Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

ШӘАҾЫԤШЛА УРҬ РЫГӘРАХАҴАРА | ИЛИА

Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан

Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан

Илиа ажәабжь иаҳаит: аҳ Ахав дыԥсит. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дынкахәыцуа иԥаҵа шьышьуа дышгыло. Илиа ажәашықәсақәа раԥхьа иҟаз ахҭысқәа дрызхәыцуеит. Шаҟа ихигазеи иара! Ахави иԥшәма Иезавельи ирыхҟьаны Илиа акырынтә ишьҭашәарыцон, насгьы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Иегова имаҷҩымкәа изиашаз иԥааимбарцәа рықәхразы Иезавель адҵа аныҟалҵа, аҳ уи лаанкыларагьы иҽазимшәеит. Аԥсымҭәра иахҟьаны хаҵеи-ԥҳәыси акгьы зхарамыз Навуфеи иԥацәеи иареи ршьырц еибырҳәеит. Аҵыхәтәаны Иегова Илиа ила иааицҳаит Ахавгьы, иара убас уи ишьҭра зегьы дышрықәыӡбо. Абас ала Анцәа иажәа наӡеит, Ахав дыԥсит Иегова ишиҳәахьаҵәҟьаз еиԥш (1 Аҳцәа 18:4; 21:1—26; 22:37, 38; 2 Аҳцәа 9:26).

Аха Илиа идыруан ачҳара шиҭахыз. Иезавель макьана лыԥсы ҭан, насгьы дааҟәымҵӡакәа лҭаацәареи израильтәи ажәлари иҽеимыз анырра рылҭон. Убри аҟынтә Илиа иаԥхьаҟа еиҳа еиҳаз ауадаҩрақәа изыԥшын. Иара иҩыза, насгьы ишьҭрамдаҩ Елисеи иирҵашаз рацәан. Шәааи Анцәа Иегова аԥааимбар Илиа идиҵаз аҵыхәтәантәи х-дҵак ирызкны еиҳаны еилаҳкаап. Ҳара иаҳбоит аԥааимбар имаз агәрахаҵара дзықәшәоз ауадаҩрақәа рыхгара ишицхрааз. Уи ҳаргьы иҳацхраауеит ицәгьоу аамҭақәа раан ҳагәрахаҵара арӷәӷәара.

Охозиа изку уцәа уҭазырӡыӡо ажәабжь

Уажәшьҭа Израиль аҳас дҟалеит Ахави Иезавели рԥа Охозиа. Иара иҭаацәа ихшыҩдаз русқәа акгьы инамырҵаӡеит, дара иҟарҵоз акәын иаргьы иҟаиҵоз (1 Аҳцәа 22:52). Охозиа амцнцәахәы Ваал димҵахырхәо далагеит. Ваал имҵахырхәара ауаа бжьнахуан, избанзар уи амцдинхаҵарахь иаҵанакуан акаҳԥреи ахәыҷқәа кәырбанс рнагареи. Ицхраар алшози Охозиа аҽыԥсахра, насгьы ажәлар Иегова иахь рырхынҳәра?

Иаалырҟьаны иқәыԥшыз аҳ арыцҳара дақәшәеит: иара хыхьтәи иуада аҟынтә дкаҳан, ааха ӷәӷәа иоуит. Охозиа иԥсҭазаара далҵырц акгьы игмызт, аха иара уеизгьы Иегова ацхырааразы димыҳәаӡеит. Уи аҭыԥан иара аӷацәа иртәыз филистимтәи ақалақь Екронҟа ацҳаражәҳәаҩцәа ишьҭит, анцәахәы Ваал-Зевув иазҵаарц дыбзиахоу-дыбзиамхоу ҳәа. Иегова ичҳара хажжылеит. Имаалықь ила иара Илиа иеиҳәеит урҭ ауаа дырԥыларц, насгьы уцәа уҭазырӡыӡо ажәабжь раҳәаны ишьҭырц. Охозиа агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит, Израильаа Анцәа дрымамызшәа ихы мҩаԥигеит. Убри аҟынтә Иегова иӡбеит Охозиа еснагь аиарҭа дамазаауеит ҳәа (2 Аҳцәа 1:2—4).

