Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ижәдыруама шәара?

Ижәдыруама шәара?

Ишԥашьақәдырӷәӷәо ажәытәтәи Вавилон аилабгарақәа рҿы ирыԥшааз ақьырмытқәеи урҭ рыҟаҵашьеи Абиблиа иану зегь шиашоу?

АЖӘЫТӘТӘИ Вавилон аҿы археологцәа ирыԥшааит ақалақь аргылараан рхы иадырхәоз иӡу ақьырмытқәа рацәаӡаны. Археолог Ро́берт Ко́льдевеи излеиҳәо ала, урҭ ақьырмытқәа «анышәаԥшь бзиа ахьыҟаз, насгьы мҿыс рхы иадырхәоз ачықьқәа ахьырацәаз, ақалақь анҭыҵ» аԥечкақәа рҿы иҟарҵон.

Ажәытәтәи адокументқәа рыла иубарҭоуп Вавилон аҭыԥ дуқәа аанызкылоз ауаа урҭ аԥечкақәа ихлымӡааху аусқәа рзгьы рхы ишадырхәоз. Ажәытәтәи Ассириа абызшәеи аҭоурыхи рыҭҵааҩы, Торонтотәи ауниверситет апрофессор Поль-Але́н Больио иҩит: «Вавилонтәи хыҵхырҭақәак рҿы... иануп, аҳ адҵа шыҟаиҵоз аҿагылара шьҭызхыз, насгьы аԥшьаҭыԥқәа ишакәым ирызныҟәаз ҳәа ахара здырҵоз ауаа рыблырц». Иаҳҳәап, аҳ Навуходоносор ихаан иҟаҵаз ҩырак аҿы абри аҩыза адҵа ануп: «Урҭ ншәырҵәа, ишәыблы, ишәҷыҷы... аԥечкаҿы... алҩа рхылҵааит, амца қьоуқьад аҿы рҵыхәтәа ҟалааит».

Ари Абиблиа, Даниил 3-тәи ахаҿы, иану ахҭысқәа угәаланаршәоит. Уа ҳара ҳаԥхьоит аҳ Навуходоносор ақалақь Вавилон анҭыҵ акаршәра Деир аҿы ахьы иалхыз абаҟа дуӡӡа ширгылаз. Иқәыԥшыз хҩык ауриацәа Шадрахи, Мешахи, Аведнегои уи абаҟа амҵахырхәара мап анацәырк, Навуходоносор иԥсахы еибакит. Аҳ «аԥечка абжьааԥны аасҭа бжьынтә еиҳаны амца ҭарҵарц адҵа ҟаиҵеит», насгьы урҭ Анцәа имаҵзуҩцәа «амца ду зҭаз аԥечка иҭарыжьырц». Аха амч ду змаз амаалықь урҭ еиқәирхеит (Дан. 3:1—6, 19—28).

© The Trustees of the British Museum. Licensed under CC BY-NC-SA 4.0. Source

Навуходоносор ихьӡ зну иӡу ақьырмыт

Вавилон ирыԥшааз ақьырмытқәа рхаҭақәагьы Абиблиа иану зегь шиашоу шьақәдырӷәӷәоит. Имаҷымкәа ақьырмытқәа рҿы аҳ дҳаразкуа ажәақәа ануп. Абар жәақәак: «Навуходоносор, Вавилон аҳ... Сара, Сыҳаракыра дуӡӡа, сзы ари ахан сыргылеит... [...] Схылҵшьҭра наӡаӡа ара напхгара рулааит...» Ари аҩыра Даниил 4:30 иану иҽхәоз Навуходоносор иажәақәа ҳгәаланаршәоит: «Абар иахьыҟоу Вавилон ду, саҳра аҳҭнықалақь, уи сымч-сылшара ала исыргылеит, сыхьӡ-сыԥша дуӡӡа дсырбарц азы!»