Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Хульда лхықәкы налыгӡеит

Хульда лхықәкы налыгӡеит

ШЫҚӘСҚӘАК раԥхьа шәара Индонезиа иҟоу рацәак идуум адгьылбжьаха Санги́хе шәаҭаазҭгьы, уи аԥшаҳәаҿы хҩык ҳаҳәшьцәа жәымбар ауӡомызт. Уа урҭ ззымдыруа дыҟаӡам, избанзар дара ауаа Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара ирыцхраауеит. Аха уажәы аиҳәшьцәа зынӡа даҽа усын изҿыз.

Индонезиа аҩадатәи ахәҭаҿы ишьҭоу адгьылбжьаха Сангихе

Раԥхьа дара амшын иҭаланы ахаҳә дуқәа ҭыргон. Хаҳәқәак афутбол мпыл иаҟаран. Нас аиҳәшьцәа амҿы иалхыз аҟәардә хәыҷқәа ирықәтәаны амолоток ала аус аура иалагон. Дара урҭ ахаҳә дуқәа еиҳа иссаны, кәтаӷьк аасҭа еиҵаны, иԥырҽуан. Нас уи ахаҳә апластик иалхыз аведра иҭаԥсаны амардуан иаҿаланы рыҩнқәа рахь иргон. Уа дара уи ахаҳә асакь дуқәа ирҭарыԥсон. Нас урҭ асакьқәа амашьына иақәҵаны амҩадуқәа ахьыҟарҵоз иргон.

Хульда аԥшаҳәаҿы ахаҳә еизылгоит

Урҭ аиҳәшьцәа руаӡәк Ху́льда лакәын. Абжьааԥны лара лҭаацәа рныҟәгаразы илызхаша лырҳауан. Аха лара даҽа хықәкыкгьы ықәлыргылеит — апланшет аахәара. Избанзар лара уи ала апрограмма JW Library® лхы иалырхәалар лылшон. Хульда илдыруан уи апрограммаҿы иҟоу авидеонҵамҭақәеи егьырҭ аматериалқәеи қәҿиарала ажәабжьҳәареи Абиблиа еиӷьны аилкаареи ишлыцхраало.

Иааиуаз мызки бжаки рыҩныҵҟа Хульда есышьыжь абжьааԥны аасҭа ҩ-сааҭк еиҳаны аус луан. Лара убриаҟара ахаҳә ԥылҽит, иааизугар аидарамҩангага машьына хәыҷык азна ҟалон. Убас апланшет ахә лырҳаит.

Хульда лыпланшет кны дгылоуп

«Ахаҳә аԥҽра ус мариаӡам, ҳәарада, сара цәгьала сааԥсон. Сыбаҩқәа зегь сыхьуан, — лҳәоит Хульда. Аха сыпланшет ҿыц снапы ианакы, схьаақәа зегь схашҭит! Уи ала ажәабжьҳәареи аизарақәа рҽырзыҟаҵареи еиҳа исзымариоуп». Уи адагьы, Хульда илҳәоит, апандемиа аан апланшет даара ишлыхәаз, избанзар усҟан аизарақәеи ажәабжьҳәареи авидеоконференциа ала акәын ишымҩаԥысуаз. Ҳара Хульда ҳлыцгәырӷьоит, лхықәкы анагӡара ахьлылшаз азы.