Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аҳәса акгьы иацәымшәалар рылшоит. Избан? Абиблиа иаҳәо

Аҳәса акгьы иацәымшәалар рылшоит. Избан? Абиблиа иаҳәо

 Миллионҩыла аҳәсеи аӡӷабцәеи адунеи ахьынӡанаӡааӡо ақәымчра иақәшәоит. Шәара шәақәшәахьома? Еилышәкаа Анцәа аҳәса дшырзыҟоу, урҭ зықәшәо хьаас ишимоу, насгьы уи аганахьала иҟаиҵарц игәы иҭоу.

 «Саныхәыҷыз сашьа есыҽны сипҟон, ажәалагьы слаирҟәуан. Хаҵа санца, санхәагьы ҭаха сылҭомызт, уигьы дсықәымчуан. Сабхәеи лареи маҵуҩык леиԥш ауп ишсызныҟәоз. Аҽшьра аҟынӡа снеины сыҟан» (Маду a, Индиа).

 «Адунеи зегь аҿы аҳәса ақәымчра иақәшәоит», — аҳәоит Адунеизегьтәи Агәабзиарахьчаратә Организациа. Дара изларыԥхьаӡо ала, хҩык рҟынтә аӡәы ма дрыпҟоит ма асексуалтә қәымчра дақәшәоит.

 Шәыԥсҭазаараҿы уи аҩыза шәақәшәахьазар, шәгәы ҭынчымзар ауеит, иҟалап шәахьцалакгьы аӡәы ажәала шәлаирҟәыр, ма шәипҟар, ма амш шәылигар ҳәа шәшәозар. Шәахьыԥҳәысу азы абри аҩыза аиашамра шәахьақәшәо иахҟьаны, ауаа реиҳараҩык аҳәса ари аԥсҭазаараҿы акгьы иаԥсам ҳәа ргәы иаанагоит ҳәа шәхәыцуазар алшоит. Аха дышԥарзыҟоу Анцәа аҳәса? Хьаас имаӡами иара урҭ зықәшәо?

Абиблиа иаҳнарбоит Анцәа аҳәса дшырзыҟоу, насгьы урҭ зықәшәо хьаас ишимоу

Дышԥарзыҟоу Анцәа аҳәса?

 Абиблиатә жәеинраала: «[Анцәа] ахаҵеи аԥҳәыси ишеит» (Аҟазаара 1:27).

 Иаанаго: Анцәа ахацәеи аҳәсеи ишеит. Иара ахацәагьы аҳәсагьы апатуқәҵара иаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Уи адагьы, иара иҭахуп ахаҵа «ихы бзиа ишибо еиԥш иԥҳәыс бзиа дибалар», лыгәра имго, иҟалҵалаша еснагь илыҵеиҳәо, дахьцо-дахьаауа еснагь дашьклаԥшуа акәымкәа (Ефесаа 5:33). Анцәа иҭахӡам ахаҵа иԥҳәыс длықәымчлар, насгьы лгәы лзырхьуа ажәақәа леиҳәалар (Колоссаа 3:19). Ишаҳбо еиԥш, Анцәа аҳәса хьаас имоуп, ашәарҭара иҭагылазар иҭахӡам.

 «Саныхәыҷыз, сҭынхацәа сцәа ԥырҽуан. 17 шықәса ансхыҵуаз, сусура аиҳабы бсыцмышьҭалар аусура бамысхуеит ҳәа сиршәон. Ԥыҭрак ашьҭахь схаҵеи, сҭаацәеи, сгәылацәеи сладырҟәуан, иҽеимкәа исызныҟәон. Аха нас Ҳазшаз Иегова b иӡбахә саҳаит. Сара еилыскааит Анцәа бзиа сшибо, сыхәгьы ҳаракны ишишьо» (Мариа, Аргентина).

Ишәыцхраар алшозеи?

 Абиблиатә жәеинраала: «Дыҟоуп аҩыза аиашьа иаасҭа иузааигәоу» (Ажәамаанақәа 18:24).

 Иаанаго: Аҩыза бзиа дуцхраар илшоит. Ишәылшозар, зыгәра жәго ауаҩы шәхы шыжәбо изеиҭашәҳәа.

 «20 шықәса рыҩныҵҟа сцәа ԥырҽуан, уи аӡәгьы изеиҭасҳәаӡомызт. Уи иахҟьаны адепрессиа соуит, агәырӷьара сцәыӡит, сшәаԥырҳаԥуа сҟалеит. Аха нас сзыӡырҩра иазхиаз аӡәы сцәаныррақәа изеиҭасҳәеит, уи агәҭынчра снаҭеит» (Елиф, Ҭырқәтәыла).

 Абиблиатә жәеинраала: «Шәгәы иҵхо зегь [Анцәа] инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7).

 Иаанаго: Анцәа шәаниҳәо, иара шәыҳәара иаҳауеит (Аԥсалом 55:22; 65:2) Анцәа хьаас шәимоуп азы, шаҟа шәыхә ҳараку аилкаара дшәыцхраауеит.

 «Иегова иеилкаара саналага, уи сгәы ахәрақәа арӷьо иалагеит, схьаақәагьы еиқәнартәеит. Уажәшьҭа сара Анцәа зегь изеиҭасҳәалар сылшоит. Иара сцәаныррақәа еилызкааҵәҟьо сҩыза иоуп» (Анна, Белиз).

Иааникылома Анцәа знымзар-зны аҳәса рахь иаадырԥшуа ақәымчра?

 Абиблиатә жәеинраала: «Иегова... уара аиаҭымцәеи игәаҟуеи рзы аиашара еиҭашьақәургылоит, ԥсра зқәу, анышә иалху ауаҩы урҭ уаҳа имыршәаларц азы» (Аԥсалом 10:17, 18).

 Иаанаго: Анцәа иаарласны аиашамра зегь шьаҭанкыла иқәигоит, аҳәса рахь иаадырԥшуа агәымбылџьбарареи ақәымчреи уахь иналаҵаны.

 «Иегова аҳәсеи аӡӷабцәеи рахь иаадырԥшуа агәымбылџьбарареи ақәымчреи иаарласны ишықәиго анеилыскаа, уи ахәшә исзаҩызахеит, сырхәышәтәызшәа сгәы иабеит, сыгәгьы еиҳа иҭынчхеит» (Роберта, Мексика).

 Абиблиа гәыӷрас ишәнаҭо, уи шәзықәнаргәыӷуа агәра жәгалар зшәылшо, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа иахьа Абиблиа ала ацхыраара шыҟарҵо атәы еиҳаны еилышәкаарц азы ишәҭаарц аҳәара ҟашәҵа. Уи азы аԥара ашәара аҭахӡам.

 Ихыжәҩылаа ари астатиа иукьыԥхьыр ауа аформат.

a Ахьӡқәа ԥсахуп.

b Иегова — Анцәа ихьӡ ауп (Аԥсалом 83:18). Шәахәаԥш астатиа «Кто такой Иегова?».