Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?

Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?

Адунеи...

  • еиҳа еиӷьхома?

  • еиҳа еицәахома?

  • ишыҟоу иаанхома?

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит» (Аатра 21:4, Ауасиаҭ Ҿыц).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

Алҵшәа змоу, угәы иахәо аусура (Исаиа 65:21—23).

Ачымазарақәеи, агәырҩеи, агәаҟрақәеи рҟынтә ахақәиҭра (Исаиа 25:8; 33:24).

Насыԥ змоу, инымҵәаӡо аԥсҭазаара уҭаацәеи уҩызцәеи рыбжьара (Аԥсалом 37:11, 29).

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа ҩба:

  • Анцәа илшоит ҳзықәиргәыӷыз анагӡара. Абиблиаҿы Анцәа Иегова заҵәык иоуп «Зегьзку» ҳәа зыӡбахә ҳәоу, избанзар иара имч ҳәаак амам (Аатра 15:3). Ус анакәха, иара адунеи шеиӷьитәуа азы иқәыргәыӷра анагӡара илшоит. Абиблиаҿы иҳәоуп «Анцәа лшарас иҟоу зегь имоуп» ҳәа (Матфеи 19:26).

  • Анцәа иҭахуп ҳзықәиргәыӷыз анагӡара. Иаҳҳәап, Иегова даара иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵар. Абиблиаҿы иҳәоуп иара урҭ гәхьааигоит ҳәа (Иов 14:14, 15).

    Уи адагьы, Абиблиа иаанарԥшуеит Анцәа иԥа, Иисус Христос, ичмазаҩыз ауаа шихәышәтәуаз. Дрыцхраарызма иара, уи аҟаҵара иҭахымызҭгьы? (Марк 1:40, 41). Иисус ауаа данрыцхраауаз, Иаб ихаҭара инагӡаны иааирԥшуан (Иоанн 14:9).

    Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иеговеи Иисуси насыԥ змоу аԥеиԥш ҳамҭас иҳарҭарц шырҭаху! (Аԥсалом 72:12—14; 145:16; 2 Пиотр 3:9).

ШӘАЗХӘЫЦ

Ишԥеиӷьитәуеи Анцәа ҳара ҳдунеи?

Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит МАТФЕИ 6:9, 10, насгьы ДАНИИЛ 2:44 рҟны.