Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

ШӘАҾЫԤШЛА УРҬ РЫГӘРАХАҴАРА | ИОНАФАН

«Иегова акгьы иԥырхагахом»

«Иегова акгьы иԥырхагахом»

Филистимаа рҳәаахьчаратә ҭыԥ аҟынтә Михмас иҟоу ахыҵырҭа ибзианы иубарҭоуп. Ари аҭыԥ иаакәыршаны иҟоу ацаҟьеи ацәҳәыра мацареи роуп. Ус акәымкәа, филистимтәи аруаа уамашәа иубаша ак рбоит: аҩхаа нырцәтәи аган аҿы игылоуп ҩыџьа Израильаа! Филистимаа ирбаз иарччоит, дара рзы арҭ ҩыџьа рышьра амҵ ашьра иаҩызоуп. Филистимаа Израильаа дыргәаҟуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Израильаа раӷацәа рыцхыраарада рынхамҩа маҭәахәқәаҵәҟьагьы рызхуам. Убри азы ауп израильтәи аибашьцәа бџьарла цқьа изеибыҭам. Урҭ ҩыџьа ахацәа бџьарла еиқәных еибыҭазаргьы, ирылшозеи дара рымацара? Филистимаа урҭ ирхыччо ирықәҿырҭит: «Шәхал ҳара ҳахь, ишәҳарбап ҳара!» (1 Самуил 13:19—23; 14:11, 12).

Филистимаа ирдыруазҭгьы иаиааиуа дызусҭахо, ҳәарада, урҭ рыҽрыларгаломызт! Ҩыџьа Израильаа ашыр-шырҳәа алада илбааны аҩхаа иҭысын, ирласны аҩада ахалара иалагеит. Уи амарда аҿалара шыуадаҩугьы, Израильаа ацаҟьа рнапқәеи ршьапқәеи аҿарԥаны аҳәаахьчаратә ҭыԥ ахь ахалара иаҿуп (1 Самуил 14:13). Уажәшьҭа Филистимаа ирбоит ари агәыԥ хәыҷ аԥхьагылаҩ бџьарла дшеибыҭоу. Аха илшома иара бџьарныҟәгаҩ заҵәык дицны агарнизон зегь аҿагылара? Нас дхагоума иара?

Мап, ари ауаҩы дхагаӡам. Иара агәрахаҵара ӷәӷәа имоуп. Уи Ионафан ихьӡуп. Ари Анцәа имаҵзуҩы иҿырԥштәы иахьа ақьырсианцәа иднарҵо рацәоуп. Ҳара иахьа аибашьрақәа ҳаҽшрылаҳмырхәуагьы, Ионафан иҿырԥшы иаҳнарбоит агәымшәареи, азиашареи, ахамеигӡареи раарԥшра шхадоу. Урҭ аҟазшьақәа ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара аизырҳара иҳацхраауеит (Исаиа 2:4; Матфеи 26:51, 52).

Азиашара злоу аԥа, насгьы игәымшәоу аибашьҩы

Ионафан уи ахьчаратә гәыԥ дзаҿагылаз еиӷьны еилаҳкаарц азы иҭаацәа ҳрабадырроуп. Ионафан раԥхьатәи израильтәи аҳ Саул иԥеиҳаб иакәын. Саул аҳас даныҟала, Ионафан ҩажәа шықәса раҟара ихыҵуазар, ма маҷк деиҳазар ауан. Излаҳбо ала, Саули Ионафани даара еизааигәан, аб иԥа зегь рыла диқәгәыӷлар илшон. Усҟан Ионафан изы иаб зоуреи зыҭбаареи наӡаз, иԥшӡаз, насгьы агәымшәара злаз еибашьҩын. Аха уи адагьы, иара агәрахаҵара ӷәӷәеи ахынраалареи злаз, иҿырԥшыгаз уаҩын. Иҟалап Ионафан еиликаауазҭгьы Иегова Саул аҳас дзалихыз. Аԥааимбар Самуил ихаҭагьы иҳәеит «жәлары зегьы рҿы дыҟаӡам иара иҩыза» ҳәа (1 Самуил 9:1, 2, 21; 10:20—24; 20:2).

