа изиҳәеит. Излаҳбо ала, Саул иеиԥш, Навалгьы Давид дицәымӷын. Аха Иегова изы Давид аҿагылара аазырԥшыз маҵуҩымызт, иара уи бзиа дибон азы, Израильаа раҳ ҳәа дихәаԥшуан (1 Сам. 25:10, 11, 14).

13. а) Ишԥаидикылеи Давид Навал ииҳәаз улазырҟәуаз ажәақәа? б) Иахаҳҳәаар ҳалшозеи Давид ихымҩаԥгашьа Иаков 1:20 иану апринцип инақәыршәаны?

13 Давид Навал иажәақәа аниарҳәа, иԥсахы еибакит. «Ишәыҟәнышәҵа шәа́ҳәақәа!» — ирыдиҵеит иуаажәлар. Навал иҩнаҭаҿы иҟоу ахацәа зегьы шишьуа ала дықәны, Давид 400-ҩык ируаа иманы аибашьра ддәықәлеит (1 Сам. 25:12, 13, 21, 22). Давид игәеибакра еилаҳкаар ҳалшоит, аха уи ииашам аусқәа рыҟаҵара игәазҭанаҵеит. Абиблиа иаҳәоит: «Ауаҩԥсы игәаара Анцәа ииаша-ҵабыргра ахылҿиаауам» (Иак. 1:20). Ишԥалылшеи Авигеиа лҭаацәара реиқәырхара?

«Иныҳәоуп бара бҟәышра»

14. а) Иарбан шьаҿоу Авигеиа раԥхьа иҟалҵаз, Навал ицәгьара лыриашарц азы? б) Иаҳдырҵозеи Навал иҿырԥшы бааԥси Авигеиа лҿырԥш бзиеи? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

14 Иҟалҵазеи Авигеиа лҭаацәара реиқәырхаразы? Ари астатиа алагамҭаҿы ишаныз еиԥш, раԥхьаӡа лара зҿлымҳарала лмаҵуҩы дизыӡырҩит. Аха Навал иакәзар, уи «иҽеим уаҩын» азы, «иацәажәара лҵшәадан» * (1 Сам. 25:17). Иара мыцхәы ихы дазхәыцуан, убри аҟынтә аӡәгьы изыӡырҩра иҭахымызт. Иԥагьоу ауаа иахьагьы имаҷым. Аха Авигеиа ус дыҟамызт, убри азоуп амаҵуҩы лара лахь дызнеиз.

Авигеиа Навал диеиԥшымызт, лара аӡырҩышьа лдыруан

15, 16. а) Избан Авигеиа Ажәамаанақәа рышәҟәы аҟны зыӡбахә ану абзиара аҟаҵара иашьҭоу аԥҳәыс длыҿҳарԥшыр зҳалшо? б) Избан Авигеиа лхымҩаԥгашьа ахадара апринцип дықәымныҟәаӡеит ҳәа заа́намго?

15 Авигеиа дҟәышын, насгьы деилҟьан. Абиблиаҿы иануп лара архиарақәа ҟалҵарц азы «ирласны дцеит» ҳәа. Ари ацыԥҵәахаҿы уи аԥҳәыс илызкны ԥшьынтә иаагоуп «аццакра; ирласны ак аҟаҵара» ҳәа аҵакы змоу ауриатә ҟаҵарба. Давид ицыз ауааи иареи рзы лара илырхиеит ибарақьаҭыз аҳамҭа: ача, аҩы, ауасақәа, арыцқәа ӡны, ажьырҩа, насгьы алаҳарҩа. Излаҳбо ала, Авигеиа аҩнтәи аусқәа бзианы иналыгӡон, насгьы Ажәамаанақәа рышәҟәы аҟны зыӡбахә ану абзиара аҟаҵара иашьҭоу аԥҳәыс леиԥш, лара илдыруан аҩны ирымаз (Ажәам. 31:10—31). Раԥхьа лара амаҵуҩцәа афатә рыҭаны илышьҭит, нас ларгьы дрышьҭалеит. «Аха лхаҵа Навал акгьы иалымҳәаӡеит» (1 Сам. 25:18, 19).

16 Иаа́нагома уи Авигеиа ахадара апринцип дықәымныҟәаӡеит ҳәа? Мап. Навал патударала дизныҟәеит Иегова идоуҳала иалхыз имаҵзуҩы, иара убас уи ихҟьаны акгьы зхарамыз ауаа ҭахар рылшон. Аха Авигеиа акгьы ҟалымҵозҭгьы, иаҳҳәар ҳалшоит, лхаҵа ихара ларгьы далахәхон ҳәа. Ишыҟазаалакгьы, раԥхьаӡа иргыланы лара Анцәа иҳәатәы налыгӡар акәын.

17, 18. Лхы шԥамҩаԥылгеи Авигеиа Давид иҿаԥхьа, насгьы иалҳәазеи лажәақәа игәаҵанӡа инеиртә?

