Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҬҴААРАЗЫ АТЕМА

Ҳгәы ақәкны Абиблиа ҭаҳҵаалар, уи агәҽанызаара амырӡра иҳацхраауеит

Ҳгәы ақәкны Абиблиа ҭаҳҵаалар, уи агәҽанызаара амырӡра иҳацхраауеит

Абиблиа ҳгәы ақәкны иҭаҳҵаалар зхадоу еилышәкаарц азы шәаԥхьа Даниил 9:1—19.

Аконтекст шәазхәыц. Иарбан хҭысқәоу Даниил ихаан иҟалаз? Ишԥаиныри урҭ иара? (Дан. 5:29—6:5). Шәхы шԥажәбарыз Даниил иҭыԥан шәыҟазҭгьы?

Акәамаҵамарақәа шәрызхәыц. Иарбан шәҟәқәоу Даниил дзыԥхьозар алшоз? (Дан. 9:2, албаага; w11-U 1/1 22, абз. 2). Избан Даниил игәнаҳақәа рзы адагьы, ажәлар зегь рыгәнаҳақәа рзгьы аҭамзаара зышьҭеиҵоз? (Алев. 26:39—42; 1 Аҳ. 8:46—50; dp-U 182—184). Ишԥаудырбо Даниил Анцәа даниҳәоз ииҳәоз ажәақәа иараАнцәа Иажәа згәы ақәкны иҭызҵаауаз ауаҩ шиакәыз? (Дан. 9:11—13).

Иаҳнарҵо. Шәхы шәазҵаа:

  • «Иҟасҵар сылшои адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа адоуҳатә усқәа рҟынтә сахырымгаларц азы?» (Мих. 7:7).

  • «Избан Даниил иеиԥш саргьы сгәы ақәкны Абиблиа ҭысҵаалар зыбзиоу?» (w04-U 1/8 12, абз. 17).

  • «Иарбан темақәоу иҭысҵаалар сылшо агәҽанызаара сымазарц азы?» (Матф. 24:42, 44; w12-U 15/8 5, абз. 7, 8).