Ионафан дазгәдузар акәхарын иаб дидгыланы Иегова иаӷацәа дахьрабашьуаз. Урҭ аибашьрақәа ҳаамҭазтәи амилаҭбжьаратәи аибашьрақәа иреиԥшӡамызт. Уи аамҭазы Иегова Израильаа хаҭарнакцәас иалхны иман, аха амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ажәларқәа урҭ ԥсеивгаха рырҭомызт, убри аҟынтә дара рхы рыхьчалар акәын. Филистимаа еиуеиԥшым анцәахәқәа ирымҵахырхәон, урҭ анцәахәқәа руаӡәк Дагон ихьӡын. Дара лассы-лассы Иегова ижәлар дыргәаҟуан, уимоу, рыхьӡ адгьыл аҟынтә иқәырхыр рҭахын.

Убри аҟынтә Ионафан изы аибашьра Иегова иахь азиашара аарԥшра аанагон. Иегова Ионафан дицхраауан. Саул аҳас даныҟала ашьҭахь, иԥа зықьҩык рыла ишьақәгылаз аибашьцәа ргәыԥ дахаиргылеит. Аамҭақәак рышьҭахь Ионафан иеибашьцәа иманы Гева иҟаз филистимтәи агарнизон дақәлеит. Ионафан иеибашьцәа уаҩҵас бџьарла ишеибыҭамызгьы, аӷа иқәхра рылшеит, избанзар Иегова дрыцын. Филистимаа урҭ аҭак рырҭарц азы ар ду еизыргеит. Саул иеибашьцәа даара ишәеит. Шьоукы бналеит, насгьы рҽырҵәахит, иҟан аӷа иганахь ииасқәазгьы! Аха Ионафан имаз агәымшәара ицәымӡӡеит (1 Самуил 13:2—7; 14:21).

Астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәоу амш аҽны Ионафан иабџьарныҟәгаҩи иареи алагер маӡала иалҵит. Урҭ Михмасҟа идәықәлеит, уи ианазааигәаха Ионафан иабџьарныҟәгаҩ игәҭакы изеиҭеиҳәеит. Дара Филистимаа реибашьцәа иаразнак ирбаратәы игылоит. Шәхал ҳәа рарҳәар, уи Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа иадыргахоит. Абџьарныҟәгаҩ дақәшаҳаҭхеит. Иҟалап иара агәымшәара ирҭазар Ионафан иажәақәа: «Иегова акгьы иԥырхагахом аӡәырҩы, ма аӡәык-ҩыџьак рыла ауаа реиқәырхара» (1 Самуил 14:6—10). Ииҳәарц ииҭахызи иара?

Ионафан Инцәа ибзианы дидыруан. Хымԥада, иара идыруан уаанӡа Иегова ижәлар дышрыцхраауаз хыԥхьаӡарала акырӡа иреиҳаз раӷацәа риааира. Анцәа аӡәы заҵәык ихы даирхәар илшоит, ижәлар аиааира риҭарц азы (Аӡбаҩцәа 3:31; 4:1—23; 16:23—30). Убри аҟынтә Ионафан еиликаауан Анцәа имаҵзуҩцәа аиааира ргоу-ирымгоу зхьыԥшыз аибашьцәа рхыԥхьаӡареи, рымчи, бџьарла реибыҭашьеи акәымкәа, рыгәрахаҵара шакәыз. Ионафан игәрахаҵара ауп игәазҭазҵаз зегьы Иегова инапы анҵара. Иара иҭахын Анцәа ихаҭа иӡбарц иабџьарныҟәгаҩи иареи аҳәаахьчаратә гәыԥ иақәлару-иақәымлару. Ионафан иалихит адырга, Иегова дышрыцу деилиркаарц азы. Иегова иҟынтә ацхыраара шиоуа анеиликаа, иара гәымшәарала ддәықәлеит иаӷацәа дырҿагыларц азы.

