Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Илшома Аҩсҭаа ауаа ииҭаху дырҟаҵара?

Илшома Аҩсҭаа ауаа ииҭаху дырҟаҵара?

Абиблиа иану

 Аҩсҭааи адемонцәеи ауаа анырра ӷәӷәа рырҭоит. Абиблиаҿы иануп: «Адунеи зегь Аҩсҭаа инапаҿы иҟоуп» (1 Иоанн 5:19). Абиблиа иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ауаа анырра риҭарц азы ихы иаирхәо.

  •   Амц. Анцәа Иажәа ауаа ргәазҭанаҵоит «Аџьныш ишьацҳәақәа» ирҿагылаларц (Ефесаа 6:11). Иара ауаа ижьоит имаҵуцәа Анцәа имаҵ руашәа ргәы иаанагаларц. Уи Аџьныш ишьацҳәақәа руак ауп (2 Коринфаа 11:13—15).

  •   Аспиритизм. Аҩсҭаа ауаа ижьоит амедиумцәеи, аԥшыҩцәеи, астрологцәеи рыла (Ҩынтәзакәан 18:10—12). Анаркотикқәеи, агипнози, амедитациеи ауаа рыхшыҩ ҭанарцәуеит, нас адемонцәа урҭ анырра рырҭоит (Лука 11:24—26).

  •   Амцдинхаҵара. Амцҵарақәа шьаҭас измоу адинқәа ауаа Анцәа изымӡырҩларц ргәазҭарҵоит (1 Коринфаа 10:20). Абиблиа амц шьаҭас измоу аҵарақәа адемонцәа рҵарақәа ҳәа иашьҭоуп (1 Тимофеи 4:1).

  •   Адемонцәа ауаа ианырхаԥо. Абиблиаҿы иануп адемонцәа ауаа ианырхаԥоз ахҭысқәа. Адемонцәа зхаԥаны иҟаз шьоукы лашәын, иҿаҳан, рыхгьы иазеицәоу ҟарҵон (Матфеи 12:22; Марк 5:2—5).

Ишԥаҳалшо Аҩсҭаа ишьацҳәақәа рҿамшәара?

 Ҳара адемонцәа рнырра ҳацәшәалар ҳахәҭаӡам, избанзар Абиблиа иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа ҳаиҿагылар шҳалшо.

  •   Аҩсҭаа ишьацҳәақәа ргәаҭашьа шәҵала, урҭ жәдыруазарц азы (2 Коринфаа 2:11).

  •   Абиблиа аҟынтә адыррақәа шәырҳала, нас шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәала. Абиблиатә принципқәа шәхы ианашәырхәо, Аҩсҭаа инырра аҟынтә шәхы шәыхьчоит (Ефесаа 6:11—18).

  •   Адемонцәа ирыдҳәалоу зегь наҟ икашәыжь (Аусқәа 19:19). Уахь иаҵанакуеит аспиритизм ӡырызго амузыкеи, ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, аплакатқәеи, авидеофильмқәеи.