Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

ШӘАҾЫԤШЛА УРҬ РЫГӘРАХАҴАРА | ИОНАФАН

«Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит»

«Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит»

Аибашьра нҵәеит, Ил аԥшаҳәаҿгьы аҭынчра ҟалеит. Шьыбжьышьҭахьтәи аԥшалас анасуаз аамҭазы аибашьратә лагер аҟны аҳ Саул асасцәа идикылон. Уа иҟан иара иԥеиҳаб Ионафани хҭыск еиҭазҳәоз ахьча қәыԥши. Уи агәацԥыҳәара аазырԥшуаз ахьча Давид иакәын. Саул ихшыҩ азышьҭны Давид иажәақәа зегьы дырзыӡырҩуан. Иарбан цәаныррақәоу Ионафан имаз? Иара акыраамҭа ҵуан Иегова ир дрылахәижьҭеи, иара убас имаҷымкәа аиааирақәа игахьан. Аха иахьатәи аиааира Ионафан итәӡамызт, уи аиааира згаз ари арԥыс иоуп. Давид адау Голиаф дишьит! Диҵашьыцуазма Ионафан Давид, ас еиԥш иҟоу ахьӡ-аԥша ахьиоуз азы?

Ионафан ихымҩаԥгашьа ҳара уамашәа иаҳбар алшоит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Давид Саул иацәажәара даналга ашьҭахь, Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит, их еиԥшгьы бзиа дибеит». Ионафан Давид иара иеибашьыгатә маҭәахәқәа ҳамҭас ииҭеит, ахыци ахәымпали уахь иналаҵаны. Ари аҳамҭа ахә ҳаракын, избанзар Ионафан еицырдыруаз хысҩын. Уи адагьы, Ионафани Давиди аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, ажәа рибаҭеит убри нахыс реиҩызара ак аԥырхагахараны ишыҟам, насгьы еснагь ишеицхыраало (1 Самуил 18:1—5).

Абасала иалагеит Абиблиаҿы зыӡбахә ану аиҩызара бзиа. Агәрахаҵара змоу ауаа рзы аиҩызара аҵак ду амоуп. Ҳара аҩызцәа ҟәыӷарала иалҳхлар, ҳхаҭагьы еснагь ацхыраара иазхиоу ҩыза бзианы ҳҟалар, усҟан арҭ иуадаҩу аамҭақәа раан ҳагәрахаҵара арӷәӷәара ҳалшоит (Ажәамаанақәа 27:17). Шәааи игәаҳҭап Ионафан иҿырԥштәы аиҩызара закәыҵәҟьоу шҳаилнаркаауа.

Аиҩызара шьаҭас иамоу

Изыҟалома иаалырҟьаны ас еиԥш иҟоу аиҩызара? Ара аус злаз дара реиҩызара шьаҭас иамаз ауп. Шәааи иаҳгәалаҳаршәап аҭоурых. Ионафан ицәгьаз аамҭақәа раан дынхон. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа иаб, аҳ Саул, ихымҩаԥгашьа есааира еицәахон. Уаанӡа Саул ахынраалара илан, насгьы Анцәа дизиашан, аха анаҩс зхы ҳаракны изшьо, азымӡырҩра аазырԥшуа напхгаҩны дҟалеит (1 Самуил 15:17—19, 26).

Саул иҽахьиԥсахыз Ионафан агәҭынчымра изцәырнагон, избанзар иаби иареи еизааигәан (1 Самуил 20:2). Иҟалап Ионафан игәы иҵхозҭгьы Иегова иалихыз ажәлар Саул ԥырхага риҭар ҳәа. Аҳәатәхамҵара злаз аҳ ихҟьаны ажәлар Иегова ицәхьаҵыр алшон, иара убас азылԥхарақәа рцәыӡыр ауан. Ҳәарада, Ионафан иеиԥш агәрахаҵара змаз ауаа рзы уи иуадаҩыз аамҭан.

