Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?

Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?

Ихадоума анасыԥ азы —

  • абзиабара?

  • аԥара?

  • даҽакы?

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Бзазара рымоуп Анцәа иажәа заҳауа, иацныҟәауа» (Лука 11:28, Ауасиаҭ Ҿыц).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

Ииашаҵәҟьоу абзиабара (Ефесаа рахь 5:28, 29).

Гәыкала апатуеиқәҵара (Ефесаа рахь 5:33).

Ашәарҭадаратә цәанырра (Марк 10:6—9).

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа ҩба:

  • Анцәа — аҭаацәара Аԥҵаҩы иоуп. Абиблиаҿы иҳәоуп Анцәа Иегова раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси аҭаацәалазаараҿы ишеидикылаз (Аҟазаара 2:18—24). Даҽакала иуҳәозар, аҭаацәаратә еиҿкаара ыҟоуп, избанзар уи Анцәа иаԥиҵеит. Ҵакыс иамоузеи уи?

    Шәазхәыц: шәара фатәхкык шәгәаԥхазар зыҟны еилышәкаауада уи арецепт? Ҳәарада, уи афатә ҟазҵаз иҿы.

    Убасҵәҟьа, аҭаацәаратә насыԥ арецепт аилкааразы зегьы иреиӷьуп ҳиазҵаар Иегова — аҭаацәара Аԥҵаҩы.

  • Анцәа шәара дшәеиҷаҳауеит. Избан аҵакы замоу алабжьара Анцәа Иажәа аҿы аԥшаара? «Избан акәзар,— Абиблиа ишану еиԥш,— Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:6, 7). Иегова ҳара зегьы иреиӷьу ҳзеиӷьишьоит, уи илабжьарақәа алҵшәа ааргоит! (Ажәамаанақәа 3:5, 6; Исаиа 48:17, 18).

ШӘАЗХӘЫЦ

Ишԥалшо ибзиоу хаҵаны, ԥҳәысны, ҭаацәаны аҟалара?

Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит ЕФЕСАА РАХЬ 5:1, 2, насгьы КӘАЛАСАА РАХЬ 3:18—21 рҟны.