Ишԥааԥши Ионафан игәрахаҵара? Актәи, иара Инцәа Иегова иахь иҵаулоу аҳаҭырқәҵара ааирԥшуан. Иара идыруан Зегьзымчу Анцәа игәҭакы наигӡарц азы ауаа рыцхыраара шиҭахым, аха убри аамҭазгьы гәык-ԥсыкала имаҵ зуа рыцхраара шигәаԥхо (2 Ашықәсынҵа 16:9). Аҩбатәи, Ионафан иҭахын аӡбара идикылаанӡа Иегова уи дазыразу-дазыразыму еиликаарц. Иахьа ҳара Анцәа иҟынтә адыргақәа ҳрышьҭаӡам, иара ҳусқәа дшырзыҟоу еилаҳкаарц азы. Ҳара иҳамоуп идоуҳала иаԥҵоу Иажәа Абиблиа; иароуп Иегова игәаԥхара аилкаара иҳацхраауа (2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Иҭаҳҵаауама ҳара инарҵауланы Абиблиа ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа? Ааи акәзар, Ионафан иеиԥш Анцәа игәҭакы анагӡара ҳхатә гәаҳәарақәа раасҭа ишхадоу ааҳарԥшуеит.

Абар агәымшәара злоу аибашьҩы иабџьарныҟәгаҩи иареи амарда иаҿаланы ирласны аҳәаахьчаратә ҭыԥ ахь ахалара иахьаҿу. Филистимаа уажәшьҭа еилыркааит ишрыжәлоз, убри аҟынтә ауаа рышьҭит урҭ ирҿагыларц азы. Филистимаа хыԥхьаӡарала еиҳан, уи адагьы, астратегиатә ҭагылазаашьа бзиа рыман, убри аҟынтә аџьабаа мбакәа, аиааира ргоит ҳәа ргәы иаанагон. Аха Ионафан Филистимаа аӡәаӡәала рҭархара далагеит. Ишьҭалан ицоз иабџьарныҟәгаҩ ихәны иҟаз ишьуан. Арҭ аҩыџьа дгьыл ҿаҵак аҿы ҩажәаҩык аӷацәа ириааит! Аха Иегова уи аҿы даанымгылаӡеит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Адәаҿы иҟаз алагер зегь, насгьы аҳәаахьчаратә гәыԥ аҿы иҟаз ауаа зегьы ашәара рызцәырҵит; ақәылаҩцәаҵәҟьагьы шәаны аҵысра иалагеит. Адгьыл ҵысит, Анцәа Филистимаа зегьы рцәа иҭаирӡыӡеит» (1 Самуил 14:15).

Ионафан иабџьарныҟәгаҩи иареи Филистимаа рҳәаахьчаратә ҭыԥ иажәлоит

Саул ицыз ахацәеи иареи харантәи ирбеит Филистимаа рыҩныҵҟа аилаҩынтра шыҟалаз, насгьы дара-дара шеиҿагылаз (1 Самуил 14:16, 20). Израильаа уи агәымшәара рнаҭан қәыларагьы ицеит, иҟалап иԥсны икажьыз Филистимаа рабџьарқәа рхы иадырхәозҭгьы. Уи амш аҽны Иегова ижәлар аиааира ду риҭеит. Уи аахижьҭеи Анцәа иҽимыԥсахӡеит. Ионафани зыхьӡ ҳзымдыруа иабџьарныҟәгаҩи реиԥш ҳаргьы Анцәа ҳиқәгәыӷуазар, иҟаҳҵаз алхра ахаан ҳахьхәӡом (Малахиа 3:6; Римаа рахь 10:11).

«Иара... Анцәа дицын»

Ионафан еилыкка ибон ари аиааира рызҭаз Иегова шиакәыз, аха Саул изы ус ҳазҳәом. Иара агха ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Саул Иегова иалихыз аԥааимбар дизымӡырҩӡеит, иара алевит Самуил инеигараны иҟаз акәырбан неигеит, уи азы азин шимамызгьы. Самуил Саул иҿы даннеи, иеиҳәеит иара имӡырҩра иахҟьаны иаҳра хара ишзымнеиуаз. Иара убас Саул иеибашьцәа аибашьрахь ианишьҭуаз, дымхәыцӡакәа абас дқәит: «Дшәиуп, саӷацәа рҿаԥхьа сшьа зуаанӡа, ихәлаанӡа ача зфаз!» (1 Самуил 13:10—14; 14:24).

