Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Ишԥасылшо ашкол аҿы сеихьӡарақәа еиӷьыстәыр?

Ишԥасылшо ашкол аҿы сеихьӡарақәа еиӷьыстәыр?

 «Ҳакласс аҿы шьоукы ашәҟәқәа рымаӡамкәа иаауеит, аурокқәа рҿы рлымҳа алымҳахаҵақәа аҭаны амузыка иазыӡырҩуеит, арҵаҩы изыӡырҩра аҭыԥан. Нас ҩбақәа зҳауеи ҳәа иџьаршьоит! Аха иҟоуп ибзианы аҵара зҵарц зҭаху — саргьы уахь сналаҵаны — аха зегь акоуп ҳаихьӡарақәа рацәак ибзиам. Исзеилкаауам уи зыхҟьо. Даара угәы каҳауеит амчыбжь зегь аҩныҵҟа ҵхагәҭанынӡа ҿырҳәала иануҵо, аха дырҩегь иҽеим ахәшьара анузықәдыргыло» (Иоланда).

 Иузааигәома уара Иоланда лцәаныррақәа? Еилкаауп, иҽеим ахәшьарақәа ҩбақәеи хԥақәеи еишьҭаргыланы иануоуа аӡәгьы дшамыргәырӷьо.

 Шьоукы ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы ргәы каҳауеит, ак дыриашарцгьы иалагаӡом. Даҽа шьоукы зынӡа аҵара карыжьуеит. Аха арҭ ауадаҩрақәа рыӡбаразы даҽа знеишьақәак ыҟоуп. Еилкаа, уеихьӡарақәа реиӷьтәра иуцхраауа ф-шьаҿак.

 Иҟауҵар улшо

  •   Аурокқәа бжьоумыжьлан. Ари ашьаҿа мариоушәа угәы иаанагозар ҟалап, аха аурокқәа бжьоужьлар ухәшьарақәа бзиахаӡом.

     «Сара сышкол аҿы зыхәшьарақәа хьаас измамыз ракәын зурокқәа бжьазыжьуаз. Аха уи ала дара рхы акәын изԥырхагаз» (Метиу).

     Абиблиатә принцип: «Ауаҩы илаиҵаз ауп иааирыхуа» (Галаҭаа рахь 6:7).

  •   Аурокқәа ибзианы ухы рылархәла. Абар аурок ахь уааит. Уи бзиоуп! Иҟаҵатәузеи анаҩс? Аконспектқәа ҟаҵала. Уазхәыцла арҵаҩы еиҭеиҳәо. Иаҭыԥзар азҵаарақәа ықәыргылала.

     «Сара игәасҭеит арҵаҩцәа иаҳзеилымкаауа акы анырбо атема еиҳа еиӷьны ишаҳзеиҭарҳәо. Убри азоуп аурокқәа рҿы азҵаарақәа рацәаны изықәсыргыло» (Оливиа).

     Абиблиатә принцип: «Шәыӡырҩышьа шәахылаԥшла» (Лука 8:18).

  •   Амц умҳәалан. Аҵаҩцәа ахәшьара бзиақәа роурц азы лассы-лассы амц рҳәоит. Иаҳҳәап, аӡәы иҟынтә ихырҩылаауеит. Ус аҟаҵара шымцҳәароу адагьы, уара ахҩылаарала акгьы узҵаӡом, ажәакала ухы уаԥырхагоуп.

     «Аконтрольтә усураҿы ииашаны аҭак аҟаҵашьа узымдыруазаргьы, даҽаӡәы иҟынтә ихыумҩылаан. Уи џьаргьы иухәаӡом. Уара ухала ууадаҩрақәа рыӡбашьа аҵара аҭыԥан егьырҭ еснагь иуцхраалоит ҳәа уақәгәыӷлоит» (Џьонатан).

     Абиблиатә принцип: «Ҳарҭ... иҟаҳҵо зегьы гәык-ԥсык ала, иаша-ҵабыргла иҟаҳҵоит» (Ауриацәа рахь 13:18).

  •   Аҩныҟатәи адҵақәа ҭакԥхықәрала урызнеила. Иалшозар зегь раԥхьаӡа уурокқәа ҟаҵа, егьырҭ уусқәа (еиҳарак аԥсшьара) анаҩс иҟаҵа a. Аҩныҟатәи адҵақәа аныҟауҵалак ашьҭахь угәы рҭынчны гәахәарала уԥсы ушьар улшоит!

     «Сара ҭакԥхықәрала сурокқәа срызнеиуа салагеит аҟынтә сыхәшьарақәа еиҳа еиӷьхеит! Аҩны санааилак маҷк сыцәар, мамзаргьы амузыка сазыӡырҩлар ауп исҭаху. Аха сара зегь раԥхьа сҽазысшәоит сыҩныҟатәи адҵақәа рыҟаҵара, анаҩс сыԥсы сшьоит!» (Калвин).

     Абиблиатә принцип: «Ишәзеиӷьу, ишәыхәаша еилкаауа,... шәыҟазааразы» (Филиппаа рахь 1:10).

  •   Ацхыраара уаҳәала. Ак аҟаҵара уцәыцәгьазар егьырҭ ацхырааразы рыҳәара уацәыԥхамшьан. Уҭаацәа уразҵаа. Урҵаҩы иҿы еилкаа ухәшьарақәа шеиӷьутәыша. Зны-зынла ихәарҭоуп арепетитор иҿы аҽазыҟаҵара.

     «Арҵаҩы уиазҵаа аурок аганахь ала иузеилымкааз, насгьы ухәшьарақәа реиӷьтәразы иҟаҵатәу еилкаа. Арҵаҩы уҽазышәарақәа рыхә ҳаракны ишьалоит, насгьы дуцхраауеит» (Девид).

     Абиблиатә принцип: «Абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит» (Ажәамаанақәа 15:22).

  •   Иҟоу алшарақәа ухы иархәала. Зны-зынла аконтролтә усурақәеи атестқәеи рҿы иҟоуп иҵегьы иацу адҵақәа, урҭ ухәшьарақәа реиӷьтәра иуцхраауеит. Ухы рызкла афакультативтә дҵақәа, иаҳҳәап, еиқәыршәа ажәахә. Аконтрольтә усура уиаҟара ибзианы иузыҟамҵазар, урҵаҩы иҿы еилкаа ухәшьара аиӷьтәразы иҟауҵар улшо.

    Ахәшьарақәа реиӷьтәра амузыкатә инструмент арҳәара аҵара иаҩызоуп: уи мариам, аха аџьабаа иаԥсоуп

     «Ахәшьара бзиақәа риуразы аҽазышәарақәа ҟазҵаша схаҭа соуп. Убри аҟынтә сара снеины арҵаҩцәа ирасҳәоит сыхәшьарақәа реиӷьтәразы иҵегьы адҵақәа сырҭарц» (Маккензи).

     Абиблиатә принцип: «Иарбан џьабаазаалак ахәарҭа аанагоит, ацәажәара мацарақәа ахьыҟоу ӷарроуп» (Ажәамаанақәа 14:23).

a Удҵақәа еиҳа ирласны иҟоуҵар шулшо иазкны алабжьарақәа уԥшаар улшоит астатиа «Как справиться с лавиной домашних заданий?» аҟны.