Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Иҟасҵарызеи, ашкол сцәымӷзар?

Иҟасҵарызеи, ашкол сцәымӷзар?

 Злеишәа цәгьоу арҵаҩцәа. Уқәлацәа рықәыӷәӷәара. Арҵаратә ашықәс анҵәамҭазы имҩаԥысуа умч зегь улызхуа аԥышәарақәа. Ҵыхәаԥҵәара змам аҩныҟатәи адҵақәа. Еилкаауп аӡәырҩы ашкол бзиа изырымбо a. 19 шықәса зхыҵуа Реичел b илҳәоит:

 «Ашкол ахь аныҟәара еиԥш исцәымӷу ак ыҟам. Уи аасҭа амшын ахь ма сҩызцәа срыцны џьара сцарын. Сҭаацәа афатә аҟаҵареи, аҩны аилыргареи рыцхраараҵәҟьагьы сақәшаҳаҭхарын».

 Шәара Реичел леиԥш шәхы жәбозар, ашкол шәҭанаҵы абахҭа иҭаку шәхы рыҿшәырԥшуазар ауеит, насгьы ашкол шәалганы ахақәиҭра аншәоуа аамҭа шәазыԥшызар алшоит. Аха ишәыцхраауазеи уи даҽакала ахәаԥшра?

 Ижәдыруама шәара? Шәара ашкол ииашаны ахәаԥшышьа шәҵар, уи ԥышәарак еиԥш ишәзыҟалаӡом. Уимоу, уи ианшәызҳауа ишәыхәо аҟазшьақәа реизырҳара ишәыцхраауеит.

 Ашкол ииашаны шәазыҟазарц азы абри шәазхәыц:

 Ишәоуа аҵара. Шаҟа адыррақәа шәоуа аҟара, убриаҟара аԥхьаҟа аусуреи егьырҭ аԥсҭазааратә ганқәеи рҿы шәзықәшәало ауадаҩрақәа рыӡбара шәзымариазаауеит. Уи егьырҭ рықәгәыӷра аасҭа еиӷьуп. Шәхы шәазҵаа: «Ашкол аҿы исцәымӷу ак ыҟазаргьы, иарбан хәарҭоу уи исзаанаго?»

 Абиблиатә принцип: «Аҟәыӷареи аҟәышреи аарԥшла» (Ажәамаанақәа 3:21).

 Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш астатиа «Ишԥасылшо ашкол аҿы сеихьӡарақәа еиӷьыстәыр?»

 Еизшәырҳауа ашьцыларақәа. Ашкол аҿы еизшәырҳауа ашьцыларақәа аамҭа ииашаны ахархәашьеи, аҽеиҿкаашьеи, аџьабаа абашьеи шәнарҵоит. Арҭ аҟазшьақәа ианшәызҳауа ишәыхәоит. Шәхы шәазҵаа: «Ишԥасыцхраауеи ашкол аҿы еизсырҳауа ашьцыларақәа аҽеиҿкаашьеи, усуҩ бзианы аҟалареи? Иҟоума уи аганахь ала аус здызулаша?»

 Абиблиатә принцип: «Иарбан џьабаазаалак ахәарҭа аанагоит» (Ажәамаанақәа 14:23).

 Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш астатиа «Как научиться планировать свое время?»

 Ауааи шәареи шәеизыҟазаашьақәа. Ашкол аҿы аҵара зцышәҵо аамҭа ахьрыцышәхыжәго абзоурала ауаа реилкаашьеи пату рықәҵашьеи шәҵоит. «Аҭоурыхи анаукеи удыруазар шхадоу еиԥш, ауаа рацәажәашьагьы удыруазароуп, — иҳәоит 23 шықәса зхыҵуа Џьошуа. — Уи шәыԥсы ахьынӡаҭоу ишәыхәало акоуп». Шәхы шәазҵаа: «Ишԥаснарҵо ашкол ауаа рнаалашьа, урҭ даҽа милаҭк иатәызаргьы, ма даҽа гәаанагарак рымазаргьы?»

 Абиблиатә принцип: «Ауааи шәареи шәыбжьара аҭынчра ыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала» (Ауриацәа 12:14).

 Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш астатиа «Ишԥасылшо ауаа рацәажәашьа аҵара?»

 Ԥхьаҟатәи шәԥеиԥш. Ашкол ҟазарас ишәылоу аилкаареи, уи инақәыршәаны ахықәкқәа рықәыргылареи ишәыцхраауеит. 22 шықәса зхыҵуа Брук илҳәоит: «Ашкол уаналгалак ашьҭахь, сара ишыҟасҵаз еиԥш, иаразнак аусура уалагарц азы ашкол ушҭоугьы курсқәак урхысыр улшоит». Шәхы шәазҵаа: «Схы зланыҟәызгалои, ашкол саналгалак ашьҭахь? Иҟасҵар сылшои, уажәы исоуа адыррақәа саԥхьаҟа сусураҿы исыхәарц?»

 Абиблиатә принцип: «Ушьапы ахьықәургыло умҩа риашала» (Ажәамаанақәа 4:26).

a Ари астатиаҿы иаагоу алабжьарақәа жәпакы аҩнынтәи аҵара зҵогьы ирыхәоит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.