Саул иажәақәа рыла иубарҭоуп иара иҽеим аганахьала иҽшииԥсахыз. Илшарызма ахынраалара злаз, доуҳала ишәыз ауаҩы абас еиԥш зхы-зыԥсы мацара иашьҭоу уаҩны аҟалара? Иегова агәымшәара злаз аибашьцәа ас еиԥш ихшыҩдоу адҵа рыдиҵарымызт, ус анакәха, уи Саул ихы иҭиҳәааит. Ирхаҳҳәаар ҳалшозеи Саул иажәақәа «саӷацәа рҿаԥхьа сшьа зуаанӡа»? Игәы иаанагозма ари аибашьра иара итәуп ҳәа? Иҟалап Саул ихашҭзар Иегова ииашара ашьақәырӷәӷәара еиҳа ишхадаз, ашьоуреи, ахьӡ-аԥша арҳареи, аиааира агареи раасҭа?

Ионафан издырӡомызт иаб дышқәыз. Аибашьра ашьҭахь иара дааԥсаха дышнеиуаз, абнаҿы ашьхымзаҭра ибеит, уи илабашьа ааҭишьын, ацха агьама гәеиҭеит. Иара иаразнак ибеит имч шҭалаз. Усҟан аибашьцәа руаӡәк иаб иҟаиҵахьаз адҵа атәы иеиҳәеит. Аха Ионафан иҳәеит: «Саб ари адгьыл агәаҟра азааигеит. Шәахәаԥш сылақәа шаатыз, маҷк ацха анысфа ашьҭахь. Ишԥабзиахоз ажәлар раӷацәа ирцәыргаз аҟынтә иахьа акы рфазҭгьы! Аха уажәы Филистимаа рҟынтә иҭаҳархаз маҷуп» (1 Самуил 14:25—30). Иара диашан. Ионафан азиашара аазырԥшуаз аԥа иакәын, аха иара изиашара лашәӡамызт. Иара дымхәыцӡакәа иаб ииҳәоз-ииуаз зегь дақәшаҳаҭхомызт. Ионафан агәеилых бзиа ахьимаз азы ауаа пату иқәырҵон.

Саул еиликааит Ионафан ацха шифаз, аха уеизгьы иара иҟаиҵахьаз адҵа шиашамыз аҳәара иҭахымхеит. Уи аҭыԥан, иԥа дыԥсыр ауп ҳәа иӡбеит! Ионафан иаб ажәа имакра даламгаӡеит, насгьы дрыцҳаишьарц димыҳәаӡеит. Иара дазхиан иҟаиҵаз азы аҭак аҟаҵара, гәымшәаралагьы иҳәеит: «Уажәшьҭа сыԥсыр ауп». Аха ажәлар Ионафан идгылеит. Дара ирҳәеит: «Ионафан иоума аԥсра зыхәҭоу — Израиль аиааира ду азаазгаз? Иҟалараны иҟам уи аҩыза! Иԥсы ҭоуп Иегова, ихыцәхәыцкгьы адгьыл иқәҳаӡом, избанзар иара иахьа Анцәа дицын». Иҟалазеи анаҩс? Саул ауаа ирҳәаз дазхәыцит. Абиблиаҿы иануп: «Убасала ажәлар Ионафан деиқәдырхеит, убри аҟынтә дымԥсӡеит» (1 Самуил 14:43—45).

«Уажәшьҭа сыԥсыр ауп»

Ионафан агәымшәара злаз, зхы иамеигӡоз ауаҩ иеиԥш деицырдыруа дҟалеит. Иара иԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагыла, уаанӡа ирҳаз ахьӡ бзиа деиқәнархеит. Ибзиахон ҳаргьы ҳазхәыцыр: «Иарбан хьӡу дасу есыҽны иҳарҳауа?» Абиблиаҿы иануп ахьӡ бзиа ахә даара иҳаракуп ҳәа (Екклезиаст 7:1). Ионафан иеиԥш Иегова иҿы ахьӡ бзиа ҳарҳауазар, иааҳакәыршаны иҟоу ауаа пату ҳақәырҵалоит.