17 Иаарласны Авигеиа Давид ицыз ауааи иареи дырԥылеит. Дырҩегь ари аԥҳәыс аамҭа лымгеит: «дыццакны аҽада дақәҵит», насгьы ахынраалара аарԥшны, Давид иҿаԥхьа дшьамхнышланы лыҽкалыжьит (1 Сам. 25:20, 23). Анаҩс Авигеиа Давид зегь изеиҭалҳәеит, насгьы лхаҵеи лҭаацәареи рахь агәшаҭара ааирԥшырц диҳәеит. Ишԥалылшеи лара лажәақәа Давид игәаҵанӡа анагара?

«Азин лыҭ утәы илҳәо улымҳа аҟынӡа анагара»

18 Авигеиа иҟалаз азы аҭакԥхықәреи ахареи лхахьы илгеит, насгьы Давид диҳәеит лхара ланаижьырц. Лара лхаҵа ихьӡ ишаҳәоз еиԥш, дшыхшыҩдоу лҳәеит. Иҟалап лара илҳәарц лҭахызҭгьы ус еиԥш иҟоу ауаҩы иҿы ашьоура Давид иаҭәам ҳәа. Авигеиа Давид Анцәа ихаҭарнак иеиԥш дизныҟәеит, «Иегова иеибашьрақәа» мҩаԥызго ҳәа изҳәаны. Уи адагьы, лара иаалырԥшит Давиди Аҳреи ирызку Иегова иқәыргәыӷра шылдыруа, убри аҟынтә илҳәеит: «Иара Израиль аԥхьагылаҩны уҟаиҵоит». Иара убас, Давид баша ашьа каимҭәаразы лара диашьапкуа далагеит, избанзар уи Анцәа иҿаԥхьа ахара иднаҵон, нас уи «угәы нзырхо мзызымхарц»,— даҽакала иуҳәозар, иламыс дамыргәаҟларц. (Шәаԥхьа 1 Самуил 25:24—31.) Шаҟа аҟәыӷара рыҵоузеи арҭ ажәақәа!

19. Ирхиҳәаазеи Давид Авигеиа лажәақәа, насгьы дызирҽхәазеи лара?

19 Ишԥаиныри Давид Авигеиа лажәақәа? Уи иаалгаз зегьы идикылеит, иагьиҳәеит: «Дныҳәоуп Иегова, Израиль Анцәа, бара бысԥылартә баазышьҭыз иахьа! Иныҳәоуп бҟәышра, насгьы бныҳәоуп бара ашьакаҭәара аҟынтә сахьааныбкылаз иахьа». Давид Авигеиа дирҽхәеит дымшәаӡакәа иԥылара дахьахыццакыз азы, насгьы илеиҳәеит лара лыбзоурала ашьакаҭәара шихарамхаз. «Аҩныҟа бгьежьы аҭынчра быманы,— иҳәеит иара, нас хынрааларала инациҵеит: — Бара ибҳәаз сазыӡырҩит» (1 Сам. 25:32—35).

«Уара утәы умаҵ аура дазхиоуп»

20, 21. а) Избан, шәгәаанагарала, Авигеиа лхаҵа иахь ахынҳәра дахьазхиаз арҽхәара дзаԥсоу? б) Ишԥаалырԥши Авигеиа агәымшәареи аҟәышреи, лхаҵа даниацәажәаша анылыӡбоз?

20 Авигеиа аҩныҟа даныхынҳәуаз Давиди лареи реиԥылара дазхәыцуан. Иара убас лара илызгәамҭо дыҟамызт Анцәа ицәшәоз, иқьиаз Давиди лара ԥҳәысс дызмаз игаӡоу ауаҩ хжәеи реиԥшымзаара. Аха лара ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа лыҽрылымҭеит, избанзар анаҩс ҳаԥхьоит: «Авигеиа Навал иахь дааит». Ааи, лара лхаҵа иахь дхынҳәуеит, избанзар илҭахын иахьынӡазалшоз иара изы дыԥҳәыс бзианы дыҟазарц. Лара изеиҭаҳәара лгәы иҭан Давид ицыз ауааи иареи аҳамҭа шрылҭаз. Лхаҵа уи адырра азин иман. Иара убас лара Навал иалҳәар акәын иаанылкылаз арыцҳара атәы, избанзар даҽаӡәы иҟынтәи еиликаазҭгьы, уи иара еиҳагьы дланарҟәуан. Аха иацәажәара алшара лмоуӡеит. Иара аҳ иеиԥш ачара ду ҟаиҵеит, насгьы ӷәӷәала аҩы дашьны дыҟан (1 Сам. 25:36).

