Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Шаҟа хьӡы имоузеи Анцәа?

Шаҟа хьӡы имоузеи Анцәа?

Абиблиа иану

 Анцәа хатәы хьӡык ауп имоу. Ауриатә бызшәала уи абас ауп ишырыҩуа: יהוה. Аԥсышәала «Иегова» ҳәа ауп ишеиҭагоу a. Анцәа иԥааимбар Исаиа ила иҳәеит: «Сара Иегова соуп. Ари сара сыхьӡ ауп» (Исаиа 42:8). Ажәытәтәи абиблиатә напҩырақәа рҿы уи ахьӡ уԥылоит 7 000-нтә раҟара, Анцәа иахь иаҵанакуа иарбанзаалакь даҽа ажәак аасҭа. Уи адагьы, Абиблиаҿы даҽаӡәы ихатәы хьыӡ ус лассы-лассы иуԥылаӡом b.

Имоума Иегова даҽа хьыӡқәак?

 Абиблиа инақәыршәаны Анцәа хьӡык ауп имоу. Иара убри аамҭазгьы уа иануп Иегова ихаҭара аазырԥшуа атитулқәа рацәаны. Абар титулқәак.

Атитул

Аҩыра аҭыԥқәа

Аҵакы

Аллаҳ

Ажәа «Аллаҳ» аагоуп аџьам бызшәа аҟнытә. Уи хатәы хьыӡӡам, аха атитул ауп, иаанагоит «Анцәа». Убри аҟынтә аџьам, насгьы егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭагоу Абиблиақәа рҿы ахархәара амоуп.

Зегьзымчу

Аҟазаара 17:1

Уззымиааиуа амч имоуп. Ауриатә бызшәала Ел Шадда́и, «Зегьзымчу Анцәа», Абиблиаҿы бжьынтә иуԥылоит.

Альфеи Омегеи

Аатра 1:8; 21:6; 22:13

«Ираԥхьатәиу, насгьы Иҵыхәтәантәиу», ма «алагамҭеи анҵәамҭеи», даҽакала иуҳәозар Иегова иаԥхьа дыҟамызт Зегьзымчу Анцәа, ишьҭахьгьы дҟалом (Исаиа 43:10). «Альфа», насгьы «омега» абырзен алфавит аҟны раԥхьатәии аҵыхәтәантәии нбанқәоуп.

Жәытәнатә аахыс иҟоу

Даниил 7:9, 13, 22

Алагамҭа имамызт, дыҟан есымша, иаԥхьа аӡәгьы дыҟамызт, насгьы акгьы ҟамлацызт (Аԥсалом 90:2).

Зегьзшаз

Исаиа 40:28

Зегь ҟалеит иара ибзоурала.

Аб

Матфеи 6:9

Аԥсҭазаара аҭаҩ.

Анцәа

Аҟазаара 1:1

Изымҵахырхәо; амч ду змоу. Ауриатә ажәа Елохи́м арацәа хыԥхьаӡара аформа амоуп, уи иаанарԥшуеит Иегова зегь раасҭа дшыҳараку, аҭыԥ ду шимоу, насгьы ҟазшьала ицназго дшыҟам.

Анцәақәа рынцәа

Ҩынтәзакәан 10:17

Ауаа зымҵахырхәо ак иаԥсам анцәақәа, Зегьирхаку Анцәа дузрыдкылом (Исаиа 2:8).

Амҩақәҵаҩ Ду

Исаиа 30:20, 21

Хәарҭара злоу аҵареи анапхгареи ҳаиҭоит (Исаиа 48:17, 18).

Ашаҩ Ду

Аԥсалом 149:2

Зегь ҟалеит иара ибзоурала (Аатра 4:11).

Насыԥ змоу Анцәа

1 Тимофеи иахь 1:11

Иара агәырӷьареи анасыԥи имоуп (Аԥсалом 104:31).

Аҳәарақәа ирзыӡырҩуа

Аԥсалом 65:2

Гәрахаҵарала иара иахь ирхоу доусы иҳәара дазыӡырҩуеит.

Сара иҟаҵәҟьоу соуп

Ақәҵымҭа 3:14

Игәҭакқәа рынагӡаразы, иахәҭоу иакәны дҟалоит. Иара убас ари афраза еиҭаган: «Сара исҭаху сакәны сҟалоит». Уи Ақәҵымҭа 3:15 аҿы иану ахатәы хьыӡ Иегова аҵакы аилкаара иҳацхраауеит.

Ахыбааҩ

Ақәҵымҭа 34:14

Иара ида даҽаӡәы имҵахырхәара алиршаӡом. Ари ажәа иара убас еиҭагоуп «иацлабуа дичҳаӡом», насгьы «иара заҵәык иахь азиашара аарԥшра ҳадиҵоит» ҳәа.

Наӡаӡатәи Аҳ

Аатра 15:3

Инапхгара алагамҭеи анҵәамҭеи амаӡам.

Иҳақәиҭу

Аԥсалом 135:5

Ампыҵакҩы ма аԥшәма; ауриатә бызшәала Адо́н, ма Адони́м.