Убри аҟынтә еилукаартә иҟоуп Ионафан иқәыԥшыз Давид дзизааигәахаз. Ионафан Давид агәрахаҵара ӷәӷәа шимаз ибеит. Иаҳгәалаҳаршәап Саул иеибашьцәа адау Голиаф ишицәшәазгьы, Давид уи дшицәымшәаз. Иара Иегова ихьӡ ала аибашьра дцозар, бџьарла еибыҭаз Голиаф иаасҭа еиҳа дшыӷәӷәахоз агәра ганы дыҟан (1 Самуил 17:45—47).

Шықәсқәак раԥхьа Ионафан ихаҭагьы убас дхәыцуан. Иара агәра ганы дыҟан иабџьарныҟәгаҩи иареи бџьарла еибыҭаз агәыԥ ирықәланы рықәхра шрылшо. «Избанзар Иегова акгьы иԥырхагахом»,— иҳәон Ионафан (1 Самуил 14:6). Ишаабо ала, Ионафани Давиди ирзеиԥшыз рацәан: Иегова иахь агәрахаҵареи абзиабара ӷәӷәеи. Убри ауп урҭ реиҩызара шьаҭас иамаз. Ионафан амчра ду змаз, аҳра иахагылараны иҟаз иакәын, иара 50 шықәса дырҭагылан, Давид иакәзар, ахынраалара злаз ахьча иакәын, 20 шықәсагьы ихыҵуамызт, аха ари аиԥшымзаара реиҩызахара иаԥырхагамызт *.

Дара ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра реиҩызара ахьчеит. Ишԥа? Давид идыруан Иегова игәҭакы иара иганахьала: иара Израиль анаҩстәи аҳас дҟалараны дыҟан! Иҵәахыма иара уи Ионафан иҟынтә? Мап! Дара ирымаз аиҩызара аҩыза зырӷәӷәо гәыкала аиҿцәажәара ауп, амаӡеи амци ракәымкәа. Игәы иаанагар алшози Ионафан, Давид аҳас дшыҟало анеиликаалак? Издыруада, Ионафан игәы иҭакны имазҭгьы знымзар-зны аҳас дҟалар, иаб иҟаиҵахьаз ацәгьарақәа ықәигап ҳәа? Абиблиаҿы ианӡам Ионафан уи дазхәыцуан ҳәа. Уа зыӡбахә ҳәоу еиҳа ихадоу ауп — Ионафан иааирԥшуаз азиашареи игәрахаҵареи рыӡбахә. Иара ибон Давид Иегова идоуҳа шицыз (1 Самуил 16:1, 11—13). Убри аҟынтә Ионафан ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра дазиашан. Уи Давид диацлабуамызт, аха ҩызас диԥхьаӡон. Ионафан иҭахын Иегова игәаԥхара наӡарц.

Давиди Ионафани агәрахаҵара ӷәӷәеи Иегова иахь абзиабареи акәын еидызҳәалоз

Ари аиҩызара зылԥхара духеит. Иаҳнарҵозеи ҳара Ионафан игәрахаҵара? Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы азхәыцыр рыхәҭоуп аиҩызара шаҟа ахә ҳараку. Ҳҩызцәеи ҳареи ҳаиқәлацәамзаргьы, ҳаԥсҭазаашьа еиԥшымзаргьы, дара агәрахаҵара ӷәӷәа рымазар, анырра бзиа ҳарҭар рылшоит. Ионафани Давиди еснагь еицхыраауан, насгьы рыгәқәа шьҭибахуан. Дара ари аҩыза аицхыраара рымазар акәын, избанзар раԥхьаҟа аԥышәарақәа рзыԥшын.

Захь иаарԥштәыда азиашара?

