Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 7

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

1. Изакәызеи Анцәа Иаҳра?

Избан Иисус зегьы иреиӷьу Аҳ зиакәу? (МАРК 1:40—42).

Анцәа Иаҳра — ари жәҩантә ҳәынҭқарроуп. Уи ауаатәыҩсатә ҳәынҭқаррақәа рҭыԥан иҟалоит, насгьы Анцәа игәаԥхара нанагӡоит ажәҩанаҿ еиԥш, адгьылаҿгьы. Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь — ари ажәабжь бзиа ауп. Иаарласны Анцәа Иаҳра анапхгара бзиа иазку ауаатәыҩса ргәахәтәы нанагӡоит. Уи адгьылаҿ инхо зегьы еиднакылоит. (Шәрыԥхьа Даниил 2:44; Матфеи 6:9, 10; 24:14.)

Аҳрақәа зегьы Аҳ дырхагылоуп. Иегова Иԥа Иисус Христос жәҩантә Аҳра Аҳас дахаиргылеит. (Шәаԥхьа Аатра 11:15.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?»

2. Избан Иисус зегьы иреиӷьу Аҳ зиакәу?

Анцәа Иԥа — зегь раасҭа еиӷьу Аҳ иоуп, избанзар иара дқьиоуп, насгьы аиашара иуеит (Матфеи 11:28—30). Уи адагьы, иара амч ду имоуп, избанзар жәҩанынтә напхгара иуеит. Уи абзоурала иара еиҳа еиӷьны ауаа дрыцхраар илшоит. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь, ажәҩанахь дцеит. Иара Иегова иарӷьарахьала дидтәалт (Ауриацәа 10:12, 13). Аамҭа анааи, Анцәа амчра ииҭеит, нас иара анапхгара далагеит. (Шәаԥхьа Даниил 7:13, 14.)

3. Ицзулода анапхгара Иисус?

Ажәҩанаҿ Иисус напхгара ицрулоит Абиблиаҿы «иԥшьоу» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ауаа (Даниил 7:27). Урҭ Иегова ихаҭа иалихуеит. Раԥхьаӡа уи агәыԥ иалалеит Иисус изиашаз иапостолцәа. «Иԥшьоу» — Анцәа изиашоу ахацәеи аҳәсеи — реизгара иахьа уажәраанӡагьы иаҿуп. Иисус иеиԥш урҭ рыԥсы ҭалоит ажәҩанаҿ адоуҳатә цәеижь рыманы. (Шәрыԥхьа Иоанн 14:1—3; 1 Коринфаа 15:42—44.)

Шаҟаҩ цода ажәҩанахь? Иисус урҭ «агәарҭа маҷ» ҳәа рыхьӡиҵеит (Лука 12:32). Дара зегь ааизакны иҟалоит 144 000-ҩык. Урҭ Иисус ицны адгьыл напхгара азырулоит. (Шәаԥхьа Аатра 14:1.)

4. Излалагазеи Иисус инапхгара?

Анцәа Иаҳра анапхгара иалагеит 1914 шықәсазы. Раԥхьа Иисус Аҳ иеиԥш анапхгара даналага, Аҩсҭааи идемонцәеи адгьылахь илбааишьҭит. Аҩсҭаа игәаԥсахы еибакны, ауаатәыҩса дрылалеит арыцҳарақәа рзааго (Аатра 12:7—10, 12). Убри аахижьҭеи ауаа гәаҟуеит арыцҳарақәа ирыхҟьаны. Аибашьрақәа, амлакра, аепидемиақәеи адгьылҵысрақәеи — ари зегь Анцәа Иаҳра шааигәахо «адырга» хәҭак ауп. (Шәаԥхьа Лука 21:7, 10, 11, 31.)

5. Иалыршахозеи Анцәа Иаҳра иабзоураны?

Ажәабжьҳәара аус, адунеи зегь аҿы имҩаԥысуа, иабзоураны Анцәа Иаҳра иахьа еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә ауаа еиднакылоит. Миллионҩыла иҭынчу ауаа Иисус инапхгара аҵаҟа иҟалоит. Анцәа Иаҳра урҭ ахьчоит ари ицәгьоу адунеи ақәхраан. Убри аҟынтә Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа инхар зҭаху зегьы Иисус изыӡырҩышьа рҵароуп. (Шәаԥхьа Аатра 7:9, 14, 16, 17.)

Зқьышықәсатәи Христос инапхгара аан Аҳра инанагӡоит раԥхьаӡатәи Анцәа игәҭакы ауаатәыҩса ирызкны. Адгьыл зегь џьанаҭхоит (1 Коринфаа 15:24—26). Иззеиҭашәҳәар шәҭахыда шәара Анцәа Иаҳра иазкны? (Шәаԥхьа Ԥсалом 37:10, 11, 29.)