Иҳақәиҭу Саваоф

Исаиа 1:9; Римаа рахь 9:29

Амаалықьцәа рыр ду напхгара азҭо. Атитул «Иҳақәиҭу Саваоф» иара убас ҵакыс иамоуп «Иегова ар реиҳабы», насгьы «Жәҩантәи ар Ирықәиҭу» (Римаа рахь 9:29).

Иреиҳаӡоу

Аԥсалом 47:2; Даниил 7:18, 27

Зегь иреиҳаӡоу аҭыԥ ааникылоит.

Иԥшьаӡоу

Ажәамаанақәа 9:10

Иара иаасҭа иԥшьоу дыҟам.

Аҳаԥшьаҟаҵаҩ

Исаиа 64:8

Ауааи ажәларқәеи рҿы амчра имоуп, анышәаԥшь аҳаԥшьаҟаҵаҩ инапаҿы еиԥш (Римаа рахь 9:20, 21).

Аиқәырхаҩ, Аҿыхҩы

Исаиа 41:14

Иисус Христос иԥсхҭынҵара абзоурала ауаа агәнаҳеи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра риҭоит (Иоанн 3:16).

Ацаҟьа

Аԥсалом 18:2, 46

Ишәарҭадароу аҽыҵәахырҭеи аиқәхареи ҳазҭо.

Аиқәырхаҩ

Исаиа 45:21

Ашәарҭара, ма аҭахара рҟынтә ҳихьчоит.

Ахьча

Аԥсалом 23:1

Имҵахырхәо дреиҷаҳауеит.

Зегьирхаку Иҳақәиҭу

Аҟазаара 15:2

Иреиҳаӡоу амчра имоуп; ауриатә бызшәала Адона́и.

Иреиҳаӡоу

Аԥсалом 47:2; Даниил 7:18, 27

Зегь иреиҳаӡоу, ихьыԥшым.

Ауриатә Ҩырақәа рҿы агеографиатә ҭыԥқәа рыхьӡқәа

 Абиблиаҿы Анцәа ихатәы хьӡы агеографиатә ҭыԥқәа рыхьӡқәа ирыдҳәаланы иануп, аха уи иаанагаӡом Анцәа даҽа хьыӡқәак имоуп ҳәа.

Агеографиатә ҭыԥ ахьӡ

Аҩыра аҭыԥқәа

Аҵакы

Иегова-Ире

Аҟазаара 22:13, 14

«Иегова исиҭоит».

Иегова-Нисси

Ақәҵымҭа 17:15

«Иегова — сара сгәысҽанызҵо сышьаҟа», ма «сара сдырга». Иегова — ажәларқәа зегьы ацхыраареи ахыхьчареи рзы захь инеиуа Нцәоуп (Ақәҵымҭа 17:13—16).

Иегова-Шалом

Аӡбаҩцәа 6:23, 24

«Иегова — аҭынчра».

Иегова-Шамма

Иезекииль 48:35

«Иегова уа дыҟоуп».

Анцәа ихьыӡ адырреи ахархәареи заҭаху

  •   Ҳәарада, Иегова изы ихатәы хьӡы даара ихадоуп, избанзар Абиблиаҿы ихьыӡ зқьынтә иуԥылоит (Малахиа 1:11).

  •   Анцәа ихьыӡ шаҟа ихадоу Анцәа Иԥа Иисус Христос иазгәеиҭон. Иаҳҳәап, иара Иегова диҳәон: «Хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ» (Матфеи 6:9; Иоанн 17:6).

  •   Анцәа ихьыӡ адырреи ахархәареи — ари Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара аизырҳаразы раԥхьатәи шьаҿоуп (Аԥсалом 9:10; Малахиа 3:16). Иегова иҩызцәоу рҿы инаӡоит иара иқәыргәыӷра: «Сара бзиа сахьибаз аҟнытә деиқәсырхоит; ацәгьа дацәысыхьчоит сара Сыхьӡ ахьидырыз азы» (Аԥсалом 91:14).

  •   Абиблиа ишьақәнарӷәӷәоит «„анцәақәа“ ҳәа изышьҭоу — ажәҩан аҿы аума, адгьыл аҿы аума, макьаназы иҟазаргьы,— адунеи, ииашаҵәҟьаны, еиуеиԥшым „анцәақәеи“ „аҳра зуеи“ рацәаҩны иахуп» ҳәа (1 Коринфаа рахь 8:5, 6). Аха уантәи еилыкка иаҳбоит иҵабыргу Анцәа Иегова зыхьӡу иара заҵәык шиакәу (Аԥсалом 83:18).

a Аӡәырҩы аиудеиатә ҵарауаа Анцәа ихьӡ «Иахве» ауп рҳәоит.

b Анцәа ихьӡ икьаҿу аформа Иаг, Абиблиаҿы 50-нтә раҟара иаҳԥылоит, иара убас ажәа «Аллилуииа» аҿы, уи иаанагоит «Иаг дшәырҽхәала» (Аатра 19:1, Асинодалтә еиҭага; Адунеи ҿыц аиҭага).