Раԥхьаӡа Саул Давид ӷәӷәала бзиа дибон. Иара ируаагьы хадас дырхаиргылеит. Аха иаарласны Ионафан дызиааиз ашьыцра Саул ииааит. Давид Филистимаа, Израильаа раӷацәа, рықәхра даҿын, аиааирагьы игон. Уи хьӡи-ԥшеи изаанагеит. Израиль иатәыз аҳәсақәа ашәа рҳәон: «Саул зықьҩык ишьит, Давид — жәа-нызқьҩык». Саул уи ашәа игәамԥхаӡеит. «Убри амш инаркны,— ҳара ҳаԥхьоит,— Саул Давид гәрамгарҭас дикит» (1 Самуил 18:7, 9). Иара дшәон Давид аҳратә мчра имихуеит ҳәа. Аха уи ацәшәара иаԥсамызт. Давид идыруан Саул ишьҭрамдаҩ шиакәхоз, аха иара ихәыцраҿгьы иҟамызт Иегова аҳас иахаиргылаз иқәхра, иара макьана анапхгара иунаҵы!

Саул иҽазишәон Давид аибашьраҿы дҭахартә аҟаҵара, аха иара уи изалҵуамызт. Давид аибашьраҿы аиааирақәа игон, убри аҟынтә ажәларгьы уи еиҳагьы бзиа дырбон. Усҟан Саул иӡбеит иҩнаҭаҿы иҟаз имаҵуҩцәеи иԥеиҳаби ихы иархәаны Давид дишьырц. Шәхаҿы иаажәг шаҟа игәы инархьыр алшоз Ионафан, иаб иҟаиҵоз анибоз! (1 Самуил 18:25—30; 19:1). Ионафан азиашара аазырԥшуаз аԥа иакәын, иара убасгьы азиашара аазырԥшуаз ҩызан. Уажәшьҭа ицәырҵуеит азҵаара: захь иаарԥштәыда азиашара? Иарбан алхроу иҟаиҵо Ионафан?

Иара гәымшәарала иҳәеит: «Иҟаимҵааит аҳ агәнаҳа имаҵзуҩы Давид иҿаԥхьа, избанзар уара уганахьала иара агәнаҳа ҟаимҵаӡеит, иара абзиара ауп иузыҟаиҵоз. Иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы афилистим уаҩ дишьит, убас ала Иегова Израильаа зегьы аиқәырхара ду рзааигеит. Уара ари убон, уагьеигәырӷьон. Нас избан агәнаҳа зыҟауҵо, акгьы зхарам Давид ишьа зкауҭәо?» Аҟәышра аниҭааз аминуҭ азы иара Ионафан дизыӡырҩит, насгьы дқәит Давид дышиламкьысуа. Аха иара ииҳәаз наимыгӡаӡеит. Давид еиҭа аиааира анига ашьҭахь, Саул уи ашьыцреи агәыԥжәареи изцәырнагеит, убри аҟынтә аԥса игәыдиҵеит! (1 Самуил 19:4—6, 9, 10). Аха Давид Саул иҟынтәи дыбналеит.

Иҟалахьома убри аҩыза, захь иаарԥштәыда азиашара ҳәа аӡбара аншәықәшәоз? Ари алхра даара иуадаҩуп. Ҭагылазаашьақәак рҿы аӡәы ишәыҵеиҳәар алшоит шәҭаацәа шәыԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоуп ҳәа. Аха Ионафан идыруан зегь реиҳа ихадоу. Илшозма иаб иган аанкылара, Давид азиашара аазырԥшуаз, насгьы Иегова изыӡырҩуаз амаҵзуҩы шиакәыз шидыруазгьы? Ионафан аӡбарақәа анидикылоз, азиашара зныԥшуаз Иегова инапхгара дықәныҟәон. Убри азы ауп иара Давид иган зааникылаз. Ионафан изы зегь раасҭа ихадан Анцәа иахь азиашара аарԥшра, аха иара иаб иахьгьы азиашара ааирԥшит: иара Саул иеимҳәаӡеит иаҳарц ииҭахыз, аха иаартны иеиҳәеит дышиашамыз. Ҳара зегьы азиашара аарԥшраҿы Ионафан ҳаиҿыԥшлар ҳахәҭоуп.