Авигеиа гәымшәарыла Навал изеиҭалҳәеит иԥсҭазаара еиқәлырхарц азы иҟалҵаз

21 Авигеиа дырҩегь агәымшәареи аҟәышреи аалырԥшит. Лара илыӡбеит Навал изхара дыцәаанӡа, шьыжьынӡа дыԥшырц. Усҟан иара иижәыз еиҳа ихыԥсаауан илҳәо еиликаартә, аха иҟазшьа шыҟаз ала, еиҳагьы иҽирџьбарар илшон. Ус ишыҟазгьы, лара днаидгыланы зегь изеиҭалҳәеит. Лара лгәы иаанагон иара иԥсахы еибакуеит, мамзаргьы иҭаҷкәымқәа раҵәаны дылзыҵҟьоит ҳәа. Аха иара ус дтәан деиҭамҵӡо (1 Сам. 25:37).

22. Ихьзеи Навал, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара аҭаацәараҿы иҟоу адеспотизми ақәымчреи ирызкны?

22 Ихьзеи иара? Абиблиа ишану ала, «Навал игәы ҭыԥсаан, дхаҳәхазшәа даанхеит». Иҟалап уи адабла исзар. Жәамш раҟара анҵы, иара дыԥсит — аха ус баша ачымазара иахҟьаны акәӡам. «Иегова Навал дишьит» (1 Сам. 25:38). Ааи, Иегова Навал иус иашарала иӡбеит. Абасала Авигеиа лзы аԥхыӡ бааԥс еиԥш иҟаз лҭаацәалазаара аҵыхәтәа ԥҵәеит. Иахьа Иегова аӡәгьы дишьӡом, Давид ихаан ишыҟаиҵоз еиԥш. Аха ари аепизод иаҳгәаланаршәоит аҭаацәараҿы иҟоу адеспотизми ақәымчреи Иегова имбар шзалымшо. Ианахәҭоу аамҭазы иара хымԥада аиашара шьақәиргылоит. (Шәаԥхьа Лука 8:17.)

23. Иарбан зылԥхара ҷыдоу Авигеиа илоуз, насгьы ишԥаалырԥши уи иаразнак дшыхнамхыз?

23 Авигеиа ари аҭаацәалазаара иацыз ахьанҭара аҟынтә ахақәиҭра лоуит, уи адагьы, даҽа зылԥхара ҷыдак лыҭан. Давид Навал дшыԥсыз анеиликаа, амаҵуҩцәа Авигеиа лахь ишьҭны ԥҳәысс диццарц лыдигалоит. Лара ҭакс илҳәеит: «Уара утәы умаҵ аура дазхиоуп, насгьы сеиҳабы имаҵуҩцәа ршьапқәа рыӡәӡәара». Давид илыдигалаз лара иаразнак дыхнамхӡеит, насгьы илцәымӡӡеит илылаз аҟазшьа бзиақәа, ус ҳҳәар ҳалшоит, избанзар лара дазхиан имаҵуҩцәа дырмаҵуҩхарц. Ҳара дырҩегь ҳаԥхьоит, лара ирласны ак аҟаҵара далагеит — уажәазы лара Давид иахь ацара дазхиан (1 Сам. 25:39—42).

24. Иарбан уадаҩрақәоу Авигеиа дзықәшәаз, аха ишԥалзыҟаз лара лхаҵа, насгьы Анцәа?

24 Ус шакәызгьы, Авигеиа лыԥсҭазаара ибзианы инҵәо алакә еиԥшымызт. Давид усҟан Ахиноама ԥҳәысс дигахьан, насгьы усҟантәи аамҭазы Анцәа аполигамтә ҭаацәалазаарақәа шиаҩижьуазгьы, Анцәа ицәшәоз аҳәса рхатә уадаҩрақәа рыман. Уи адагьы, Давид макьана аҳас дҟамлацызт, насгьы иаԥхьаҟа имаҷымкәа ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи изыԥшын. Авигеиа Давид еснагь дивагыланы дицхраауан. Аамҭақәак рышьҭахь лара аԥа длоуит. Лара еилылкааит зыԥҳәыс дзыхьчо, насгьы лыхә ҳаракны изшьо ахаҵа имазаара закәу. Зны лара амҵарсцәа рҟынтәгьы деиқәирхахьан (1 Сам. 30:1—19). Убасала Давид диҿыԥшуан иҟәышу, агәымшәара злоу, Анцәа ицәшәо аҳәса пату рықәызҵо, насгьы рыхә ҳаракны изшьо Иегова.

^ 10 абз. Излаҳбо ала, Давид аҭыԥантәи адгьылмпыҵакыҩцәеи урҭ ргәарҭеи анихьчоз, Анцәа имаҵ иуеит ҳәа иԥхьаӡон. Усҟан ари адгьыл, Иегова ишиҳәаз еиԥш, Авраами, Исааки, Иакови рхылҵшьҭрақәа иртәын, убри азы атәымтәылауааи арҳәцәеи рҟынтә уи ахьчара иԥшьоу маҵзураны иԥхьаӡан.

^ 14 абз. Амаҵуҩы ихы иаирхәаз ажәақәа иаанагоит «велиар (амҽеира) аԥа». Егьырҭ абиблиатә еиҭагақәа рҿы Навал изы иҳәоуп «аӡәгьы изымӡырҩуа» ҳәа, насгьы убри азы «уаҩ дызиацәажәомызт» ҳәа.