Акгьы иахьымхәыз Охозиа иҳәеит: «Дзеиԥшрази ишәԥыланы арҭ ажәақәа шәазҳәаз уи ауаҩы?» Ацҳаражәҳәаҩцәа ирҳәеит аԥааимбар дшеилаҳәаз. Охозиа уи иаразнак дидырит. «Ари фесватәи Илиа иоуп»,— иҳәеит иара (2 Аҳцәа 1:7, 8). Илиа иеилаҳәашьа ала дудырыр алшон, избанзар имариоу аԥсҭазаашьа мҩаԥигон. Иара иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадан Анцәа имаҵ аура. Охозиа иҭаацәеи иареи рзы ус узҳәомызт, избанзар дара амал арҳара акәын изышьҭаз. Илиа иҿырԥштәы иаҳгәаланаршәоит шаҟа ихадоу Иисус илабжьара азыӡырҩра, имариоу аԥсҭазаашьа амҩаԥгара, насгьы зегь раасҭа зыхә ҳараку ҳахшыҩ азышьҭра (Матфеи 6:22—24).

Ашьаура иашьҭаз Охозиа 50-ҩык аибашьцәа аиҳабы дрыцҵаны Илиа дыркырц азы ишьҭит. Урҭ реиҳабы «ашьха ақәцәан итәаз» * аԥааимбар даниба, диқәымчны аҳ ихьӡала иҳәеит: «Улбаа!», уи иара изы аԥсра акәын иаанагоз. Арҭ ауаа ирдыруан Илиа «иҵабыргу Анцәа иҟынтә ауаҩы» шиакәыз, аха уи ус шакәызгьы, дара ихыччон, насгьы ддыршәон. Шаҟа ииашамзи урҭ! Илиа аибашьцәа реиҳабы иеиҳәеит: «Сара Анцәа иуаҩ сакәзар, ажәҩан аҟынтә амца лбааны иуцу ҩынҩажәижәабаҩык ауааи уареи шәықәнагааит». Усҟан Иегова иаамҭа ааит: ажәҩан аҟынтә амца лбааны ҩынҩажәижәабаҩык аруааи реиҳаби ықәнагеит (2 Аҳцәа 1:9, 10). Ари ахҭыс иаҳнарбоит Иегова иара имаҵзуҩцәа тәамбарала, насгьы патуқәымҵарала ианрызныҟәо, уи ус баша ишаанимыжьуа (1 Ашықәсынҵа 16:21, 22).

Охозиа даҽа 50-ҩык аруаа аиҳабы дрыцҵаны ишьҭит, аха иара раԥхьатәи аиҳабы иаасҭа еиҳа дыхшыҩдан. Уаанӡа аибашьцәа ирыхьыз уи акгьы инамырҵаӡеит, урҭ 51-ҩык ахацәа ашьхаҿы ибылны, иццышәханы ишкажьыз шибозгьы. Аҩбатәи аиҳабы уи иаԥхьа иҟаз ииҳәаз ажәа «улбаа» мацара аҿы даанымгылаӡеит, иара иациҵеит ажәа «ирласны». Закәытә гаӡароузеи! Арҭ аибашьцәеи иареи уаанӡатәи аибашьцәеи реиҳаби реиԥш иҭахеит. Аха еиҳа хшыҩдарала ихы мҩаԥигеит аҳ ихаҭа. Охозиа адҵа ҟаиҵеит даҽа гәыԥк ишьҭырц азы. Насыԥны, ахԥатәи аиҳабы аҟәыӷара злаз уаҩхеит. Иара аҟәымшәышәра аарԥшны Илиа диҳәеит ицыз ауааи иареи рыцҳаишьарц азы. Илиа уи ахынраалара злаз ауаҩы аҭак шииҭаз Анцәа игәшаҭара аанарԥшуеит. Иегова имаалықь Илиа идиҵеит иара урҭ аибашьцәа дрыццарц. Илиа амаалықь дизыӡырҩит, анаҩс аԥагьара злоу аҳ еиҭа иеиҳәеит Иегова иара изкны иҟаиҵаз ақәыӡбара. Анцәа иажәа наӡеит, Охозиа дыԥсит. Иара инапхгара ҩышықәса роуп иахьнеиз (2 Аҳцәа 1:11—17).