Азиашара ахә

Ионафан еиҭа Саули Давиди еиниршәарц иҽазишәеит, аха уажәы еиҳагьы еицәахеит. Давид иҽӡаны Ионафан иахь дааит, иагьиеиҳәеит иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу. «Шьаҿак ауп аԥсреи сареи иҳабжьо!» — иҩыза иеиҳәеит. Ионафан дақәшаҳаҭхеит иаб игәы иҭоу еиликаарц, насгьы Давид адырра ииҭарц. Давид иҽиӡонаҵы, Ионафан уи ахыци ахәымпали ала аацҳара ииҭар акәын. Ионафан Давид диҳәеит иҩнаҭа иатәу рахь еснагь азиашара зныԥшуа абзиабара ааирԥшларц, «Иегова адгьыл аҟынтә Давид иаӷацәа зегьы анықәихлакгьы». Давид Ионафан агәра ииргеит еснагь иҩнаҭа иатәу дышреиҷаҳало (1 Самуил 20:3, 13—27).

Ионафан Саул даниацәажәоз, иҽазишәон Давид изы абзиа аҳәара, аха аҳ уи иԥсахы еибанаркит! Иара Ионафан «аҳәатәхамҵара злоу аԥҳәызба лԥа» ҳәа изиҳәеит, насгьы, Давид иахь имоу азиашара иҭаацәа рзы хьымӡӷуп ҳәа иеиҳәеит. Саул иҭаххеит Ионафан ихы мацара дазхәыцырц, убри аҟынтә ус иеиҳәеит: «Иессеи иԥа адгьыл аҿы дынхонаҵы, уаҳра мчгьы уаргьы шәыӷәӷәаны шәзынхом». Ионафан ари анырра инамҭаӡеит, иара еиҭа иаб иҳәара далагеит: «Избан дзушьуа? Иҟаиҵазеи иара?» Усҟан Саул иԥсахы еибакит! Иара ақәра шимазгьы макьана деибашьҩы ӷәӷәан, убри аҟынтә аԥса аашьҭыхны иԥа игәыдиҵеит! Аха имаахаӡеит. Ионафан даараӡа игәы иалсит абас дахьыладырҟәыз, убри аҟынтә игәы ԥжәан, ддәылҵны дцеит (1 Самуил 20:24—34).

Ионафан аԥышәара ӷәӷәа ихигеит

Ашьыжь Ионафан Давид иҽахьиҵәахуаз аҭыԥ азааигәара иҟаз адәҳәыԥш ахь дцеит. Ишеибырҳәаз еиԥш, Ионафан ахәымпал иршәит, уи ала Давид иеилиркааит Саул уажәраанӡагьы ишьра дшашьҭоу. Уи ашьҭахь Ионафан имаҵуҩы ақалақь ахь дишьҭит. Давиди иареи еицаанхеит, убри аҟынтә дара еицәажәарц аамҭа роуит. Рҩыџьагьы ҵәыуон, Ионафан иҩыза қәыԥш игәы хьаауа днаскьеигеит, уажәшьҭа Давид абналаҩ иеиԥш дынхалар акәын (1 Самуил 20:35—42).

