Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Арымарахь: Yasser Qudaih/Anadolu via Getty Images; арыӷьарахь: RONALDO SCHEMIDT/AFP via Getty Images

ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ!

Ианбаҟало аибашьрақәа рҵыхәтәа? Иаҳәозеи Абиблиа?

Ианбаҟало аибашьрақәа рҵыхәтәа? Иаҳәозеи Абиблиа?

 «Уажәы иаамҭоуп аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, аибарххарақәа рырԥсыҽра. Уажәы иаамҭоуп аҽынкылара аарԥшра», — иҳәеит ООН амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш, апрель 13, 2024 шықәсазы Иран Израиль ианажәла.

 Иааигәоу Мрагылара ицо аибашьра — адунеи зегь аҿы иҟоу ҳзырбо ҿырԥштәы заҵәык ауп.

 «Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аахыс иахьа еиԥш ирацәаны аибашьрақәа ҟамлацызт. Ҩ-миллиардҩык ауаа аибашьра закәу рдыруеит, даҽакала иуҳәозар, ԥшьҩык рҟынтә аӡәы» (ООН Ашәарҭадаратә Хеилак, ианвар 26, 2023 шықәса).

 Аибашьрақәа ахьцо атәылақәеи атерриториақәеи рахь иаҵанакуеит Израиль, Газа, Сириа, Азербаиџьан, Украина, Судан, Ефиопиа, Нигер, Мианмар, Гаити a.

 Ианбаҟало аибашьрақәа рҵыхәтәа? Ирылшома аҳәынҭқарцәа аҭынчра аҟаҵара? Иаҳәозеи Абиблиа?

Аибашьрақәеи абиблиатә ԥааимбаражәақәеи

 Иаарласны аибашьрақәа рҵыхәтәа ԥҵәоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Абиблиа излаҳәо ала, адунеи зегь аҿы иҟоу аибашьрақәа ишьақәдырӷәӷәоит «ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахаз» (Матфеи 24:3).

  •   Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит» (Матфеи 24:6, 7).

 Иахьатәи аамҭазы ицо аибашьрақәа абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынарыгӡо еилышәкаарц азы шәаԥхьа астатиа «Как определить „последние дни“?».

Аибашьрақәа зегь рҵыхәтәа ԥызҵәо аибашьра

 Ауаа ирылшаӡом аибашьрақәа раанкылара. Уи зылшо Анцәа заҵәык иоуп. Абиблиаҿы иҳәоуп «Зегьзымчу Анцәа имш ду аҽны» аибашьра Армагеддон шыҟало (Аатра 16:14, 16). Уи аибашьра ашьҭахь Анцәа ауаа ириҭаз иажәа наигӡоит — адгьыл аҿы наӡаӡа аҭынчра ҟаиҵоит (Аԥсалом 37:10, 11, 29).

 Анцәа иеибашьра иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит астатиа «Что такое битва Армагеддон?» аҟынтә.

a ACLED Conflict Index, “Ranking violent conflict levels across the world” (ианвар, 2024)