Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Имоума Анцәа ахьӡ?

Имоума Анцәа ахьӡ?

Абиблиа иану

 Дарбанзаалак ауаҩы ахьӡ имоуп. Имазар акәӡами нас Анцәагьы ахьӡ? Аиҩызцәа дара-дара рыхьӡқәа ҳәаны ианеицәажәо рзыманшәалоуп. Ус анакәха, Анцәа ҳаиҩызахарц ҳҭахызар, иара ихьӡ ҳдыруазар ахәҭаӡами?

 Абиблиаҿы Анцәа иажәақәа ануп: «Сара Иегова соуп. Ари сара сыхьӡ ауп» (Исаиа 42:8). Анцәа ирацәаны атитулқәа имоуп: «Зегьзымчу Анцәа», «Зегьирхаку Иҳақәиҭу», «Ҳазшаз», аха ус шакәугьы, имаҵзуҩцәа ихьӡ ахархәара алшара риҭеит. Уи ала иара дара рахь аҳаҭыр ааирԥшит (Аҟазаара 17:1; Аусқәа 4:24; 1 Пиотр 4:19).

 Абиблиа аиҭагақәа жәпакы рҿы Анцәа ихьӡ Ақәҵымҭа 6:3 аҿы иуԥылоит. Уа иануп: «Сара Авраами, Исааки, Иакови срызцәырҵуан, аха Иегова шсыхьӡу рзаасмыртӡеит».

 Аҵарауаа шьоукы Анцәа ихьӡ «Иахве» ауп ҳәа рҳәоит. Аха «Иегова» — ари иахьа зегь раасҭа еицырдыруа Анцәа ихьӡ аформа ауп. Абиблиа актәи ахәҭа ҩын ажәытәуриатә бызшәала, уи аҩышьа арыӷьара аҟынтә арымарахь ауп ишыҟоу. Ари абызшәаҿы Анцәа ихьӡ ԥшь-цыбжьыҟак рыла ишьақәгылоуп — יהוה. Ауриатә алфавит аҟынтә арҭ ԥшь-нбанк ИХВХ ҳәа еиҭагоуп, насгьы тетраграмматон ҳәа ирышьҭоуп.