Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Изықәшәази Иегова ишаҳаҭцәа ахолокост аан?

Изықәшәази Иегова ишаҳаҭцәа ахолокост аан?

 Германиа ахолокост аан анацистцәа ирымпыҵархалаз аҭыԥқәа рҿы иқәынхон 35 000-ҩык раҟара Иегова ишаҳаҭцәа. Урҭ рҟынтә 1 500-ҩык раҟара ҭахеит. Шьоукы рыԥсышьа амзызқәа еилкааӡам. Ари атема иахьа уажәраанӡагьы иҭырҵаауеит, убри аҟынтә ахыԥхьаӡареи егьырҭ афактқәеи рҽырыԥсахлар алшоит.

 Ишԥаҭахеи дара?

  • Анацистцәа рхы иадырхәоз агильотина

      Ашьра. Германиа, иара убас анацистцәа ирымпыҵархалаз аҭыԥқәа рҿы иршьит 400-ҩык раҟара Иегова ишаҳаҭцәа. Урҭ рҟынтә еиҳараҩык аусӡбарҭа аҟны рус ӡбаны ашьра рықәырҵеит, анаҩс агильотина аҿы иршьит. Егьырҭ рус ӡбаӡамкәа икнаҳаны, ма иреихсны иршьит.

  •   Иҭаку рзы ицәгьоу аҭагылазаашьа. 1 000-ҩык инареиҳаны Иегова ишаҳаҭцәа анацисттә концлагерқәеи абахҭақәеи рҿы иҭахеит. Дара ԥсуан аџьабаа ӷәӷәеи, аргәаҟрақәеи, амлакреи, ахьҭакреи, ачымазарақәеи, насгьы амедицинатә цхыраара ахьрымамыз иахҟьаны. Абас еиԥш ицәгьаны иахьрызныҟәоз аҟынтә, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга ашьҭахь иҭакыз рҟынтә ахақәиҭра зауз шьоукы ԥсит.

  •   Егьырҭ амзызқәа. Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы ршьит газла иахьыршьуаз акамерақәа рҿы, иара убас амедицинатә експериментқәеи, иршьразы ирзыҟарҵоз ахәшәқәеи ирыхҟьаны.

 Избан дара изрышьҭашәарыцоз?

 Иегова ишаҳаҭцәа ирышьҭашәарыцон абиблиатә ҵарақәа иахьрықәныҟәоз азы. Анацисттә мчрақәа Иегова ишаҳаҭцәа ирықәыӷәӷәон Абиблиа зқәыӡбо аусқәа ҟарҵаларц азы, аха дара уи мап ацәыркуан. Дара ирыӡбеит «ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» ҳәа (Аусқәа 5:29). Ҳарзааҭгылап ҩ-ганк, Иегова ишаҳаҭцәа уи аганахьала иҟарҵаз алхра ишықәныҟәоз ҳзырбо.

  1.   Аполитикатә неитралитет. Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа ахьынхозаалакгьы аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет рыхьчоит (Иоанн 18:36). Ус ҟарҵон анацисттә аамҭақәа раангьы.

    •   Дара мап ацәыркуан арра ацара, ма аибашьра иадҳәалоу аусқәа ирыдгыломызт (Исаиа 2:4; Матфеи 26:52).

    •   Дара алхрақәа рҿы рыбжьы рҭиӡомызт, насгьы анацисттә организациақәа ирылалаӡомызт (Иоанн 17:16).

    •   Дара анацисттә бираҟ иамҵахырхәаӡомызт, насгьы «Хаиль Гитлер!» аҳәара мап ацәыркуан (Матфеи 23:10; 1 Коринфаа рахь 10:14).

  2.   Рыгәрахаҵара атәы аҳәара. Иегова ишаҳаҭцәа рыгәрахаҵара атәы аҳәара мап шацәкызгьы, дара аҟәыҵӡомызт...

