Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ижәдыруама шәара?

Ижәдыруама шәара?

Дзықәтәази Филипп ажәабжь зеиҳәоз Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа?

АИҬАГА «Адунеи ҿыц» аҿы «аҽыуардын» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа еиуеиԥшым ауардынқәа аанарԥшуазар ауеит (Аус. 8:28, 29, 38). Аха Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа дзықәтәаз аҽыуардын аибашьраҿы ма аиԥхныҩларақәа рҿы рхы иадырхәоз аҽыуардынқәа раасҭа еиҳазҭгьы ҟаларын. Ҳрыхәаԥшып ари аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо мзызқәак.

Ефиопиа иатәыз уи ахаҵа аҭыԥ ду ааникылон, насгьы акыраамҭа амҩа данын. Иара ефиопиатәи аҳкәажә лаҳҭынраҿы аҭыԥ ду ааникылон, лмалгьы дахагылан (Аус. 8:27, албаага). Ажәытәтәи Ефиопиа иаҵанакуан иахьа Судани Египет аладатәи ахәҭеи ирыҵанакуа атерриториа. Иҟалап ефиопиатәи ахаҵа ихараз амҩа дықәнаҵы зныкымкәа дзықәтәаз атранспорт иԥсахыр акәхазар, аха уеизгьы иҭаххар алшоз амаҭәақәа рацәаны ицызҭгьы ҟаларын. Актәи ашәышықәса ҳара ҳера аан ауаа рныҟәгаразы рхы иадырхәоз атранспортқәа иреиуан ԥшь-гьежьык зҵаз ихыбны иҟаҵаз ауардынқәа. «Ус еиԥш иҟаз ауардын ала иныҟәоз ауаҩы еиҳа ирацәаны амаҭәақәа игар илшон, амҩан еиҳа дманшәалан, насгьы иҟалап еиҳа ихараз амҩа анысра илшозҭгьы», — аҳәоит ашәҟәы «Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа» иазку усумҭак аҿы a.

Филипп Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа иацәажәара даналага, уи аԥхьара даҿын. Абиблиаҿы иануп: «Филипп аҽыуардын даназааигәаха, иаҳаит уи ауаҩ [аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа] аԥааимбар Исаиа ишәҟәы дшаԥхьоз» (Аус. 8:30). Ныҟәара узлацоз ауардынқәа ирласны ицаӡомызт. Урҭ аҽыуардынқәа иццакны иахьымцоз абзоурала аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа аԥхьара ицәыцәгьаӡамызт, Филиппгьы уи дихьӡар илшон.

Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа «Филипп уааины ара усыватәа ҳәа диҳәеит» (Аус. 8:31). Аиԥхныҩларақәа рҿы рхы иадырхәоз аҽыуардын уақәгыланы уцалар акәын. Аха ныҟәара узлацоз ауардын аҿы, аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵагьы Филиппгьы тәарц азы ирызхаша аҭыԥ ыҟан.

Ашәҟәы Аусқәа 8-тәи ахаҿы иануи аҭоурыхтә фактқәеи шьаҭас иҟаҵаны ҳара Ефиопиа иатәыз аҭыԥ ду аанызкылоз ахаҵа дзықәтәаз ауардын аҵыхәтәантәи аамҭазы даҽакала аҭыхра ҳалагеит: уи аибашьраҿы ма аиԥхныҩларақәа рҿы рхы иадырхәоз аҽыуардынқәа раасҭа еиҳауп.

a Craig S. Keener. Acts: An Exegetical Commentary. 2013. Т. 2. С. 1579—1580.