Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Издыруазар сыхәҭоузеи аелектронтә хәмаррақәа ирызкны?

Издыруазар сыхәҭоузеи аелектронтә хәмаррақәа ирызкны?

 Агәаҭара

 Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аелектронтә хәмаррақәа миллиардла адолларқәа ахьаарго...

  1.   Шаҟа шықәса рхыҵуазеи бжьаратәла аелектронтә хәмаррақәа ихәмаруа ауаа?

    1.  А. 18

    2.  Б. 30

  2.   Ихәмаруада еиҳарак акомпиутертә хәмаррақәа, ахацәа ракәу аҳәса ракәу?

    1.  А. Ахацәа 55 процент; аҳәса — 45

    2.  Б. Ахацәа 15 процент; аҳәса — 85

  3.   Аелектронтә хәмаррақәа ихәмаруа арҭ ҩ-гәыԥк рҟынтә, ишьақәзыргылода еиҳау агәыԥ?

    1.  А. 18, насгьы еиҳаны зхыҵуа аҳәса

    2.  Б. 17, насгьы еиҵаны зхыҵуа аҷкәынцәа

 Аҭакқәа (2013-тәи ашықәс азы имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны):

  1.   Б. 30.

  2.   А. Аҳәса 45 процент шьақәдыргылоит, ахәмарҩцәа рыбжаҩык раҟара.

  3.   А. 18, насгьы еиҳаны зхыҵуа аҳәса 31 процент шьақәдыргылоит, 17, насгьы еиҵаны зхыҵуа аҷкәынцәа — 19 процент.

 Арҭ ахыԥхьаӡарақәа иаҳдырбоит аелектронтә хәмаррақәа еиҳарак изгәаԥхо зусҭцәоу? Аха урҭ иаҳдырбаӡом иарбан нырроу ахәмаррақәа иурҭо, ицәгьоу акәу ибзиоу акәу.

 Ахәарҭа

 Иарбан гәаанагароу аелектронтә хәмаррақәа ирызкны уара узықәшаҳаҭхар улшо?

  •  «Уи агәахәара узаазго уҭаацәеи уҩызцәеи рзааигәахара иуцхраауа лшароуп» (Аирин).

  •  «Уи иааукәыршаны иҟоу азымхәыцра иуцхраауеит» (Аннетт).

  •  «Урҭ ҭагылазаашьак аҿы еиҳа ирласны ак аӡбара иуцхраауеит» (Кристофер).

  •  «Ахәмаррақәа ауадаҩрақәа рыӡбашьа удырҵоит» (Еми).

  •  «Дара ухшыҩ аус адыруеит; ахәыцреи аплан ашьақәыргылареи иуцхраауеит» (Ентони).

  •  «Хәмаррақәак уҩызцәа аус рыцушьа удырҵоит» (Томас).

  •  «Хәмаррақәак абаҩрҵәыра аҟаҵареи еснагь улахҿыхны аҟазаареи иуцхраауеит» (Џьеил).

 Урықәшаҳаҭума уара арҭ агәаанагарақәа зегьы, мамзаргьы руак? Авидеохәмаррақәа ухшыҩтә, насгьы уцәеижьтә лшарақәа ахәарҭа рзааргар рылшоит. Хәмаррақәак аамҭа ибзианы ахгара, насгьы, Аннетт ишылҳәаз еиԥш, «иааукәыршаны иҟоу азымхәыцра» мацара аҿы акәзаргьы иахьуцхраауа, уи ҽеим ҳәа узҳәом.

 ● Абиблиаҿы иануп «ажәҩан аҵаҟа аусқәа зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп» ҳәа, аԥсшьарагьы уахь иналаҵаны (Екклезиаст 3:1—4).

 Аԥырхага

 Иуцәырӷьычуама акомпиутертә хәмаррақәа уаамҭа?

 «Ахәмарра саналагалак, нас аҽынкылара сцәыцәгьоуп. „Даҽа ҩаӡара заҵәык сахысуеит!“ — сҳәоит сара. Аха исызгәамҭаӡакәа акомпиутер сшаҿатәо асааҭқәа сыцәцоит!» (Аннетт).

 «Лассы-лассы авидеохәмаррақәа аамҭа уцәырӷьычуеит. Сааҭла утәоуп, насгьы ихадоу уск ҟауҵеит ҳәа угәы иаанагоит — избанзар хә-хәмаррак рҿы уаиааит,— аха ииашаҵәҟьаны уара акгьы ҟаумҵеит» (Серена).

 Алкаа ҟаҳҵап. Уара аԥара уцәыӡыр, уи уԥшаар улшоит. Аха иуцәыӡыз аамҭа ахаангьы иузырхынҳәӡом. Ус анакәха, аамҭа аԥара аасҭа ахә ҳаракуп ҳҳәар ҳалшоит. Убри аҟынтә удырҳәыртә алумыршан!

