Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Абиблиатә шәҟәқәа рыхҳәаа

Икьаҿу арҭ авидеоурокқәа рҿы иаагоуп абиблиатә шәҟәқәа ирну, насгьы ианырыҩуаз, ишырыҩуаз иазкны ихадоу аинформациа. Урҭ авидеонҵамҭақәа шәыцхраауеит еиҳа аинтерес аҵаҵаны Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи.

Абиблиа ахҳәаа

Еилышәкаа абиблиатә шәҟәқәа зегьы ихадоу темак ала ишеидҳәалоу — Иисус Христос дызхагылоу Анцәа Иаҳра ацхыраарала Иегова ихьӡ шиԥшьо.

Ашәҟәы Аҟазаара ахҳәаа

Ашәҟәы Аҟазаараҿы иануп Анцәа ауаа шишаз, насгьы агәаҟрақәеи аԥсреи зыхҟьаз.

Ашәҟәы Ақәҵымҭа ахҳәаа

Анцәа Израильаа Мсыртәи атәра аҟынтә рхы иақәиҭитәит, насгьы урҭ Анцәа ижәлар ракәны иҟалеит.

Ашәҟәы Алевит ахҳәаа

Еилышәкаа, ашәҟәы Алевит аҿы Анцәа дшыԥшьоу атәы шаҳәо, насгьы ҳаргьы ҳаԥшьазар зхадоу.

Ашәҟәы Ахыԥхьаӡарақәа ахҳәаа

Еилышәкаа, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова изыӡырҩра, насгьы иорганизациаҿы аҭакԥхықәра здиҵаз аишьцәа пату рықәҵара зхадоу.

Ашәҟәы Ҩынтәзакәан ахҳәаа

Еилышәкаа Иегова израильаа ириҭаз Азакәан ижәлар ӷәӷәала бзиа ишибоз шаныԥшуаз.

Ашәҟәы Иисус Навин ахҳәаа

Еилышәкаа израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл шыргаз, насгьы уи шыршаз.

Ашәҟәы Аӡбаҩцәа ахҳәаа

Ари аинтерес зҵоу ашәҟәаҿы агәымшәареи агәрахаҵара ӷәӷәеи аазырԥшуаз аӡбаҩцәа ирызкны иануп. Анцәа урҭ ихы иаирхәон израильтәи ажәлар раӷацәа рҟынтә еиқәирхаларц азы.

Ашәҟәы Руфь ахҳәаа

Ари аҭоурых зызку еибахаз Руфь изаҵәны иаанхаз ланхәа лахь илымаз абзиабара ауп, иара убас арҭ аҳәса Иегова дшырзылԥхаз.

Самуил актәи ишәҟәы ахҳәаа

Шәара еилышәкаауеит израильтәи ажәлар рыԥсҭазаараҿы аиҭакра шыҟалаз — аӡбаҩцәа рнапхгара аҳцәа рнапхгарала иԥсахын.

Самуил аҩбатәи ишәҟәы ахҳәаа

Еилышәкаа Давид игәрахаҵареи ихынраалареи рыбзоурала еицырдыруа, насгьы бзиа ирбо библиатә персонажны дшыҟалаз.

Аҳцәа актәи рышәҟәы ахҳәаа

Еилышәкаа Соломон инапхгара аҵаҟа иҟаз ибеиаз ишәҭыкакаҷуаз аҳәынҭқарра Израиль аиӷара зыбжьалаз ҩ-аҳракны ишыҟалаз.

Аҳцәа аҩбатәи рышәҟәы ахҳәаа

Иазгәашәҭ аҩадатәи аҳра Израиль аҿы Анцәа ицәхьаҵыз ауаа шырацәазгьы, Иегова гәыкала имаҵ зуаз ауаа уеизгьы дшырзылԥхоз.

Актәи ашықәсынҵа ахҳәаа

Еилышәкаа гәыкала Анцәа имаҵ зуаз израильтәи аҳ Давид ихылҵшьҭра, иара убас аҳас даныҟала инаркны дыԥсаанӡа иԥсҭазаараҿы дзықәшәоз аинтерес зҵаз ахҭысқәа.

