Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Ашьцылара бааԥсқәа

Урҭ рышьҭыхра мариоуп, аха ркажьра цәгьоуп! Ари аҟәшаҿы шьцылара бааԥсқәак рыӡбахә ануп, насгьы урҭ рҭыԥан аҟазшьа бзиақәа шеизырҳатәу иазкны лабжьарақәак аагоуп.

Аиҿцәажәара

Ишԥаанкылатәу уҳәан-сҳәан?

Уҽалаумгалан абас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа! Иԥсах атема! Аамҭа мгакәа ак ҟаҵа!

Акы уамҽхакны уанамоу

Иҟасҵарызеи апорнографиа ахәаԥшра шьцыларас ишьҭысхзар?

Абиблиа уцхраауеит апорнографиа ииашаҵәҟьаны изакәу аилкаара.

Уԥсҭазаара аҭаҭын иахҭнумҵан!

Аӡәырҩы аҭаҭын, ма аелектронтә ҭаҭынқәа ирыхоит. Аха избан аӡәырҩы аҭаҭын ахара зкарыжьыз, ма уи карыжьырц азы ирылшо зегь зыҟарҵо? Иуԥырхагаҵәҟьоума аҭаҭын ахара?

Ишԥасылшо ахыхра аҿагылара?

Еилкаа ииашам агәазыҳәарақәа рҿагылара иуцхраауа х-шьаҿак

Аамҭа ухы ишаурхәалаша

Аусқәа есымша рахгара аганахь ала аҿар ирҳәо

Уазыӡырҩы аҿар ирҳәо уусқәа есымша иахугозар зшәарҭоу аганахь ала, насгьы аамҭа пату зақәҵалатәу еилкаа.