Илиа уи ахынраалара злаз ауаҩы дышизныҟәаз Анцәа игәшаҭара аанарԥшит

Ицхраазеи Илиа агәҭынчра ахьчара, иааикәыршаны ауаа цәгьақәа шыҟазгьы? Ҳәарада, ҳара зегьы иаҳҭахын ари азҵаара аҭак ҳаурц. Шәгәы каҳахьома шәара зныкыр, ишәзааигәоу ауаҩы иҟәыӷоу алабжьара дазымӡырҩӡакәа, ииашам амҩа ахьалихыз азы? Ишԥашәылшо агәкаҳара аиааира? Иаҳгәалаҳаршәап аибашьцәа Илиа иахь ианнеи, иара дахьыҟаз. Уи «ашьха ақәцәан» дықәтәан. Ҳара иҳаздырӡом иара уахь дназгаз, иҟалап уи анцәаиҳәара ахә ҳаракны иахьишьоз аҟынтә, бзиа иибоз Анцәа диацәажәарц азы иҭынчу аҭыԥ алихзар (Иаков 5:16—18). Илиа иеиԥш ҳаргьы иҳалшоит Анцәа иацәажәаразы еснагь аамҭа алҳхлар, ихьӡ ҳәаны иара иахь ҳхы ҳархалар, насгьы иҳамоу ауадаҩрақәа иара изеиҭаҳҳәалар. Уи ҳацхраауеит ҳгәы каҳмыжьларц, иааҳакәыршаны иҟоу ауаа хшыҩдарала рхы анымҩаԥырго, насгьы рхы шҭадырхо анаҳбо.

Илиа ишьҭрамдаҩ далихуеит

Иааит аамҭа аԥааимбар Илиа иҭакԥхықәра ааныжьразы. Илиеи Елисеии Галгал аҟынтә Вефильҟа амҩа иқәын. Урҭ ақалақьқәа 11 километра раҟара рыбжьан. Илиа Елисеи диҳәоит Галгал даанхарц. Аха Елисеи аҭак ҟаиҵеит: «Иԥсы ҭоуп Иегова, уаргьы уԥсы ҭоуп, сара уаансыжьӡом». Вефиль ианнеи, Илиа еиҭах Елисеи диҳәоит иара ихала Иерихонҟа дцарц азы. Иерихонынӡа 22 километра раҟара бжьан. Аха Елисеи дақәшаҳаҭхомызт. Ахынтә раан убри аҩыза аицәажәара рыман Иерихон аҟынтә Иордан аӡиас ахь амҩа ианықәыз. Уаанӡа 8-ҟа километра бжьан. Аԥааимбар қәыԥш еиҭах инақәырӷәӷәаны иҳәеит Илиа даанижьыр шиҭахым (2 Аҳцәа 2:1—6).

Елисеи иажәақәеи ихымҩаԥгашьеи ирныԥшит ихадоу аҟазшьа — азиашара зныԥшуа абзиабара. Абас еиԥш иҟоу абзиабара аалырԥшуан Руфь Ноеминь лахь — ахаангьы имиасуа, зҽызымԥсахуа абзиабара (Руфь 1:15, 16). Ари аҩыза аҟазшьа Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы ирымазар рыхәҭоуп, еиҳараӡак ҳара ҳаамҭазы. Еилаҳкаауама уи ҳара?

Илиа игәаҵанӡа инеит иҩыза иааирԥшыз азиашара зныԥшуа абзиабара. Уи аҟазшьа абзоурала Елисеи иман алшара Илиа иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи аџьашьахәы абара. Иордан аԥшаҳәаҿы, ҭыԥқәак рҿы иҵаулоу еилаҽҽо аӡиас аҿы Илиа имаҭәала аӡы дҭасит, анаҩс аӡы еимҟьеит! Ари аџьашьахәы рбеит «аԥааимбарцәа рԥацәа рҟынтә ҩынҩажәижәабаҩык» (2 Аҳцәа 2:7, 8). Арҭ ахацәа иҷыдаз ашкол аҿы аҵара рҵон, урҭ уа иазыҟарҵон ажәлар Иегова ииашаны имаҵ аура рыцхраара. Уи ашкол аҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еизҳауан, Илиа уи аҵара дахылаԥшуан. Иҟан аамҭа Илиа игәы ианаанагоз Иегова имҵахырхәоз иара имацара иакәызшәа. Анцәа Илиа иирбеит изиашаз имаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара шеизҳаз, уи ала Иегова иԥааимбар имаз ахачҳара дазылԥхеит (1 Аҳцәа 19:10).

