Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 2

Абиблиа агәыӷра ҳнаҭоит

Абиблиа агәыӷра ҳнаҭоит

Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ауадаҩрақәа ирықәшәоит, урҭ ирыхҟьаны ргәы рҭынчны изыцәаӡом, хьаак-хьаак рымоуп. Иҟалап шәаргьы уадаҩрак шәымазар, иаҳҳәап, шәычмазҩызар, ма ишәзааигәоу аӡә дыԥсызар. Убри аҟынтә шәхы шәазҵаауазар ауеит: «Еиӷьхома знымзар-зны ҳаԥсҭазаара?» Абиблиа ари азҵаара аҭак шыҟанаҵо еилышәкаар, уи шәгәы арҭынчыр алшоит.

1. Иарбан гәыӷроу Абиблиа иаҳнаҭо?

Абиблиа иҳаилнаркаауеит ауадаҩрақәа абысҟак изырацәоу, аха уи адагьы, уа иануп ажәабжь бзиа: иаарласны Анцәа урҭ ауадаҩрақәа зегь ықәигоит. Абиблиа иану ақәыргәыӷрақәа аԥеиԥш бзиеи агәыӷреи шәырҭар рылшоит. (Шәаԥхьа Иеремиа 29:11, 12.) Урҭ ақәыргәыӷрақәа ҳацхраауеит ҳауадаҩрақәа рыхгара, иахьа уажәнатә насыԥ ҳаманы анхара, иара убас агәра ҳдыргоит ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара бзиа шыҟало.

2. Изеиԥшрахозеи ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара, Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны?

Абиблиа иаҳәоит ҳаԥхьаҟа ҳаԥсҭазаара зеиԥшрахо. Уа иануп: «Уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом». (Шәаԥхьа Аатра 21:4.) Иахьа иҟоу ӡбашьа змам ауадаҩрақәа, иаҳҳәап, аӷарреи, аиашамреи, ачымазарақәеи, аԥсреи, уаҳа ахаангьы иҟалаӡом. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа ишынхало.

3. Агәра шәзыргар алшозеи Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа зегь шынаӡо?

Аԥсҭазаараҿы бзиарак ҟалоит ҳәа игәыӷуа рацәаҩуп, аха изықәгәыӷуа шыҟалаҵәҟьо агәра дзырго рымаӡам. Аха Абиблиа иану ақәыргәыӷрақәа зегь шыҟало агәра угартә иҟоуп. Абиблиа ибзианы иҭышәҵаалар, урҭ шынаӡо шәаргьы агәра жәгар шәылшоит (Аусқәа 17:11). Ари абиблиатә курс шәыцхраауеит Абиблиа иану ақәыргәыӷрақәа рыгәра агара иаԥсоу-иаԥсаму аилкаара.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Шәахәаԥш ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иаҳәо. Еилышәкаа Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра иахьа уажәнатә ауаа ишрыцхраауа.

4. Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ахьыҟамло наӡаӡатәи аԥсҭазаара шыҟало!

Ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоуп Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа. Иарбану шәара еиҳараӡак ишәгәаԥхо? Избан?

Урҭ ақәыргәыӷрақәа ирыҵанакуа абиблиатә жәеинраалақәа шәрыԥхьа, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ижәбома шәара ас еиԥш иҟоу агәыӷра шышәҭаху? Ирҭахума уи шәҭынхацәеи шәҩызцәеи?

Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аԥсҭазаара.

ИҞАМЛО:

ИҞАЛО:

  • Ахьааи, ажәреи, аԥсреи (Исаиа 25:8).

  • Иԥсхьоу ҿыц адгьыл аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭалоит (Иоанн 5:28, 29).

  • Ачымазарақәеи аграқәеи (Исаиа 33:24; 35:5, 6).

  • Ауаа ажәлаӡом, зегь агәабзиара рымазаауеит (Иов 33:25).

  • Аиашамра (Исаиа 32:16, 17).

  • Ауаа зегь меигӡарахда афатә рымазаауеит, аҩн бзиеи ргәы иақәшәо аусуреи роуеит (Аԥсалом 72:16; Исаиа 65:21, 22).

  • Аибашьрақәеи урҭ ирхылҿиаауа алҵшәа бааԥсқәеи (Аԥсалом 46:9).

  • Аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи ҟалоит, узыцәшәо ҳәа акгьы ҟалаӡом (Аԥсалом 37:11).

  • Ҳгәы ҳзырхьуа ахәыцрақәеи агәалашәарақәеи (Исаиа 65:17).

  • Ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи ахьыҟамло наӡаӡатәи аԥсҭазаара (Аԥсалом 37:29).

5. Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра ауадаҩрақәа даҽакала рыхәаԥшра иҳацхраауеит

Аӡәырҩы адунеи аҿы иҟоу анырбо, ргәы каҳауеит, рыԥсахгьы еибакуеит. Аҭагылазаашьа аԥсахра иашьҭоугьы ыҟоуп. Еилышәкаа аԥсҭазаара бзиа иазкны Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра иахьа уажәнатә ауаа ишрыцхраауа. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Иарбан иашамроу Рафика дзыргәамҵуаз?

  • Ишԥалыцхрааи Абиблиа, илбоз аиашамра ус ишаанхазгьы?

Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра ҳацхраауеит ҳауадаҩрақәа рыхгара, убри аҟынтә ҳгәы каҳажьӡом. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 17:22, иара убас Римаа 12:12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еиӷьхома шәыԥсҭазаара, Абиблиа иану агәра жәгар? Избан ус шәгәы изаанаго?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Абиблиа иану зегь лакәуп».

  • Избан Абиблиа иану иашоу-ииашаму шәхаҭа еилышәкаар зыбзиоу?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Абиблиа агәыӷра ҳнаҭоит, насгьы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа даҽакала рыхәаԥшра иҳацхраауеит.

Аиҭахысра

  • Избан ауаа Анцәа ҳзықәиргәыӷуа еилыркаар зрыхәҭоу?

  • Иаҳәозеи Абиблиа ҳаԥхьаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо иазкны?

  • Ишәыцхраар шԥалшо уажәнатә Анцәа ишәиҭо агәыӷра?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Анцәа иҳаиҭо агәыӷра иузымхәышәтәуа ачымазарақәа змоу ишрыцхраауа.

«Жизнь с хроническим заболеванием — может ли помочь Библия?» (авеб-статиа)

Ашәа зцу ари авидеонҵамҭа шәанахәаԥшуа, шәхаҿы иаажәг ишәзааигәоу ауааи шәареи ҳаԥхьаҟа иҟало џьанаҭ дгьыл аҿы шәынхошәа.

«Уазхәыц уи аамҭа» (3:37)

Шәаԥхьа иактивистыз аӡәы Абиблиа иаҳнаҭо агәыӷра атәы анеиликаа, иҽшиԥсахыз.

Сейчас я уже не считаю, что должен изменить мир» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2013, аурыс)