Аҩбатәи ашықәсынҵа ахҳәаа

Иудатәи аҳцәа рнапхгара иазку аҭоурых еилыкка иаҳнарбоит Анцәа гәыкала изыҟазаара шаҟа ихадоу.

Ездра ишәҟәы ахҳәаа

Иегова ижәлар ириҭаз ажәа наигӡеит. Ижәлар вавилонтәи атҟәара аҟынтә ирхынҳәит, насгьы Иерусалим ицқьоу амҵахырхәара еиҭашьақәиргылеит.

Неемиа ишәҟәы ахҳәаа

Неемиа ишәҟәаҿы иануп даара ихадоу аурокқәа Ҳазшаз Анцәа иахьа имаҵ зуа зегьы рзы.

Ашәҟәы Есфирь ахҳәаа

Есфирь лхаан иҟаз ахҭысқәа агәра ҳдыргоит ҳаамҭақәа раангьы Анцәа ижәлар еиқәирхар шилшо.

Ашәҟәы Иов ахҳәаа

Иегова бзиа дызбо зегьы ауадаҩрақәа ирықәшәалоит. Иов иҭоурых агәра ҳнаргоит Иегова ҳизиашаны инапхгара ҳадгылазар шҳалшо.

Аԥсаломқәа рышәҟәы ахҳәаа

Аԥсаломқәа рышәҟәы Иегова инапхгара иадгылоит, Иегова бзиа дызбо зегьы ирыцхраауеит, насгьы ргәы арҭынчуеит, иара убас Анцәа Иаҳра адунеи аҿы иҟанаҵо аԥсахрақәа ртәы ҳзеиҭанаҳәоит.

Матфеи иҟынтә Аевангелие ахҳәаа

Еилышәкаа Аевангелиеқәа рҟынтә раԥхьатәи абиблиатә шәҟәы Матфеи аҟны иаагоу ихадоу афактқәа.

Марк иҟынтә Аевангелие ахҳәаа

Аевангелиеқәа ԥшьба рҟынтә Марк иҟынтә Аевангелие зегь реиҳа икьаҿуп. Уи ҳацхраауеит Иисус Христос Анцәа Иаҳраҿы Аҳак иаҳасабала напхгара шиуло ҳхаҿы аагара.

Лука иҟынтә Аевангелие ахҳәаа

Иарбан хҭысқәоу зыӡбахә ҳәоу Лука иҟынтә Аевангелие аҿы мацара?

Иоанн иҟынтә Аевангелие ахҳәаа

Иоанн иҟынтә Аевангелие аҿы иануп Иисус ауаа рахь иааирԥшуаз абзиабареи, имаз ахынраалареи, иара убас Анцәа Иаҳра иахагылоу Аҳ, насгьы Мессиа шиакәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

Ашәҟәы Аусқәа ахҳәаа

Раԥхьатәи ақьырсианцәа ирылшоз зегь ҟарҵон егьырҭ ажәларқәа рҟынтә аҵаҩцәа разыҟаҵаразы. Абиблиатә шәҟәы Аусқәа ҳара зегьы гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара ҳгәазҭанаҵоит.

Римаа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ари авидео иҳаилнаркаауеит Иегова атәамбара шааимырԥшуа, насгьы Иисус Христос иахь агәрахаҵара аарԥшра шхадоу.

Коринфаа рахь актәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Апостол Павел исаламшәҟәаҿы иҳәоит акзаареи, гәаԥхашәала ацқьареи, абзиабареи, аԥсҭалара агәрагареи шхадоу.

Коринфаа рахь аҩбатәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Иегова «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» имаҵзуҩцәа ргәы шьҭихуеит, насгьы дрыцхраауеит.

Галаҭаа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Павел Галаҭаа рахь исаламшәҟәы усҟан еиԥш иахьагьы ахархәара амоуп. Уи ақьырсианцәа азиашара аарԥшра ирыцхраауеит.

Ефесаа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ари асаламшәҟәаҿы иаҳәоит Анцәа гәҭакыс ишимоу Иисус Христос ила аҭынчреи акзаареи ашьақәыргылара.