Иордан ианыр ашьҭахь, Илиа Елисеи иеиҳәеит: «Иҳәа, иузыҟасҵарц иуҭаху, уара уҟынтә сгахаанӡа». Илиа еиликаауан реиԥырҵра аамҭа шааз. Иара иқәыԥшыз ишьҭрамдаҩ иҿаԥхьа иаатыз алшарақәа дрыҵашьыцӡомызт. Илиа уи ишилшоз ала дицхраар иҭахын. Елисеи дзызиҳәаз акызаҵәык ауп: «Иҟалозар, иумоу удоуҳатә мчы аҟынтә ҩ-хәҭак соуааит» (2 Аҳцәа 2:9). Елисеи дамыҳәаӡеит адоуҳатә мчы Илиа имаз аасҭа ҩынтә еиҳаны. Иара иҳәара иугәаланаршәоит аԥеиҳаб иоураны иҟаз ахәҭа. Азакәан излаҳәоз ала, аԥеиҳаб шьҭрала иоуан зегь реиҳа еиҳау ахәҭа, ҩ-хәҭак. Уи ахәҭа ицхраауан аҭаацәара ахада иеиԥш аҭакԥхықәра ҿыцқәа рынагӡара (Ҩынтәзакәан 21:17). Елисеи изы Илиа адоуҳатә шьҭрамдаҩ иоуп ҳәа дыԥхьаӡан, насгьы иара еиликаауан: ҿыц иоуз аҭакԥхықәра анагӡаразы иара ирҵаҩы имаз агәымшәара аҩыза ааирԥшлар акәын.

Илиа иӡбеит ахынраалара аарԥшны Иегова дизыԥшырц. Анцәа Елисеи алшара ииҭазҭгьы зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дышгахо абара, уи иаанагон иара дыззыҳәоз аҭак иоуит ҳәа. Абар, арҭ еизааигәоу аҩызцәа «амҩан еицәажәо ишцоз», иџьоушьаша ак ҟалеит! (2 Аҳцәа 2:10, 11).

Илиеи Елисеи реиҩызара рҩыџьагьы ирыхәеит аамҭа цәгьақәа рыхгара

Уамашәа иубаша лашарак ажәҩан арлашеит, уи ааигәахацыԥхьаӡа еиҳагьы икаҷҷон. Аԥша ӷәӷәа ашәышәбжьы ацны асра иалагеит. Илиеи Елисеии уамашәа иубаша лашарак рықәыԥхеит, насгьы дара еиҟәнагеит. Иҟалап дара ирбаз иаршанхазар, избанзар уи илашоз амцатә ҽыуардын иеиԥшын. Илиа еиликааит иара изы ишааз. Дақәтәама иара аҽыуардын? Абиблиа уи аганахьала акгьы аҳәаӡом. Ишакәзаалакгьы, иара инырит аҩада дышхалоз, аԥшатлакә аԥҭақәа рахь дшагоз!

Елисеи иибаз даара даршанхеит. Ари иибаз аџьашьахәы иара агәра инаргеит Иегова агәымшәара злаз аԥааимбар Илиа идоуҳа аҟынтә «ҩ-хәҭак» шииҭо. Аха уажәы уи азхәыцра даара ицәыцәгьан. Иара издырӡомызт зықәрахь инеихьаз иҩыза дахьцаз. Иҟалап Елисеи уаҳа дақәымӷәыӷуазҭгьы Илиа ибара. Иара дыҳәҳәеит: «„Саб, саб! Израиль аибашьыгатә ҽыуардыни уи аҽыуаҩцәеи!“ Уаҳа иара уи димбаӡеит. Анаҩс имаҭәа аанкыланы ҩ-хәҭакны ишәхаԥижәеит» (2 Аҳцәа 2:12).

