Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Сзызиҳәалар сылшозеи Анцәа?

Сзызиҳәалар сылшозеи Анцәа?

Абиблиа иану

 Шәара иаашәҭаху зегь азы Анцәа шәиҳәалар шәылшоит, уи Абиблиа иану Анцәа игәҭакы иаҿамгылозар. «Анцәа ҳаниҳәо, иаҳҳәо зегь [иаҳауеит], иаҳҳәо игәы иақәшәозар» (1 Иоанн 5:14). Ишәылшома хаҭала шәара шәгәы иҵхо акы азы шәиҳәалар? Ааи. Абиблиа иануп: «Шәгәы иҭоу зегь аартны иашәҳәала» (Аԥсалом 62:8).

Анцәа ҳзызиҳәалар ҳалшо

  •   Ҳхаҵара иазирҳарц (Лука 17:5).

  •   Иԥшьоу адоуҳа, ма Анцәа имч, ҳаиҭарц азы. Уи ииашаны ахымҩаԥгара иҳацхраауеит (Лука 11:13).

  •   Ауадаҩрақәа ҳхаҳгарц, насгьы ҳхызхуа ҳаҿагыларц азы амч ҳаиҭарц (Филиппаа 4:13).

  •   Агәҭынчра ҳаиҭарц (Филиппаа 4:6, 7).

  •   Ииашоу аӡбарақәа рыдкыларазы аҟәышра ҳаиҭарц (Иаков 1:5).

  •   Есыҽны зда ԥсыхәа ҳамам ҳаиҭаларц (Матфеи 6:11).

  •    Ҳагәнаҳақәа ҳанаижьларц (Матфеи 6:12).