Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Знапаҿы иҟада ари адунеи?

Знапаҿы иҟада ари адунеи?

Адунеи знапаҿы иҟоу...

  • Анцәа иоума?

  • ауаа роума?

  • даҽа шьоукума?

ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?

«Адунеи зегьы ацәгьа-мыцәгьарақәа ирымҽхакуп» (1 Иоанн 5:19, Ауасиаҭ Ҿыц).

«Анцәа Иԥа дзааз аҩысҭаа иусқәа реиҵаҟьаразы ауп» (1 Иоанн 3:8).

ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?

Адунеитә проблемақәа логикала реилыркаара (Аатра 12:12).

Агәра агара ҳара ҳдунеи шеиӷьхо (1 Иоанн 2:17).

ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?

Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа хԥа:

  • Аҩсҭаа инапхгара аҵыхәтәа ааигәоуп. Иегова хьаҵрада игәы иҭеикит Аҩсҭаа имоу анапхгара имихырц. Иара ҳақәиргәыӷуеит «аҩысҭаа... дышҭеирхо», насгьы уи инапхгара алҵшәақәа шықәихуа (Ауриацәа рахь 2:14).

  • Анцәа адунеи напхгаҩыс Иисус Христос даиҭеит. Иисус Христос зынӡаск диеиԥшӡам ахабзиабареи агәымбылџьбареи злоу ари адунеи анапхгаҩы. Иисус инапхгара даналацәажәо, Анцәа ҳақәиргәыӷуеит: «Иара дрыцҳаишьоит игәаҟу, иӷару... Иара урҭ рыԥсқәа ақәыӷәӷәареи ақәымчреи ирцәихьчоит» (Аԥсалом 72:13, 14).

  • Анцәа ахаангьы амц иҳәаӡом. Абиблиа еилыкка иҳанаҳәоит: «Анцәа мыцрак далаҟан дыҟам» (Ауриацәа рахь 6:18). Иегова акы уақәиргәыӷзар, уи ҟаҵоуп ҳәа иуԥхьаӡар ауеит! (Исаиа 55:10, 11). «Аԥсабара аҳ далцахоит» (Иоанн 12:31).

ШӘАЗХӘЫЦ

Изеиԥшрахозеи адунеи, уи анапхгаҩы имчра имхзар?

Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит АԤСАЛОМ 37:10, 11, насгьы ААТРА 21:3, 4 рҟны.