Анаҟә еилачуеит

Акыршықәса Ионафан иаб дидгыланы деибашьуан, уи зныкымкәа ииашам аӡбарақәа шидикылозгьы. Шәхаҿы иаажәг Ионафан ицәаныррақәа иаб аԥагьара злоу, аҳәатәхамҵара аазырԥшуа уаҩны дшыҟалоз анибоз! Саул еиҳа-еиҳа деицәахон, Ионафангьы акгьы изыҟаҵомызт.

Иегова Амаликаа рықәхразы Саул адҵа анииҭа ауп иара имӡырҩра еиҳа ианааԥшыз. Ари ажәлар даара ихәымган, убри азоуп Моисеи ихаангьы Анцәа изиҳәахьаз урҭ наунагӡа ишықәыххо (Ақәҵымҭа 17:14). Саул урҭ рырахә ықәихырц, иара убас аҳ Агаг дишьырц азгьы адҵа иҭан. Агәымшәара злаз Ионафан дызлахәыз уи аибашьраҿы Саул аиааира игеит. Аха Саул Иегова дизымӡырҩӡеит, иара Агаг димшьӡеит, насгьы зыхә ҳаракыз амали зегьы иреиӷьыз арахәи ихьчеит. Аԥааимбар Самуил Саул иеиҳәеит Иегова иқәыӡбаратә жәабжь: «Уара Иегова иажәа мап ахьацәукыз азы, иаргьы мап уцәикит, аҳас уҟамларц азы» (1 Самуил 15:2, 3, 9, 10, 23).

Иаарласны Иегова Саул иԥшьоу адоуҳа имихит. Анцәа ицхыраарада данаанха, иара дгәамҵ-хамҵуа дҟалеит, лассы-лассы иԥсахы еибакуан, насгьы ашәара ҭаха инаҭомызт. Иегова Саул иҽеим адоуҳа, мамзаргьы агәазыҟашьа, дацәимыхьчаӡеит (1 Самуил 16:14; 18:10—12). Шаҟа игәы инархьуази Ионафан зеиԥшыҟамыз иаб еиҳа-еиҳа дшыбааԥсхоз ахьибоз! Уи дамыхәаԥшӡакәа, Ионафан Иегова имаҵ шиуц иуан. Иара иҽазишәон ишилшоз ала иаб ицхраара, зны-зынлагьы иаартны диацәажәон. Аха раԥхьаӡа иргыланы иара изы еиҳа ихадан зҽызымԥсахуа жәҩантәи Иаб Иегова игәаанагара (1 Самуил 19:4, 5).

Шәақәшәахьоума зныкыр абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа: бзиа ижәбоз ауаҩы, иҟалап шәҭаацәара аҟынтә аӡәы иаалырҟьаны дузымдырыртә еиԥш иҽиԥсахит? Ари аҩыза анубо, даара угәы унархьуеит. Ионафан иҿырԥштәы иаҳгәаланаршәоит ԥыҭрак ашьҭахь аԥсаломшәаҳәаҩ ииҩыз ажәақәа: «Сани саби саанрыжьызҭгьы, Иегова сидикылон» (Аԥсалом 27:10). Иегова еснагь азиашара ааирԥшуеит. Иара шәидикылоит, зегь иреиӷьу Абысгьы дышәзыҟалоит, ауаа даара шәгәы ндырхаргьы.

Ионафан идыруазар ҟаларын Иегова Саул аҳра имихырц шиӡбаз. Ишԥаидикылеи уи иара? Дазхәыцхьазма Ионафан зныкыр иара зеиԥш напхгаҩыс дҟалар илшоз? Имазма агәаҳәара иаб иҟаиҵаз агхақәа рыриашаразы? Иҭахызма Анцәа изиашаз, аӡырҩра аазырԥшуаз аҳас дҟаларц? Ҳара уи адырра ҳалшом, аха иаҳдыруеит ус ишыҟамлаз. Иаанагома нас уи Иегова изиашоу имаҵзуҩы дихашҭит ҳәа? Мап. Уи инеиҳангьы, Ионафан иҿырԥштәы ала Иегова иҳаилиркааит азиашара аазырԥшуа аҩыза дызусҭоу. Ионафани Давиди реиҩызара иазкны Абиблиа иану аҭоурых егьырҭ аҭоурыхқәа инарылукаартә иҟоуп! Анаҩстәи астатиаҿы уи аӡбахә ҳалацәажәоит.