Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

МАШӘЫРШӘА ИҞАЛОУ, МАМЗАРГЬЫ АӠӘЫ ИШОУ?

Ублахаҵ зыргьежьуа ашәыртә мҵы ахаҵәирақәа

Ублахаҵ зыргьежьуа ашәыртә мҵы ахаҵәирақәа

 Амҵ сшьуеит ҳәа иалагахьо дарбанзаалак идыруеит уи ус ишымариам. Амҵ амацәыс еиԥш иццакуп, убри аҟынтә уи акра даара ицәгьоуп.

 Аҵарауаа игәарҭеит дрозофила захьӡу ашәыртә амҵ аибашьыгатә ҳаирплан еиԥш иаалырҟьаны иахьыԥыруа аган аԥсахыр шалшо, насгьы уи азы секундкгьы шаҭахым. «Ишиз аахыс уи аԥырра иазҟазоуп! — иҳәоит апрофессор Маикл Дикинсон.— Уи аӡҟы аибашьыгатә ҳаирплан дақәуртәар, иара иаразнак уи арԥырра далагар иаҩызоуп».

 Аҵарауаа иҭырхит ашәыртә мҵқәа ҟазарыла ишыԥыруа, насгьы игәарҭеит секундк ала дара 200-нтә рымҵәыжәҩақәа шырҟьо. Дара рхырхарҭа ԥсахны ашәарҭара иацәцарц азы знык рымҵәыжәҩақәа рҟьар азхоит.

 Шаҟа ирласны иацәцар рылшозеи дара ашәарҭара? Аҵарауаа иҭырҵааит ауаҩы знык длацәҟәаанӡа, дара 50-нтә ашәарҭара иацәцар шрылшо. «Амҵқәа ашәарҭара ахьынтәиаауа еилыркаарц азы имариам аҳасабрақәа ирласӡаны ирҳасабуеит, насгьы иарбан гану иахьыԥырша рыӡбоит»,— еиҭеиҳәоит апрофессор Дикинсон.

 Аҵарауаа иахьа уажәраанӡа ихәыцуеит: излалшозеи зыхшыбаҩ хәыҷӡоу ашәыртә мҵы абри аҩыза аҳасабрақәа рыӡбара?

Ашәыртә мҵы дрозофила ашәарҭара иацәцарц азы секундкгьы аҭахӡам

 Шәгәы ишԥаанаго? Ублахаҵ зыргьежьуа ашәыртә мҵы ахаҵәиратә лшарақәа аеволиуциа абзоурала иҟалама? Мамзаргьы уи Ҳазшаз иҟаиҵаз ак акәу?