Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

BalanceFormcreative/iStock via Getty Images Plus

Егьырҭ урыцхраалар, ухы заҵәны иубалаӡом. Абиблиа иаҳәо

Егьырҭ урыцхраалар, ухы заҵәны иубалаӡом. Абиблиа иаҳәо

 Адунеи аҿы ауаа рхы заҵәны иахьырымбо тәылак ыҟаӡам. Агәабзиара ҭызҵаауа аспециалистцәа изларҳәо ала, егьырҭ абзиара рзыҟауҵалар, уи ацәанырра бааԥс уаиааир улшоит.

  •   «Егьырҭ ҳанрыцхраауа, ҳаԥсҭазаара еиҳа аҵакы аиуеит, уи абзоурала уиаҟара ҳхы заҵәны иаҳбалаӡом» (Амилаҭтә гәабзиарахьчаратә институтқәа, Еиду Аштатқәа).

 Абиблиаҿы иануп егьырҭ ҳрыцхрааларц азы иҟаҳҵалаша аганахьала алабжьара бзиақәа. Урҭ ҳацхраауеит ҳхы заҵәны ианаҳбо.

Иҟаҳҵар ҳалшо

 Агәыҭбаара аашәырԥшла. Ауаа аамҭа рыцыхгаразы аамҭа шәыԥшаала, еиҳарак лабҿаба. Ишәымоу рыцеиҩышәшала. Ишдыру еиԥш, ауаа уи ахә ршьоит, шәеиҩызцәахаргьы алшоит.

  •   Абиблиатә принцип: «Ауаа ишәымоу рышәҭала, усҟан даргьы ишәырҭалоит» (Лука 6:38).

 Шәхы шәамеигӡалан. Шәазхәыц уажәы ауадаҩрақәа змоу шәрыцхраар шшәылшо. Иаҳҳәап, хьаас ишшәымоу дырбаны шәырзыӡырҩы, насгьы иуадаҩу рыԥсҭазаара маҷк иадамзаргьы еиӷьышәтәырц азы цхыраарак рыдыжәгал.

  •   Абиблиатә принцип: «Аҩыза бзиа ианакәзаалакгьы абзиабара ааирԥшуеит» (Ажәамаанақәа 17:17).

 Аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчара иазкны еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит «Семейные узы и дружба» захьӡу астатиаҿы.