Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 4

Дызусҭада Иисус Христос?

Дызусҭада Иисус Христос?

1. Ишԥалагеи Иисус иԥсҭазаара?

Иарбан ҟазшьақәоу ауаа Иисус идзыԥхьалоз? (МАТФЕИ 11:29; МАРК 10:13—16).

Иисус егьырҭ ауаа дырҿурԥшуазар, иара адгьылаҿы диаанӡа, доуҳатә хаҭараны ажәҩанаҿ дынхон (Иоанн 8:23). Иара Анцәа раԥхьаӡа иишаз иакәын, насгьы егьырҭ ршара далахәын. Иегова ихала иишаз Иисус заҵәык иоуп. Убри аҟынтә иара Анцәа «ихшаазаҵә» ҳәа дарбоуп (Иоанн 1:14). Иара убас Иисус «Ажәа» ҳәа ддыруп, избанзар Анцәа дихаҭарнакны амаҵ иуан. (Шәрыԥхьа Ажәамаанақәа 8:22, 23, 30; Кәаласаа 1:15, 16.)

2. Избан Иисус адгьылахь дзааз?

Анцәа Иԥа иԥсҭазаара жәҩанынтә аиудеитә ҭыԥҳа Мариа лымгәарҭахьы ииаигеит. Лара хаҵа длымбацызт. Ари иаанарԥшуеит Иисус адгьылаҿ аб дышимамыз (Лука 1:30—35). Иисус адгьылахь дааит: 1) Анцәа изку аҵабырг дирҵарц, 2) Анцәа игәаԥхара шынагӡатәу дирбарц, ианымариамгьы, 3) инаӡоу иԥсҭазаара «шьардаҩы ириҭарц». (Шәаԥхьа Матфеи 20:28.)

3. Изаҭахузеи аҿыхра?

Аҿыхра — ари аԥсра ззыԥшу ауаҩы ихақәиҭтәразы иахшәаау ахә ауп (Ақәҵымҭа 21:29, 30). Анцәа иҭахӡамызт ауаа ажәла́рц, насгьы иԥсларц. Иабантәаадыруеи уи ҳара? Анцәа раԥхьатәи ауаҩы, Адам, игәиҽаниҵеит агәнаҳа ҟаиҵар, дшыԥсуа. Ус анакәха, Адам агәнаҳа ҟаимҵазҭгьы, иара ахаангьы дыԥсуамызт (Аҟазаара 2:16, 17; 5:5). Абиблиа инақәыршәаны, аԥсра адунеи «иаҭааит» Адам ила. Иара ихылшьҭра зегь агәнаҳа рзынижьит, агәнаҳазы ахьырхәра — аԥсра нацҵаны. Адам шьҭрала иаҳзаанижьыз аԥсра аҟынтә ахақәиҭра ҳаурц азы, ҳара аҿыхра ада ԥсыхәа ҳамам. (Шәаԥхьа Римаа 5:12; 6:23.)

Изылшода аҿыхра ахә ахшәааны, аԥсра ҳацәыхьчара? Ауаҩы даныԥсуа, ихатәы гәнаҳақәа роуп ахә зхишәаауа. Дарбанзаалак инаӡам ауаҩы илшаӡом егьырҭ ауаа рыгәнаҳақәа ахә рыхшәаара. (Шәаԥхьа Ԥсалом 49:7—9.)

4. Избан Иисус дзыԥсыз?

Иисус ҳара дҳаиԥшымызт, уи днаӡан. Убри аҟынтә, иара иԥсра аҭахӡамызт игәнаҳақәа рзы — избанзар уи ахаан гәнаҳа ҟаимҵацызт. Иисус егьырҭ ауаа рыгәнаҳақәа рзы дыԥсит. Анцәа ауаатәыҩса рахь абзиабара дуӡӡа ааирԥшит, Иԥа ҳара ҳзы дыԥсырц адгьылахь данааишьҭ. Иисусгьы ҳара ҳахь абзиабара ааирԥшит, Иаб дизыӡырҩны ҳагәнаҳақәа иԥсы анрыхҭниҵа. (Шәрыԥхьа Иоанн 3:16; Римаа 5:18, 19.)

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Избан Иисус дзыԥсыз?»

5. Иҟаиҵозеи Иисус иахьа?

Иисус адгьылаҿ данынхоз, ичмазаҩыз ихәышәтәуан, иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵон, арыцҳара иақәшәаз дрыцхраауан. Уи ала Иисус иааирԥшит Анцәа изыӡырҩуа ауаа рзы ҳаԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу (Матфеи 15:30, 31; Иоанн 5:28). Иисус данԥсы, Анцәа уи доуҳатә хаҭараны иԥсы ҭеиҵеит (1 Пиотр 3:18). Анаҩс Иисус Анцәа иарӷьарахь диватәеит, насгьы адгьыл зегь напхгара азиуларц Иаб Аҳра анииҭо ҳәа дазыԥшын (Ауриацәа 10:12, 13). Уажәы Иисус ажәҩанаҿ Аҳра иуеит, иара ишьҭанеицәа адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо ажәабжь бзиа рыларҳәоит. (Шәрыԥхьа Даниил 7:13, 14; Матфеи 24:14.)

Иаарласны Иисус иаҳратә мчра ихы иаирхәоит. Иара агәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥиҵәоит, насгьы адгьыл ауаа цәгьақәа рҟынтә ирыцқьоит. Иисус иахь агәрахаҵара аазырԥшуа, насгьы изыӡырҩуа зегьы џьанаҭ дгьылаҿ инхалоит. (Шәаԥхьа Ԥсалом 37:9—11.)