    •   ...Анцәа иҳәареи иара имҵахырхәареи рзы аизара (Ауриацәа рахь 10:24, 25);

    •   ...Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәара, иара убас абиблиатә литература рыларҵәара (Матфеи 28:19, 20);

    •   ...ауаа зегь рахь ақьиара аарԥшра, ауриацәагьы уахь иналаҵаны (Марк 12:31);

    •   ...рыгәрахаҵара инақәыршәаны рхы амҩаԥгара, рхаҵара мап ацәыркырц азы адокумент рнапы аҵарҩырц анрыдыргалозгьы (Марк 12:30).

 Апрофессор Роберт Герварт ишәҟәқәа руак аҿы Иегова ишаҳаҭцәа ирзиҳәеит «Ахԥатәи ареих аҟны здинхаҵаразы изышьҭашәарыцоз дара ргәыԥ заҵәык акәын» ҳәа a. Аконцлагер иҭакыз егьырҭ ауаа Иегова ишаҳаҭцәа иаадырԥшуаз апозициа ӷәӷәа уамашәа ирбон. Австриантәи иҭакыз руаӡәк иҳәеит: «Урҭ еибашьӡом, дара ԥсыр еиҳа еиӷьыршьоит аӡәы дыршьыр аасҭа».

 Иабаҭахеи дара?

  •   Аконцентрациатә лагерқәа. Иегова ишаҳаҭцәа еиҳараҩык ҭахеит Бухенвальд, Дахау, Заксенхаузен, Маутхаузен, Нидерхаген, Ноиенгамме, Освенцим, Равенсбриук, насгьы Флоссенбиург аконцлагерқәа рҿы. Зыгәра угартә иҟоу ахыҵхырҭақәа излаарыцҳауа ала, Заксенхаузен алагер аҟны мацара Иегова ишаҳаҭцәа 200-ҩык раҟара ҭахеит.

  •   Абахҭақәа. Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы ԥсит абахҭақәа рҿы иахьдыргәаҟуаз аҟынтә, егьырҭ рҿахәы анырҿырхуаз аан иахьырыпҟоз иахҟьаны.

  •   Иахьыршьуаз аҭыԥқәа. Иегова ишаҳаҭцәа еиҳарак Берлин-Плиотцензе, Бранденбург-Гиорден, насгьы Галле абахҭақәа рҿы акәын иахьыршьуаз. Иара убас документла ишьақәырӷәӷәоуп Иегова ишаҳаҭцәа шыршьыз егьырҭ 70 ҭыԥқәа рҿы.

 Ахолокост аан иҭахаз

  •  Ахьӡ: Хелена Готтхольд

     Ашьра аҭыԥ: Берлин-Плиотцензе

     Хелена хаҵа ицахьаз, насгьы ҩыџьа ахәыҷқәа змаз зныкымкәа дҭаркхьан. 1937 шықәсазы ӷәӷәала дахьдыргәаҟуаз иахҟьаны илоураны иҟаз лыхшара дылцәыӡит. Декабр 8, 1944 шықәсазы лара дыршьит абахҭа Берлин-Плиотцензе агильотина аҿы.

  •  Ахьӡ: Герхард Либольд

     Ашьра аҭыԥ: Бранденбург-Гиорден

     Маи 6, 1943 шықәсазы ҩажәа шықәса зхыҵуаз Герхард ихы хырҵәеит ҩышықәса раԥхьа иаб дахьыршьыз абахҭаҿы. Иҭынхацәеи иигараны иҟаз аӡӷаби рахь ииҩыз аҵыхәтәантәи асаламшәҟәаҿы ианын: «Анцәа иҟынтә амч сымамызҭгьы, ари зегьы ахгара сылшомызт».

  •  Ахьӡ: Рудольф Аушнер

     Ашьра аҭыԥ: Галле

     Сентиабр 22, 1944 шықәсазы 17 шықәса зхыҵуаз Рудольф ихы хырҵәеит. Иара аҵыхәтәантәи асаламшәҟәаҿы иан илзиҩит: «Ари аҩыза зхызгаз аишьцәа рацәаҩуп, саргьы исылшоит».

a Hitler’s Hangman: The Life of Heydrich. Ад. 105.