Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Изсымами аҩызцәа?

Изсымами аҩызцәа?

Аинтернет аҿы ааигәа иҟаз аиҩызцәа реиԥылараҿы иҭырхыз апатреҭқәа урыхәаԥшуеит. Уҩызцәа зегьы уа иҟан. Иубарҭоуп аамҭа бзианы ишырхыргаз. Аха ак агушәа иҟоуп. Еиҳа лымкаала иаҳҳәозар — аӡә дагушәа. Уи уара уоуп!

«Сара исзарымҳәеи?» — уамашәа ибаны уҵаауеит уара.

Раԥхьа уи уамашәа иубеит, аха нас угәааит: «Абарҭ роума аҩызцәа! Зегьы ирарҳәеит, сара сагьыргәаламшәеит». Шәеиҩызара акапеи кылҵәа иаԥсамызшәа, иныҵаба ицеит. Абар, аӡәгьы уиҭахымызшәа, узаҵәушәа ухы убо уалагоит, ухгьы уазҵаауеит: «Изсымами аҩызцәа?»

 Азаҵәра иазку атест

 Ииашоу-ииашаму

  1.   Аҩызцәа рацәаны иумазар, ахаангьы ухы заҵәны иубалаӡом.

  2.   Асоциалтә каҭа уҽҭоугалар, ахаангьы ухы заҵәны иубалаӡом.

  3.   Ҳәаа амамкәа, шаҟа уҭаху СМС аҩра алшара умазар, ахаангьы ухы заҵәны иубалаӡом.

  4.   Егьырҭ урыцхраауазар, ахаангьы ухы заҵәны иубалаӡом.

 Аԥшьшьақәырӷәӷәаракгьы иашаӡам.

 Избан?

 Аиҩызареи азаҵәреи ирызку афактқәа

  •   Аҩызцәа рацәаны иумазаргьы, уи иаанагаӡом ухы заҵәны иубалаӡом ҳәа.

     «Сара сҩызцәа бзиа избоит, аха дара сара зынӡа хьаас срымамшәа сгәы иабоит. Еиҳа еицәоу, иааукәыршаны аҩызцәа умазаргьы, урҭ бзиа ушырымбо, насгьы ушырҭахым анубо ауп» (Аниа).

  •   Асоциалтә каҭа уҽҭоугаларгьы, уи иаанагаӡом ухы заҵәны иубалаӡом ҳәа.

     «Шьоукы аҩызцәа астатуеткақәа реиԥш еизыргоит. Аха аколлекциа ду еизугеит ҳәа акраанагома? Урҭ бзиа ушырбо рзаарԥшӡом. Аиҩызараҵәҟьа умамзар, аинтернет аҿы аҩызцәа ԥсы зхам астатуетқәа раасҭа излареиӷьу ҳәа акымзарак ыҟам» (Еилин).

  •   Ҳәаа амамкәа, шаҟа уҭаху СМС аҩра алшара умазаргьы, уи иаанагаӡом ухы заҵәны иубалаӡом ҳәа.

     «Ухы заҵәны ианубо, уааҟәымҵӡакәа уҭел уҭаԥшуеит, ӡәыр исзиҩыма ҳәа. Ухы заҵәны ианубо, иара уигьы азмырхакәа, иузызҩыз ҳәа аӡәгьы даныҟам, узлаҟаз аасҭа еиҳа еицәаны ухы убо уалагоит!» (Серена).

  •   Егьырҭ урыцхраауазаргьы, уи иаанагаӡом ухы заҵәны иубалаӡом ҳәа.

     «Сара сҩызцәа еснагь рыцхраара сашьҭоуп, исымоу сеигӡаӡом. Аха даргьы убас исзыҟоуп ҳәа узҳәом. Изыҟасҵои ҳәа сҳәаӡом, аха уамашәа иубартә иҟоуп дара ахаангьы ак узыҟаҳҵандаз ҳәа иахьыҟам» (Ричард).

 Иҟаҳҵап алкаа: Азаҵәра — зегь раԥхьаӡа иргыланы ауаҩы ихәыцшьа ауп. «Уи зхылҿиаауа ауаҩы иҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа ауп, икәша-мыкәша иҟоу акәӡам», — лҳәоит Џьанетт.

 Иҟаҵатәузеи, ухы заҵәны иубозар, насгьы аҩызцәа сымаӡам ҳәа ухәыцуазар?