Ионафан изиашара аԥышәара ахҭнагеит: уи ахбзиабара аныԥшӡомызт. Азиашара аазырԥшуа ауаа зегьы раӷа, Аҩсҭаа, даара деигәырӷьон Ионафан Саул диеиԥшхазҭгьы, насгьы иара иеиԥш ахьӡ-аԥша дашьҭалазҭгьы. Иаҳхаҳмыршҭлап Аҩсҭаа агәахәара ду шизаанаго ауаа рҿы ахбзиабара анеизирҳауа. Иара уи изалҵит ҳазхылҵыз Адами Евеи рҿы (Аҟазаара 3:1—6). Аха Ионафан иҿы иара акгьы изалымҵӡеит. Аҩсҭаа ари игәы канажьит! Ишәзыхгарызма шәара ари аҩыза аԥышәара? Ҳара ҳанхоит ахбзиабара ачымазара ҿкы еиԥш амҽхак анарҭбаа аамҭазы (2 Тимофеи иахь 3:1—5). Ахамеигӡара злаз, азиашара аазырԥшуаз Ионафан ҳара ҳзы дҿырԥш бзиоуп.

Азиашара аазырԥшуаз Ионафан иҩыза Давид адырга ииҭеит ашәарҭара иҽацәихьчарц азы

«Уара даара сгәы уақәшәон»

Саул Давид еиҳагьы дицәымыӷхо далагеит. Ионафан акгьы изыҟаҵомызт. Иара ибон ихшыҩдахаз иаб аибашьцәа еизганы атәыла зегь аҿы акгьы зхарамыз ауаҩы дишьырц азы дышишьҭаз (1 Самуил 24:1, 2, 12—15; 26:20). Далахәызма уи Ионафан? Абиблиаҿы уи аганахьала акгьы анӡам. Ионафан изы уи ҟалашьа змамыз ак акәын, избанзар иара Иеговеи Давиди дрызиашан, иара убас есқьынгьы игәалашәон ишьҭеиҵаз аҭоуба.

Иара иқәыԥшу иҩыза иахь имаз ацәаныррақәа рҽырмыԥсахӡеит. Аамҭақәак рышьҭахь Ионафан Давид ибара алшара иоуит. Урҭ Хореш еиқәшәеит. Ахьӡ Хореш иаанагоит «абнара». Уи ашьхараҿы, анеира ахьыцәгьаз ҭыԥын, иҟалап алада-мрагыларатәи Хеврон аҟынтә километрақәак бжьазҭгьы. Избан Ионафан ихы ашәарҭара иҭаргыланы ибналаны иҟаз дзиԥылаз? Абиблиа иаҳнарбоит иара агәаҳәара шимаз «Анцәа ила дирӷәӷәарц азы» (1 Самуил 23:16). Ишԥаҟаиҵеи уи Ионафан?

«Акгьы уацәымшәан»,— Ионафан иҩыза иеиҳәеит. Анаҩс иациҵеит: «Саб Саул уара уизыԥшааӡом». Избан иара ус агәра ганы дзыҟаз? Ионафан ӷәӷәала агәра игон Иегова игәҭакы шынагӡахо. Анаҩс иара иҳәеит: «Уара Израиль аҳас уҟалоит». Аԥааимбар Самуил акыршықәса раԥхьа уи аҳәара дҵас идын, уажәшьҭа Ионафан Давид игәалаиршәеит Иегова ииҳәо зегь еснагь ишынаигӡо. Ишԥеибоз Ионафан ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара? «Сара уара ушьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааныскылоит». Изакәытә хынраалароузеи иааирԥшыз! Ионафан дақәшаҳаҭын иара иаасҭа 30 шықәса рыла иеиҵбыз ауаҩы инапхгара аҵаҟа амаҵ аура, насгьы диарӷьажәҩаны аҟазаара! Аҵыхәтәаны Ионафан иҳәеит: «Сара саб Саулгьы уи идыруеит» (1 Самуил 23:17, 18). Саул идыруан Иегова анаҩстәи аҳас иалихыз аибашьраҿы дшизымиааиуаз.

Ионафан иуадаҩыз аамҭақәа раан Давид дицхрааит

Ашықәсқәа цон, аха Давид лассы-лассы игәалашәон уи аиԥылара. Уи аҵыхәтәантәи реиԥылара акәын. Лахьеиқәҵагоуп, аха Ионафан игәыӷра — Давид ишьҭахь аҩбатәи аҭыԥ аанкылара — намӡеит.