Иаҳауазма Илиа ажәҩан ахь данхалоз Елисеи ибжьы? Дҵәыуозма иара? Ишыҟазаалакгьы Илиа изиашаз иҩыза иахь аџьшьара ааирԥшуан, иуадаҩыз аамҭақәа раан ацхыраара ахьииҭоз азы. Шәааи Илиа ҳаиҿыԥшлап, насгьы Анцәа бзиа дызбо, иара убас игәҭакы назыгӡо ҳарҩызцәахалап!

Иегова Илиа адҵа ҿыц ииҭеит

Аҵыхәтәантәи адҵа

Дабацеи Илиа анаҩс? Динхаҵарақәак ирҳәоит иара Анцәа дицҟазарц азы ажәҩан ахь дган ҳәа. Аха уи ҟалашьа амамызт. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус Христос иҳәеит иара иаԥхьа аӡәгьы ажәҩан ахь дшымцацыз (Иоанн 3:13). Убри азоуп «аԥшатлакә Илиа ажәҩан ахь дагеит» ҳәа ҳанаԥхьо, иарбан жәҩану зыӡбахә ҳәоу аилкаара заҭаху (2 Аҳцәа 2:11). Абиблиаҿы ажәа «ажәҩан» иаанагаӡом Иегова дахьынхо аҭыԥ мацара, аха аԥҭақәа ахьыҟоу, насгьы аԥсаатәқәа ахьыԥыруагьы уахь иаҵанакуеит (Аԥсалом 147:8). Уахь акәын Илиа дахьхагалаз. Нас ихьзеи иара анаҩс?

Иегова изиашан иҟаз аԥааимбар ааигәа иҟаз Иудатәи аҳрахь диаигеит, насгьы адҵа ҿыц ииҭеит. Абиблиаҿы иануп бжьышықәса раҟара анҵы ашьҭахьгьы Илиа ԥааимбарс амаҵ шиуц иуан ҳәа. Уи аамҭазы Иуда напхгара ҟаиҵон ицәгьоу аҳ Иорам. Иара ԥҳәысс дигеит Ахави Иезавели рыԥҳа. Ус анакәха, урҭ анаҩсгьы Анцәа иуаажәлар анырра бааԥс рырҭон! Иегова Илиа идиҵеит аҳ иахь ақәыӡбара зныз асаламшәҟәы иҩырц. Аԥааимбар ишиҳәаз еиԥш, Иорам дгәаҟны дыԥсит. Уи адагьы, Абиблиаҿы иануп иара «иԥсра аӡәгьы игәы иалымсӡеит» ҳәа (2 Ашықәсынҵа 21:12—20).

Шаҟа еиԥшымзи Илиеи Иорами! Илиа данԥсыз, насгьы дахьԥсыз иазкны акгьы ҳаздыруам. Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иара иԥсра аӡәгьы иимҵәыуаз Иорам иԥсра ишеиԥшмыз. Елисеи иҩыза дыгәхьааигон. Егьырҭ азиашара аазырԥшуаз аԥааимбарцәагьы уи дыгәхьааргон. Иегова ихаҭагьы зқьышықәса анҵы ашьҭахьгьы иааирԥшит Илиа ихә ҳаракны ишишьоз: иара Илиа ихаҿра ихы иаирхәеит Иԥа џьашьахәыла иҽанеиҭеикыз (Матфеи 17:1—9). Ишәҭахума шәара Илиа иҿыԥшра, насгьы агәрахаҵара аизырҳара, уи еиуеиԥшым ауадаҩрақәа риааираҿы ишәыцхрааларц азы? Ус анакәха, Анцәа бзиа дызбо шәырҩызцәахала, шәыԥсҭазаара зегьы адоуҳатә усқәа ирзышәкла, насгьы гәык-ԥсыкала Анцәа шәиҳәала. Бзиа шәызбо Анцәа Иегова игәаҿы наунагӡа шәаанхааит!

^ 9 абз. Абиблиа аҭҵааҩцәа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит ара зыӡбахә ҳәоу ашьха Кармил ауп ҳәа. Уа шықәсқәак раԥхьа Иегова Илиа амч ииҭеит Ваал иԥааимбарцәа дыриааирц азы. Аха Абиблиаҿы иаартны ианӡам иарбан шьхаз уи.