 Ари аибашьра аиааира иуцхраауа

 «Ухы заҵәны изубо ухы уахьақәымгәыӷуа ауп. Лассы-лассы уи ауп изыхҟьо. Ицәгьоуп гәаартыла ацәажәара, зегьы рацәажәара, ауаа уацәажәара ргәаԥхаӡом, аинтерес рымаӡам ҳәа угәы иаанагозар» (Џьанетт).

 Абиблиа иаҳәоит: «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала» (Галатаа рахь 5:14) Аҩызцәа ҳамазарц азы, иахьынӡахәҭоу ҳхы бзиа иаҳбозар ауп, аха, ҳәарада, ахамаԥагьара аҟынӡа ҳхы наҳгаӡом (Галатаа рахь 6:3, 4).

 «Азаҵәра аԥслымӡ сса иаҩызоуп. Шаҟа улашьшьуа аҟара, убриаҟара ацәыҵыҵра цәгьоуп. Шаҟа ухы рыцҳаушьо аҟара, убриаҟара ухы заҵәны иубалоит, избанзар егьырҭ уааигәа аҟазаара рҭаххаӡом» (Ерин).

 Абиблиа иаҳәоит: «Абзиабара... ахы мацара иазхәыцӡом» (1 Коринфаа рахь 13:4, 5). Ааи, ҳхы ада акгьы анаҳамбо, маҷк ҳгәаҵәа жәпахоит, арыцҳашьара закәу ҳхашҭуеит, убри аҟынтә аҩызцәа рыԥшаара ҳцәыцәгьахоит (2 Коринфаа рахь 12:15). Иухоумыршҭын: уқәҿиарақәа зыбзоуроу егьырҭ иҟарҵо ауп ҳәа ухәыцуанаҵы, ари аибашьраҿы уаҵахалоит. Ааи, «Ахаан аӡә дысзасӡом», «Уааи ҳәа аӡәгьы исеиҳәаӡом» ҳәа реиԥш иҟоу ахәыцрақәа унасыԥ еснагь егьырҭ ирхьыԥшуа иҟарҵоит. Иуқәиҭымхаӡои усҟан урҭ мыцхәы?

 «Зхы заҵәны избо ауаа ауаҩы дырҭахуп. Аха уи ауадаҩрахь инанагар алшоит: дара шьҭа хьаас ирымаӡам уи ауаҩы дызусҭоу, дзеиԥшроу. Дара ирҭаху аӡәы хьаас ишимоу рбаларц ауп. Аха шьоукы иумоу уи агәаҳәара рхы иадырхәар рылшоит, нас ирҭаху уларыгӡоит. Усҟан еиҳагьы ухы заҵәны иубалоит» (Браианн).

 Абиблиа иаҳәоит: «Аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит, ахшыҩдақәа рҟны аус змоу арыцҳара дақәшәоит» (Ажәамаанақәа 13:20). Амла иԥсуа ауаҩы иԥыхьашәалак ифоит. Убасҵәҟьа аҩызцәа ирызгәаҟуа ауаҩы иахьахәҭам иԥшаалоит. Дара аманипулиаторцәа ршьацҳәа иаҿашәар рылшоит, избанзар ус еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа цәгьарак рыҵамшәа ргәы иабалоит, еиҳа еиӷьу иашьҭалатәӡам ҳәагьы ргәы иаанагар алшоит.

 Алкаа: зны-зынла зхы заҵәны изымбо ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, аха аӡәы еиҳа иӷәӷәаны ихы заҵәны ибоит, егьи — еиҳа имаҷны. Азаҵәра даараӡа имариам цәанырроуп, аха иухоумыршҭлан — уи баша цәанырроуп. Абжьааԥны ҳцәаныррақәа цәырызго ҳхәыцрақәа роуп, аха ҳара ҳхәыцрақәа наҳкылалар ҳалшоит.

 Егьырҭ рҟынтә уззыԥшыша аганахь ала аҟәышра аарԥшла, ахаан иҟамло уазымԥшын. «Зегьы уҩызахара рылшаӡом, — лҳәоит хыхь зажәақәа аагаз Џьанетт, — аха гәык-ԥсыкала узҭаххаҵәҟьо хымԥада дуԥшаауеит. Уигьы маҷӡам. Егьырҭ хьаас уанрымоу, иануеиҷаҳауа, азаҵәра закәу ухашҭыр ауеит».

 Иҵегь ацхыраара уҭахума? Уаԥхьа арамка « Аиҩызара аганахь ала ашәара аиааира иуцхраауа». Иара убас ихҩылаа аусуратә схема «Как справиться с одиночеством» PDF форматла.