 ● Абиблиаҿы иануп: «Аҟәыӷара аашәырԥшла, шәаамҭа шәеиҷаҳала» (Кәаласаа рахь 4:5).

 Ианыруама ухәыцшьа акомпиутертә хәмаррақәа?

 «Ацәгьоурақәа рзы абахҭа уҭаркыр ма ашьра уқәырҵар алшоит. Акомпиутертә хәмаррақәа рҿы ауаа иазымхәыцӡакәа ус еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа „ҟарҵоит“» (Сет).

 «Ахәмаррақәа жәпакы рҿы ухықәкы наугӡарц азы уаӷацәа уриааилар ауп. Лассы-лассы уи азы урҭ гәымбылџьбарала иушьлар ауп» (Аннетт).

 «Зны-зынла иузхаҵом узцыхәмаруа уҩызцәа „Уԥсы!“ ма „Усшьуеит уажәы!“ ҳәа шрауҳәо» (Неитан).

 Алкаа ҟаҳҵап. Анцәа ицәымӷу аусқәа ахьыҟоу ахәмаррақәа уҽырцәыхьчала, иаҳҳәап ақәымчра, агәаԥхашәадара, аспиритизм (Галаҭаа рахь 5:19—21; Ефесаа рахь 5:10; 1 Иоанн 2:15, 16).

 ● Абиблиаҿы иануп Иегова «ақәымчра бзиа избо зегьы» шицәымӷу — уи ҟазҵо рымацара ракәымкәа (Аԥсалом 11:5, АдҾ). Иалухуа аелектронтә хәмаррақәа узеиԥш уаҩхо аадмырԥшуазаргьы, урҭ уажәы узакә уаҩу аадырԥшыр ауеит.

 Уазхәыц абри: ашәҟәы «Как не выходить из себя» (Getting to Calm) аҿы иануп: «Игәымбылџьбароу авидеохәмаррақәа ателехәаԥшра аасҭа ухымҩаԥгашьа ианыруеит, избанзар ахәыҷқәа игәымбылџьбароу, егьырҭ зшьуа ауаа ус баша ирыхәаԥшӡом — дара рхаҭа урҭ ракәны иҟалоит. Ахәмаррақәа ҳара ак ҳдырҵоит, ус анакәха, игәымбылџьбароу ахәмаррақәа ахәыҷқәа ақәымчра днарҵоит». (Иаҿшәырԥш Исаиа 2:4.)

 Аҭышәынтәалара аарԥшла

 Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы аелектронтә хәмаррақәа ииашаны рызнеишьа рҵеит. Абар ҩ-ҿырԥштәык.

 «Сара акомпиутертә хәмаррақәа ҵхабжьонынӡа срыдтәалан, абас сгәы рҭынчуа: „Хә-сааҭк уцәар иузхоит, ус ауми? Даҽа ҩаӡара заҵәык сахысуеит!“ Аха уажәшьҭа ахәмаррақәа ирыхәҭоу аҭыԥ аҿы рыргылашьа сҵеит. Уажәы урҭ зны-зынла угәы злаурҿыхар алшо ахәмаррақәа реиԥш сырзыҟоуп. Аха аусқәа зегь рҿы аҭышәынтәалара аарԥшлатәуп» (Џьозеф).

 «Сара ахәмарра саҟәыҵит, ирацәаны аусқәагьы срыхьӡо салагеит! Смаҵзура еиӷьыстәит, аизараҿы срыцхраауа салагеит, иара убас афортепиано аҿы ахәмаршьа сҵеит!» (Деивид).

 ● Абиблиаҿы иануп ишәхьоу аҳәсеи ахацәеи аҭышәынтәалара аадырԥшуеит ҳәа (1 Тимофеи иахь 3:2, 11). Дара аԥсшьара бзиа ирбоит, аха ианаангылатәу рдыруеит, уи аҟаҵаразгьы аҽынкылара рымоуп (Ефесаа рахь 5:10).

 Алкаа ҟаҳҵап. Аелектронтә хәмаррақәа рыбзоурала ибзианы уԥсы ушьар улшоит, аха урҭ рҭыԥ рымазар ауп. Урҭ уаамҭа ухы ишаурхәаша уҵарҳәалартә рылумыршан, насгьы дара ирыхҟьаны аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу уаҩужьыртә ҟаумҵан. Еиӷьӡами умчи улшареи аԥсҭазаараҿы ухықәкқәа рынагӡареи аиааира агареи ирзукыр, ахәмарраҿы хықәкык анагӡара иазукыр аасҭа?