Филиппаа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ҳара аԥышәарақәа раан иааҳарԥшуа ахачҳара егьырҭ рыгәрахаҵараҿы иӷәӷәаны аанхара ирыцхраауеит.

Кәаласаа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ҳара Иегова игәы иақәшәо ҟаҳҵоит, еилаҳкааз ҳхы ианаҳархәо, гәыкала егьырҭ ианранаҳажьуа, насгьы Христос инаигӡо ароли имоу амчреи ҳанадгыло.

Фессалоникаа рахь актәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Ҳара иҳахәҭоуп доуҳала ҳлахҿыхзарц, зегь еилаҳкааларц, ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәаларц, насгьы ҳгәы шьҭибахларц.

Фессалоникаа рахь аҩбатәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Павел иҳәоит Иегова имш ааихьеит ҳәа иҟаз агәаанагара шиашамыз, насгьы аишьцәа ааиԥхьоит рыгәрахаҵараҿы иӷәӷәаны иаанхаларц.

Тимофеи иахь актәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Апостол Павел 1 Тимофеи иахь иҩит, аизара иаҵанакуа аиҿкааратә зҵаарақәа ирызкны амҩақәҵарақәа риҭарц, насгьы амцҵарақәеи, аԥара бзиа абареи иацәихьчарц.

Тимофеи иахь аҩбатәи асаламшәҟәы ахҳәаа

Павел Тимофеи ааԥхьара ииҭоит гәык-ԥсыкала амаҵ иуларц.

Тит иахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Павел Тит иахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы Крит иҟоу аизарақәа рыуадаҩрақәа шыӡбалатәу аганахь ала алабжьарақәа риҭоит, насгьы аизара еиҳабацәа рзы иҟоу аҭахрақәа еиқәиԥхьаӡоит.

Филимон иахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ари икьаҿу, аха зыгәра угартә иҟоу асаламшәҟәы ахынраалареи, ақьиареи, насгьы анажьреи шхадоу аанарԥшуеит.

Ауриацәа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа

Ақьырсианра акырӡа еиҳауп, амҭанагарақәеи аныҳәарҭеи ихадоу ароль ахьааннакыло амҵахырхәара аасҭа.

Иаков исаламшәҟәы ахҳәаа

Иаков аҿырԥштәқәа рыла иҳаилиркаауеит ихадоу ақьырсиантә принципқәа.

Пиотр актәи исаламшәҟәы ахҳәаа

Пиотр ҳгәазҭеиҵоит адоуҳатә усқәа ҳарҿызарц, насгьы иҳамоу агәҭынчымрақәа Анцәа инапы ианаҳҵаларц.

Пиотр аҩбатәи исаламшәҟәы ахҳәаа

Пиотр аҩбатәи исаламшәҟәаҿы иаҳәоит ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци ҳарзыԥшнаҵы Анцәа иахь азиашара ҳахьчалар шҳахәҭоу.

Иоанн актәи исаламшәҟәы ахҳәаа

Иоанн исаламшәҟәы иҳабжьнагоит антихристцәа ҳҽырцәаҳахьчаларц, насгьы иҳаилнаркаауеит бзиа иаҳбашеи иаҳамбашеи.

Иоанн аҩбатәи исаламшәҟәы ахҳәаа

Иоанн аҩбатәи исаламшәҟәы ҳгәазҭанаҵоит аҵабырг ҳақәныҟәаларц, насгьы арҩашьаҩцәа рнырра ҳҽацәыҳахьчаларц.

Иоанн ахԥатәи исаламшәҟәы ахҳәаа

Иоанн ахԥатәи исаламшәҟәы аҟынтә еилаҳкаауеит ақьырсианцәа иҿырԥшыгоу асасдкылара шаадырԥшуаз.

Иуда исаламшәҟәы ахҳәаа

Иуда иҿаԥиҽуеит ақьырсианцәа ржьареи рыгәрахаҵара арԥсыҽреи иашьҭаз ауаа рҽазышәарақәа.

Ашәҟәы Аатра ахҳәаа

Аатра ашәҟәаҿы иануп Аҳра абзоурала адгьыли ауааи ирызкны Анцәа игәҭакы шынаигӡо атәы зҳәо иџьоушьаша абарақәа.