Ионафан иаби иареи Филистимаа, Израильаа раӷацәа, рабашьра иалагеит. Иара Саул дивагыланы ламысцқьарала дицеибашьуан: иаб ихымҩаԥгашьа иара Иегова имаҵ аура иԥырхагаӡамызт. Есымша еиԥш Ионафан азиашара аарԥшуа гәымшәарала деибашьуан, аха Израильаа аҵахара иаҿын. Саул убриаҟара дхәымгахеит, аспиритизм ихы иаирхәо далагеит, Анцәа изакәан инақәыршәаны, уи ҟазҵоз ашьра шиқәырҵозгьы. Убри аҟынтә Иегова Саул уажәшьҭа дизылԥхаӡомызт. Саул иԥацәа х-ҩык, Ионафангьы уахь дналаҵаны, аибашьраҿы иҭахеит. Саул ихаҭагьы дхәын, анаҩс иҽишьит (1 Самуил 28:6—14; 31:2—6).

«Уара Израиль аҳас уҟалоит,— иҳәеит Ионафан,— сара уара ушьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааныскылоит» (1 Самуил 23:17)

Давид ӷәӷәала дгәырҩон. Ари агәшаҭара злоу ауаҩы Саул ихҟьаны арыцҳарақәа рацәаны ишихигазгьы, иара изы дгәырҩон! Саули Ионафани рзы Давид илахьеиқәҵагоу ашәа иҩит. Иҟалап еиҳарак угәаҵанӡа инеиуа уи ашәа ажәақәа бзиа иибоз, дымҩақәызҵоз иҩыза изкызҭгьы: «Узџьабоит сашьа Ионафан, уара акыр усзаԥсан. Уара убзиабара аԥҳәыс лыбзиабара аасҭа еиӷьын» (2 Самуил 1:26).

Давид ахаан ихашҭуамызт Ионафан ииҭаз ажәа. Шықәсқәак рышьҭахь иара ичмазҩыз Ионафан иԥа Мемфивосфеи диԥшааит, дагьицхрааит (2 Самуил 9:1—13). Ҳәарада, Давид Ионафан иҿиҵааз рацәоуп. Иара ибон уи азиашареи ацқьареи шилаз, насгьы ауадаҩрақәа раан иҩыза дшаанимыжьуаз, уи шицәыцәгьазгьы. Иаҳдырҵозеи ҳара арҭ аҿырԥштәқәа? Иҳаԥшаауама ҳаргьы Ионафан иеиԥш иҟоу аҩызцәа? Ҳазхиоума ҳаргьы ас еиԥш иҟоу ҩызцәаны аҟалара? Ҳара ҳҩызцәа Иегова иахь агәрахаҵара аизырҳареи арӷәӷәареи ҳрыцхраауазар, зегь раԥхьаӡа иргыланы Анцәа ҳизиашазар, насгьы ҳхатә интересқәа ҳарзымхәыцкәа азиашара ааҳарԥшуазар, усҟан Ионафан иеиԥш ҳҩыза бзиахоит. Убасҟан иара игәрахаҵара ҳаҿыԥшлоит.

^ 10 абз. Абиблиаҿы раԥхьаӡакәны Ионафан иӡбахә ҳәоуп Саул анапхгара аура даналага. Иара ар реиҳабыс дыҟан, убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит уи 20 шықәса дырҭысхьан ҳәа (Ахыԥхьаӡарақәа 1:3; 1 Самуил 13:2). Саул 40 шықәса напхгара иуан. Ус анакәха, Саул даныԥсуаз Ионафан 60 шықәса раҟара ихыҵуан. Давид Саул даныԥсуаз аамҭазы 30 шықәса ихыҵуан (1 Самуил 31:2; 2 Самуил 5:4). Ус акәзар, Ионафан 30-ҟа шықәса рыла Давид диеиҳабын.